Қьар злам ареволиуциа, ма "ажәлар рызгәаҟразы"

© SputnikШтурм администрации президента
Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амчра анапахьы аагаразы Аԥсны аамҭа-аамҭала имҩаԥысуа ахынҭаҩынҭарақәа қьар шрылам, Америкаа реимакра "аԥсуа хаҿра аман" ҳәа зылԥхьаӡо азы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аԥсны аҵыхәтәантәи ареволиуциа шықәсык ахыҵит. Аибашьра ашьҭахь имҩаԥысхьо ахынҭаҩынҭарақәа, ареволиуциақәа зегьы ибзианы исгәалашәоит, убри аҟынтә урҭ хра злоу ҳаԥсҭазаара иазаанагаз акрыҟазар сазхәыцып сҳәан…

Лампочки  - Sputnik Аҧсны
"Уаанӡатәиқәа" ирхароуп шаҳҳәоз, иахьа ҳахьыҟоу ҳааит: афымцалашара апроблема иазкны

Аҵыхәтәантәи ҳреволиуциа шықәсык ахыҵра акгьы агымкәа, Америка имҩаԥысыз 45-тәи апрезиденттә алхрақәа рылҵшәақәа реимакра иахҟьаны, Дональд Трамп идгылаҩцәа Капитолии ахәаҿы иҟоу Аконгресс илақәлан, ҳара ишыҟаҳҵалоз еиԥш, асенатцәа руадақәа инарыҩналан еилаԥыххаа иргеит. Ашьыжь ажьырныҳәа 6 рзы урҭ аазырԥшуаз афотосахьақәа феисбуктәи ацәаҳәаҿы ианаацәырҵ, азныказы ҳара ҳфотоархив акәызшәагьы ааснарбеит, ЕАА абираҟ сылаԥш иааҵашәаанӡа.

Аԥсуа револиуциақәа рахь сиасуазар, аҵыхәтәантәи ҩба- 2014, 2020 шықәсқәа рзы имҩаԥысыз акыр еиԥшуп, избанзар, атәыла иахагылаз Ахадацәа ԥхьатәара рышьҭразы рполитикатә аоппонентцәа еиҿыркааз акциақәа ирызкын.

2004-тәи ахҭысқәа сгәаласыршәозар, "Аиааира игеит Сергеи Багаԥшь" ҳәа усҟан Алхратә комиссиа хада иҳанаҳәаз иамаркуа иалагеит усҟан амчраҿы иҟаз. Акризис ду ҿеит, Аԥсны ахада иусурҭа ахыбрахь инеиразы аҩ-гәыԥк еиҿагылан, ахыбра иажәланы иалхыз ҳәа ишьаз идгылаҩцәа аҩнуҵҟа иҩналеит, (Ҳаџьымба идгылаҩцәа уаанӡа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иақәлахьан). Убри ахҭысқәа раамҭазы иҭҟьаз ахы дҭанархеит аҵарауаҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа. Лара усҟан Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба зыхьӡ иҳәаз акандидат Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа дреиуан.

Ишышәгәалашәо еиԥш, 2005 шықәсазы еиҭаҳалаҳәан алхра ҿыцқәа, аоппонентцәа Багаԥшьи Ҳаџьымбеи еидгыланы алхрақәа рахь инеит, (Ҳаџьымба ахада ихаҭыԥуаҩ иаҳасабала). Азныказшәа акризис нҵәарашәа ааҳнарбан, аха убасҟан зхы ыҵызхыз аҽеиҩшара иахьанӡагьы аҭыԥ амоуп.

Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны
Змаршәа ктәу аполитика: ахада иконцепциа иалоу аԥсуа-ақырҭуа ҭыӡшәазы ахәҭаҷ иазкны

Ҳаџьымба иакәзар иҿҳәара нҵәаанӡа 2009 шықәсазы атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ иҭыԥ ааныжьны ԥхьатәара дцоит, анаҩс аоппозициатә қәгыларақәагьы хадара рзиуеит. Аполитикцәа ирыбжьыԥсааз амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иахаҭарнакыз Ҭамара Шьаҟрыл лҭахара иазку ашьауӷатә ус уаҳагьы ахабар ыҟам, "ақьаад шкәакәа" ҳәа Багаԥшь усҟан иҳалеиҳәаз ацәаҳәа иахыԥхьаӡалахазар акәхап...

Ареволиуциақәа идеиала иззыҟало, ауаажәларра рыԥсҭазаара аиӷьтәра акәушәа иҟоуп, аха аԥсҭазаара иаҳнарҵаз ала ҳцәажәозар, мчрак ықәганы даҽа мчрак ааира, аресурс ҳәа изышьҭоу, амазара азааигәахара акәхеит.

Аҵыхәтәантәи аҩ-револиуциак мҩаԥсит ԥсыҭбарада, аха зегь акоуп, апрезидент ихыбра ашәқәеи асаркьақәеи ԥҽны рыҩналара ада изеилымгеит. 2004-тәи ахҭысқәа ртәы ҳҳәозар, раԥхьатәи Аԥсны ахада Владсиалав Арзынба икабинет еилаҟәыбаса ишьҭарҵеит, уа иҩназ ақьаадқәа еиларҩынтны, арыжәтә џьбарақәа рҿакны иахьыржәуаз акадрқәа зымбацгьы дыҟоуп сгәахәуам. Абас ҳарзыҟоуп ҳара ҳҳәынҭқарра асимволқәа.

Анаҩсан, ибзианы иаҳгәалашәо 2014-тәи ахҭысқәа ракәзар, Қырҭтәыла атәылауаа аԥсуа паспортқәа рыҭара ҿыҵгас иҟаҵаны, ауаа рацәа злахәыз акциақәа мҩаԥган. Маи 27, 2014шықәса рзы, апартиа "Жәлар ракзаара Афорум", нас урҭ ирыдгылаз "Иаку Аԥсны" уҳәа рхаҭарнакцәа, имҩаԥыргеит аизара ду.

Презентация Абхазского Народного Движения который возглавил Адгур Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Аоппозициа цәырҵит

Хымԥада, асаркьақәа еилаԥыххааны ада, даҽакала аԥсуа револиуциа шԥаҟалоз. Ишысгәалашәо ала, ахыбра аҩнуҵҟа иҩналеит адгылаҩцәа, аидысларақәа ҟалеит, аха ԥсыҭбарада еилгеит. Аԥсны ахадас иҟаз Александр Анқәаб, Апарламент аганахь ала, амҩа изылхны доурышьҭит, аурысқәа иртәыз Гәдоуҭатәи арратә базаҿ иҭыԥ ылихит акризис ыҟанаҵы. Знык аусурҭа ахыбра анаанужь, ҳара ҳҿы уаҳа хынҳәышьа шумоуа еилкаауп. Мышқәак рышьҭахь, Анқәаб лаҵарамза раԥхьатәи амш азы ԥхьатәара дцеит. Акы заҵәык, аҵыхәтәаны ишыҟалаз еиԥш, апрезидент иуада аӡәгьы иԥимҽкәа, амчра ааныркылеит аоппозициаа, нас алхарақәа мҩаԥысит.

2014-тәи ареволиуциа аидеиақәа ртәы ҳҳәозар, апаспортқәа инарыдҳәаланы ишақәнагоу аусҭҵаара мҩаԥганы, ашьауӷатә ус иақәыршәо дҳаздыруам, "атомқәа еизганы аӡбарҭаҿы ишьҭоуп" шҳаҳауаз хәышықәса цеит. Ус анакәха, ареволиуциа аҟаҵаразы Қырҭтәыла атәылауаа ҳпаспортқәа рыҭара уи баша ҵаҵӷәын. Аамҭа-аамҭала ахылаԥшратә палата ажәлар ирыланаҳәоз афинанстә еилагарақәа рҵыхәала амчра ахаҿрала Аԥсны апрокуратура акгьы алымшеит, дҵасгьы иамамызт сгәахәуеит.

Егьырахь, ахархьуаа рыԥсҭазаара еиӷьхеит аҳәарагьы акыр иуадаҩуп, ажәакала, ҳара ҳсистема аус шауц иауан. 2004 шықәса раахыс ҷан-ҷаны еибафоит амчреи аоппозициеи "ажәлар рызгәаҟра" ахьӡҵаны.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа ртәыла…

Хәышықәса еиԥмырҟьаӡакәа иалхыз Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иоппонентцәа иқәдыргылон иџьбараз азҵаатәқәа, имҩаԥыргон еиуеиԥшымыз акциақәа, амҩаркра, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ажәлара, абарбалбылра уҳәа еиуеиԥшымз аполитикатә хҭысқәа мҩаԥысуан, аха Ҳаџьымба ииулак зныктәи иҿҳәара наигӡеит. Уи аамҭазы, мааныла дыриааины Аԥсныҟа дхынҳәхьан, депутатсгьы далырххьан Александр Анқәабгьы, иара убас, 2014 шықәса кандидатс иқәгылаз Ҳаџьымба иоппонент Аслан Бжьаниагьы Апарламент аҿы дыҟан, иеиԥмырҟьаӡакәа аполитикатә қәԥарагьы мҩаԥигон еидыз аоппозициатә мчқәа ҵәатәышьаҟасгьы дрыман.

Ажәакала, хәышықәса аполитикцәа ҳгәы дырҿыӷьуамызт, уажәы-уажәы иааиҿаххуан. 2019 шықәсазы ҳазыԥшын Аԥсны ахәбатәи ахада иалхра. Абас ҳашнеиуаз, ицәырҵит ахԥатәи ареволиуциа ҵаҵӷәыс иаиуз, апрезидентрахь акандидат ҳәа аоппозициаа зықәгәыӷуаз Аслан Бжьаниа "ахәшә иҭаны даԥырырхырц изныҟәеит" ҳәа мшаԥы 19, 2019 шықәсазы ицәырҵыз ажәабжь. Иаалырҟьаны, игәы бааԥсхеит Аслан Бжьаниа. 2019 шықәсазы абри ахҭыс аҵыхәала алхрақәа ирнахан, аха Бжьаниа игәабзиара ахьыуашәшәыраз иахҟьаны дагхеит алхратә компаниа. Аоппозициатә мчқәа кандидатс дықәдыргылеит Алхас Кәыҵниа. Нанҳәа 25 рыҽны имҩаԥысит алхрақәа. Аиҭаҳәарагьы аҭахым, уи алҵшәақәа еимактәыс ишыҟалаз, алхрақәа рзы азакәан а-19 –тәи ахәҭаҷ аҿы "аӡәгьы дысҭахым" захьӡыз ацәаҳәа еизнагаз абыжьқәа ахьыргара анырмоу. Абри иахҟьаны, усҟан бжьыла еиҳахаз Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара шымҩаԥигахьазгьы, Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы аус иамн 2019 шықәса алхрақәа рылҵшәа.

Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара - Sputnik Аҧсны
Алхрақәа реиҭашәара, мамзаргьы Аԥсны аполитикатә цәқәырԥара

Аоппозициаа рхада Аслан Бжьаниа иакәзар, акырынтә иҳәахьан, иара дшадымгыло мчыла амчрахь анеира, азакәан амҩақәа рыла аҭыӡшәа аӡбара дшадгылаҩу. Абҵара 22, 2019 шықәсазы Аҟәа ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҽнышьыбжьон хҩык ауаа иреихсит- ҩыџьа "аӷьычцәа нагақәа" ирхыԥхьаӡалаз Асҭамыр Шамбеи Алхас Аҩӡбеи иаразнак рыԥсҭазаара иалҵит, ақьафурҭа аусзуҩ Доминика Ақырҭаа ԥыҭк ашьҭахь, ахәшәтәырҭаҿы. Ари акыр игәаӷьуацәаз, акыр имӡышәаз хҭысын. Зегь реиҳа ихлымӡаахыз, уи иалахәын "Аԥсны ахада дзыхьчоз ауааԥсыра" ҳәа ицәырҵыз аверсиа. Усҟантәи ахҭысқәа рахь сгьежьуазар, Аԥсны ахада иаразнак ари аус ақәҿимҭит, ашәарҭадара амаҵзуара аилазаара еизиимгеит. Иҭахаз Шамбеи Аҩӡбеи ргәакьацәа аԥсуа револиуциа ҵәатәышьаҟас иаҵагылеит.

Ганкахьала Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы алхрақәа рылҵшәа аҩынтә раан иахәаԥшуан, даҽа ганкахьала апрезидент иусурҭа аԥхьа ажәлар еизаны ԥхьатәара дцарц азы акциақәа мҩаԥыргон. Аӡбарҭаҿы аӡбамҭа адкылаха роуаанӡа, ашәқәеи асаркьақәеи ааилаԥыххааны, уаанӡа ишыҟарҵалац еиԥш, апрезидент иусурҭа ҭыԥ аоппозициатә мчқәа иааныркылеит, Ҳаџьымба иусурҭа ҭыԥ аанижьит, аӡбарҭагьы "алхрақәа рылҵшәа аԥырхуп" ҳәа аӡбамҭа аднакылеит.

Абасала, ажьырныҳәа 12, 2020 шықәсазы Рауль Ҳаџьымба ирезиденциа иакәшан игылаз ажәлар ирыларҳәеит ԥхьатәара дышцаз. Арҭ ахҭысқәа ҵаргәас дроуит "Сан-Ремо" аҿаԥхьа зҭынха дыршьыз Ахра Аҩӡба, Аслан Бжьаниа данаиааи "адунеижәларбжьаратәи аусқәа рзы бжьгаҩыс" иигаз, иахьазы ԥхьатәара ицахьо.

Аиҭалхрақәа рызхәыцра, ма амчра анапахьы аагара абизнес план ианеиԥшу - Sputnik Аҧсны
Аиҭалхрақәа рызхәыцра, ма амчра анапахьы аагара абизнес план ианеиԥшу

Уажәшьҭа сырзаҭгыларц сҭахуп, аҵыхәтәантәи ареволиуциа ҵаҵӷәыс иаҵаз ҩ-хҭыск – Аслан Бжьаниа ахәшә иҭара, "Сан-Ремо" аҿаԥхьа иҟалаз ауаҩшьра. Рыҩбагьы иахьазы рыӡбахә ҳаҳауам. Аслан Бжьаниа иакәзар, "иранасыжьит" иҳәеит ахәшә изҭаз, дара рхаҭарақәа шьақәыргылам, аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз. Ауаҩшьрақәа ртәы акәзар, апрокуратура уи азы макьана иҿыцу акгьы ҳанамҳәацт. Абасала, ареволиуциақәа рымҩаԥгаразы рхы иадырхәо атемақәа аамҭа аӡыбылра иагарашәа збоит. Аслан Бжьаниа далырхаанӡа, идгылаҩцәа "уи ахәшә иҭара аус ҭҵаатәуп, ари иаанаго ҳагәқәа ашҳам рыҭароуп" зҳәоз, иахьа азҵаатәы ргәаладыршәом. Ауаҩы ахәшә иҭаны иаԥырхра аҽазышәара - игәаӷьыуацәоу цәгьоуроуп, ус анакәха, уи ҭҵаатәуп, ацәгьара ҟазҵазгьы даарԥштәуп.

Ԥсаҭала ҳцәажәозар, иахьатәи амчра аамҭа уадаҩ иақәшәеит. COVID-19 аҽарӷәӷәеит, ҳабнақәа абылра иалагеит, ҳалашара амч каҳаит, аекономика акәзар ихьысҳан усгьы, ажәакала, амчра иалуго хаара-бзара ыҟамкәа акризис ду ҳанҭагылеит, аҿкычымазра захьыз рыхәышәтәра акыр ахарџь ду аҭахны. Абиуџьет акәзар, урысшәала еилацәажәо ҳдепутатцәа ирыдрымкылеит, ҵыԥхтәи ацәынхақәа рыла ашықәс ҿыц ҳанҭалеит.

Қьарс иалоузеи нас мчыла апрезидентцәа ахҳәаны, мамзаргьы, ақәыӷәӷәара ду ҟаҵаны, ахархьуаа рхы иархәаны ҳполитикцәа имҩаԥырго ареволиуциақәа? Макьаназы сара сзы иҵакыдоуп ари аҩыза аҳәынҭқарра аргылара. Зегь реиҳа ишәарҭоуп ажәлар реиҿаргылара, аҳәынҭқарра асимволқәа рԥыххаара .Апрезидент иуада иҩналаны аҵыхәтәантәи ареволиуционерцәа имҩаԥыргаз аԥхасҭа, аселфиқәа уҳәа, уи ҳара ҳҳәынҭқарра ахаҿра еицанамкуазар уаҳа бзиак иазҳәам. Апрезидент иуадагьы, аус ахьиуа ахыбрагьы иара ихатәӡам, уи Аԥсны ахада иусурҭа ҭыԥуп. Ахадацәа рҽрыԥсахуеит, ҳара ҳхымҩаԥгашьа аҭоурых идамыӷаны иазынхоит, ҳаӷацәа ргәы иаахәоит, зынӡа ҳнибарҵәаргьы рзеиӷьуп.

Ажьырныҳәа 6 рзы Америка имҩаԥысыз ахҭысқәа рфотосахьақәа Facebook аҿы ианцәырҵ, ҳхаҿра ишеиԥшыз еилыркааит аԥсуаа. "Аԥсуаа Вашингтон инеима?", "Аԥсуа десант США" уҳәа, акыр рхы иахлафааит аԥсуаа. Аиумор змо, зхы ахлафаашьа здыруа ыҟазар, ҳҳәынҭқарра аԥеиԥш амазар ауеит сгәахәит сара сахьаԥхьоз, убри алагьы сгәы ҟычо. Зегь реиҳа исгәаԥхеит "Ковид-19 иахҟьаны иаԥҵоу аԥкрақәа рҵыхәала америкаа дара ртәылаҿы ареволиуциа мҩаԥыргар акәхеит" ҳәа сзыԥхьаз алаф.

Входные двери в здание парламента  - Sputnik Аҧсны
Аҿар рреволиуциа, мамзаргьы зегьы ирҭахуп агәҭаны аиара

Аиашазы, дара рнапы ахьымнеиуаз ыҟамызт ҳәа зегь дара гәҩарас ишрымаз, ареволиуциа ацәаара ргәашә иаалагылт ЕАА анапхгара. Даара иџьасшьаз, дара иртәу аинформациатә хархәагақәа рҿы "Трамп идгыларазы ари ҟазҵаз аурысқәа роуп" ҳәа рполитикцәа ицәырыгаз атема ауп. Иаҳәац аҳәоит рымҳәои. Урҭ ирыхьлакгьы аурыс ибз аҵоуп ҳәа азырҳәоит.

Аҵыхәтәантәи аԥсуа револиуциа иахыҵит шықәсык. Иҵыхәтәантәихар бзиан, избанзар, аԥсҭазаара иҳаилнарrааит ажәлар уи қьарс ирзалоу акгьы шыҟам. Иахьа аҿкычымазра аҽахьарцәгьаз азы, аԥкрақәа ирыцҵоуп жәабран 10-нӡа. Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа ақьафурҭақәа рҿы инеиужьны ишазгәарҭоз сазааҭгылозар, амчра акыр иԥсыҽуп, иҭрыжьуа ақәҵарақәа рхылаԥшра аус аҿы. Асоциалтә ҳақәа рҿы иаҳбоз авидеонҵамҭақәа ишьақәдырӷәӷәоит апрезидент иҭижьыз ақәҵара акашәа имбакәа, ақьафурҭақәа рҿы агәырӷьаратә хәылԥазқәа шымҩаԥысуаз. Аҵыхәтәантәи аинформациа ҳаԥшны ҳцәажәозар, ҳҳақьымцәа иаарзышьҭымхуа аҟынӡа ачымазцәа рацәаҩхеит, ашықәс ҿыц ҳанҭала раԥхьатәи жәымшы рыла 19-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Ҽаанбзиала даҽа зныкгьы Sputnik Аԥсны аԥхьаҩцәа, агәабзиара шәоуааит зегьы!

Ажәабжьқәа зегьы
0