Гәдоуҭа закәаншьаҭада афымцацәаҳәа ирҿаку амаининг хархәагақәа рымырхлоит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг-ферма на территории технополиса "Москва"
Майнинг-ферма на территории технополиса Москва - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2021
Анапаҵаҩра
Акриптовалиута арҳара аҿагыларазы Гәдоуҭа араион ахадараҿы еиҿкаау аоперативтә штаб ақыҭақәа рхадацәа рнапы ианнаҵеит закәаншьаҭада афымцацәаҳәақәа рҽахьаԥыршьуа аҭыԥқәа рзы аинформациа еизыргаларц.

АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа амаининг азы закәаншьаҭада афымцацәаҳәа иаҿаку ахархәагақәа рымхра иазыхиоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" гәдоуҭатәи афилиал адиректор Ахра Гагәылиа.

Майнинг биткойнов рассматривается на BitFarms в Сент-Хьясинте, Квебек  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Аԥсны акриптовалиута амаининг азы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп

"Апарламент адепутатцәа ирыдыркылаз азакәан аҿы иарбоуп ахараԥсатә санкциақәа рыдагьы аҩынтәтә ҽаԥшьра ашьҭахь амаининг хархәагақәа рылгара. Уаанӡа ҳара хынтә-ԥшьынтә аобиектқәа анаҿаҳхуаз ыҟан, аха дара еиҭах рҽаԥыршьуан. Уажәтәи ауснагӡатә хра аманы иҟалароуп, избанзар амаининг адагьы афымцамчӷьычра аԥнарҟәҟәаауеит", - иҳәеит иара.

Закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара аҿагыларазы Гәдоуҭа араион ахадараҿы еиҿкаау аоперативтә штаб ақыҭақәа рхадацәа рнапы ианнаҵеит закәаншьаҭада афымцацәаҳәақәа рҽахьаԥыршьуа аҭыԥқәа рзы аинформациа еизыргаларц. Гагәылиа иҳәоит иаразнакала ақалақьи араион зегьи рыхьӡара шыуадаҩу, аха маҷ-маҷ аус аҭыԥ иқәҵахар шауа.

Аҟазауаа апроблематә ҭыԥқәа еилыркаауеит афымцацәаҳәақәа реидареи авариақәеи рыла. Аидара иахҟьаны ацәаҳәақәа былуеит, ибылуеит атрансформаторқәа.

ЛЭП Яштуха  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Аԥсны закәаншьаҭада афымцамч ахархәаразы ахара дырӷәӷәеит

Атәыла ахада иусдҵала азинхьчаратә усбарҭақәа акриптофермақәа раарԥшразы аусурақәа мҩаԥыргоит. Гагәылиа иажәақәа рыла ари алҵшәақәа аанарԥшуеит.

"Аԥсны ААР, Аԥсны АШәМ рхаҭарнакцәеи ҳареи изныкымкәа ареидқәа еицымҩаԥаагахьан, амаининг-ферма дуқәа аҿаҳххьан. Аха убри аан ахархәагақәа рылаагомызт. Уажәы ҳара аҩнқәа ҳрылаланы игәаҳҭалароуп. Уи акыр ауадаҩрақәа ацуп", - азгәеиҭеит иара.

"Амшынеиқәафымцамч" гәдоуҭатәи афилиал аҟазауаа атрансформатортә станциа маҷқәа ринвентаризациа нап адыркит.

Гагәылиа ишиҳәо ала аидара рацәа иаҵаны аус зуа атрансформатортә станциа маҷқәа рсиа шьақәыргылоуп –50-60 рҟынӡа ыҟоуп.

Иара убасгьы иҳәеит еиқәшаҳаҭрада амчхара ду змоу атрансформатор ахьықәдыргыло афидер ахала иарцәоит ҳәа.

Электрики восстанавливают линию - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2021
Логәуа: афымцатә ҳақәа ирықәу аидара шыҟац иаанхоит

"Иҟоуп аҭыԥқәа ауаа рхала атрансформаторқәа ахьықәдыргыло. Убри аҩыза аҭыԥ аман Оҭҳара ақыҭан. Ақыҭахь алашара назышьҭуа афидер ыцәон. Аӡәгьы азин имаӡам хаԥышәала аԥсахрақәа рымҩаԥгара. Уи аҟазауаа роуп иҟазҵаша", - иҳәеит Гагәылиа.

Аенергетикцәа закәаншьаҭада иқәдыргыло атрансформаторқәа ықәыргароуп, уаанӡатәиқәа дырхынҳәыроуп.

Гагәылиа игәаанагарала закәаншьаҭада аенергосистема аҽаԥшьреи акриптовалиута амаининги рҭагылазаашьа араион аҿы иуадаҩуп, аха уи иаҿагыланы ақәԥара алшоит хықәкылеи иааиԥмырҟьаӡакәеи имҩаԥгалазар.

Аԥсны Апарламент адепутатцәа рыбжьы рҭиит административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла аԥсахрақәа алагаларазы аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала хәажәкыра 31 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0