Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара ахәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Сельма Базба Вечер памяти первого президента Абхазии Владислава Ардзинба
Вечер памяти первого президента Абхазии Владислава Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи ахада, амилаҭтә ԥхьагыла Владислав Арӡынба лаҵара 14 рзы 76 шықәса ихыҵуазаарын.

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik, Селма Базԥҳа. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара ахәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа, иара ихьӡ зху  Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеи аҿы.

Президент Абхазии Владислав Ардзинба. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2020
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи

Владислав Арӡынба 76-шықәса ихыҵра иазку ауснагӡатәқәа ирылаган амузеи аҿы афотоцәыргақәҵа аартрала. Арахь иааган еиуеиԥшым аамҭақәа рызтәи иԥсҭазаара узырдыруаз афотосахьақәа.

"Афотоцәыргақәҵа "Владислав – Иацы. Иахьа. Уаҵәы" имшира иазырхоуп. Ацәыргақәҵа  аартын 2020 шықәсазы, дыԥсижьҭеи 10 шықәса аҵраан. Зынӡа еидкылоуп 70 фотосахьа. Аҟотоцәыргақәҵа аус ауеит лаҵара 12 инаркны", - лҳәеит амузеи адиректор Мзиа Беиа.

Амузеи анапхгара ақәгәыӷуеит архивтә материалқәа ахарҭәаара алшап ҳәа.

Абри ашьҭахь имҩаԥган Аԥсны жәлар ракзаара Афорум еиҿнакааз агәалашәара ахәылԥаз. Еизаз дыргәаладыршәон раԥхьатәи ахада.

Аԥсны жәлар ракзаара Афорум ахантәаҩы Аслан Барцыц иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Владислав Арӡынба Аԥсны аҿиараҿы хәызмаӡам илагала.

"Ҳара иаҳуалуп уи иҭынха арҿиара, иусумҭақәа ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзеиқәырхара", - иҳәеит иара.

Ауаажәларратә усзуҩ Владимир Занҭариа иқәгылараҿы далацәажәеит амилаҭ рызҵаараҿы Арӡынба хьаҵра шизымдыруаз.

"Владислав Арӡынба ибзоураны адунеи иадырит Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа. Иара цәшәарак имаӡамкәа Қарҭ имҩаԥнагоз аполитика атәы иҳәон", - азгәеиҭеит Занҭариа.

Аԥсны Афырхаҵа Апполон Шьынқәба Арӡынба иналукааша аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнак иоуп ҳәа иҳәеит.

"Владислав иҟазшьаҿы еилаӡҩон ахәыҷы иҟәымшәышәреи ахаҵа игәымшәареи. Марттәи ажәылараан зԥацәа ҭахаз анацәа ирҳәон – урҭ рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит ҳәа. Уи аҩыза агәыӷьра рызҭаз Владислав иоуп", - иҳәеит иара.

Владислав Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ракадемик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа алахәыла, иҭиҵаауан Азиа Маҷ ажәытә уааԥсыра, ҷыдала ахаттцәеи ахеттцәеи рҭоурых.

Ԥхынҷкәынмза 24, 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхуеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Убри инаркны далагоит аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак дахагыланы уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.

Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә хеилак, аамҭакала Аԥсны архәҭақәа Рыдҵаҟаҵаҩ хадас дыҟан.

1994 шықәса, абҵара 26 рзы В.Г. Арӡынба далырхуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы жәлары зегьы рыбжьыҭирала ҩынтәны деиҭалырхуеит.

Владислав Арӡынба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара.иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкыра 4 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0