Аԥсны атәылахьчара аминистрра НАТО Амшын еиқәаҿ аҟазаара ахҳәаа анаҭеит

© Sputnik / Игорь Маслов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ порт Одессы вошли военные корабли НАТО
В порт Одессы вошли военные корабли НАТО - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2021
Анапаҵаҩра
Аҩадатлантикатә алианс Амшын еиқәаҿы аҟазаара еиҳа-еиҳа иацнаҵоит "Урыстәыла ари аҭыԥ аҿы активра ахьаанарԥшуа азы".

АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Амшын еиқәаҿы ҳаамҭазтәи арра-политикатә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ҳәа иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны арратә мчрақәа Рыштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ аполковник Вадим Кәартаа.

"Ишыжәдыруа еиԥш НАТОи Еиду Америкатәи аштатқәеи ари арегион аҿы акыр рыҽдырцыхцыхуеит. Иарбанызаалак алшара  рхы иархәаны  арахь рыӷбақәа аарышьҭуеит. Убри аан "Урыстәыла ари аҭыԥ аҿы активра ахьаанарԥшуа азы" ауп ҳәа ахырҳәаауеит ара рыҟазаара", - иҳәоит иара.

Амшын еиқәа арегион Аҩадатлантикатә алианс азы аԥыжәара амоуп ҳәа иҳәоит Кәартаа – аиҿкаара ари арегион аҿы аҟазаарала Урыстәыла агәҽанҵара анаҭоит ҳәа НАТО ахада Иенс Столтонберг иажәақәа ааго.

"Арра-политикатә ҭагылазаашьа ҳрегион аҿы адагьы адунеи зегьы аҿы ишәарҭоуп. Уи акыр иахьыԥшуп аштатқәа адунеи зегьы аҿы аԥыжәара амазаара мап ахьацәырымкуа. Дара НАТО аиԥш иҟоу аиҿкаарақәеи Украина, Қырҭтәыла реиԥш иҟоу аҳәынҭқаррақәеи рхы иадырхәоит", - иҳәоит Вадим Кәартаа.

Города мира. Лондон - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Британиа Ду Амшын еиқәахь аӷбақәа ҩба нанашьҭуеит

Иара иазгәеиҭеит ԥшьымз рыҩныҵҟа Амшын еиқәа акваториахь НАТО аибашьыга ӷбақәа жәаба шҭалахьо.

"Украинеи Қырҭтәылеи ирҭаауеит, адгылара шрырҭо аарԥшуа, аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. Аҳауатә ҵакыраҿ акәзаргьы аҭагылазаашьа уадаҩуп. Уа аҭыԥ рымоуп  аҳауатә ҵакыра азакәанқәа реилагара. Қырҭтәыла иалсуа аҳаирпланқәа Аԥсны аҵакыра хә-минуҭк еиҵамкәа иахыԥраауеит", - ҳәа иҳәеит Аԥсны арратә мчрақәа Рыштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ аполковник Вадим Кәартаа.

Ари Қырҭтәыла европатәи азеиԥш авиациатә ҵакыра иахьалахәылахаз азы аҳауатә коридор аԥсахра иамадоуп, аха  ихықәкылатәу провокациазаргьы ауеит ҳәа азгәеиҭоит иара.

"Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари азҵаара Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ишьҭнаххьеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Международные учения Sea Breeze - 2019 в Одессе - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2021
Украина гәҽанҵарыда Амшын еиқәаҟны арратә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

Мшаԥы 17 азы Урыстәыла Керчтәи аӡыбжьахалала Каспитәи афлотилиа 15 ӷба Амшын еиқәахьы иианагеит. Иара убри амш азы  Босфортәи аӡыбжьахалала Амшын еиқәахь инеиит  Аҩадатәи афлот  адесанттә ӷбақәа ҩба, аамҭақәак рышьҭахь Балтикатәи афлот аӷбақәа ҩба. Абас ала урыстәылатәи адесанттә ӷбақәа Амшын еиқәаҿы рхыԥхьаӡара 11 ак инаӡеит.

Аекспертцәа ирӡом ари зыҟаҵоу Киеа Донбас аинырратә цәаҳәахьы  ари атехникеи ахьнанаго шакәу.  Уи адагьы Аҩадатлантикатә алианс Амшын еиқәаҿы аҟазаара еиҳа-еиҳа иацнаҵоит "Урыстәыла ари аҭыԥ аҿы активра ахьаанарԥшуа азы".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0