Адгьылбжьарамшынтә акәуақәа Лӡаа ақыҭанхацәа хылаԥшра шрырҭо

© Foto / Саида ЖибаСухопутные черепахи в Пицунде
Сухопутные черепахи в Пицунде - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2021
Анапаҵаҩра
Акыр шықәса ҵуеит, Ашәҟәы ҟаԥшь иану Лӡаа иуԥыло адгьылбжьарамшынтә акәуақәа Аԥсни, Урыстәылеи рҵарауаа рыҭҵаара иаҿуижьҭеи. Ақыҭанхацәагьы акәуақәа рпопулиациа иагымхарц азы рылаԥш рхуп. Аԥстәқәа ишрыхӡыӡаауа еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи анхаҩы, абиолог қәыԥш Умар Џьакониа.

Лаҵарамза 23 рзы адунеижәларбжьара акәуақәа рымш азгәарҭоит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Адгьылбжьарамшынтә акәуақәа адунеи атәылақәа жәпакы рҟны иуԥылоит. Амшын Еиқәа аҿықәан акәзар, (араҟа иҟоу наукала Никольски икәуақәа, Чиквитаӡе ихкыхәҭа ҳәа иашьҭоуп) Анапа инаркны Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра ауп рнызарҭа (ареал). Аха уеизгьы, Аԥснытәи аҳауа дара еиҳа ирнаалоит. Избанзар ишԥеилкаатәу, Лӡаа ахәыҳаракырақәа рҿы рхыԥхьаӡара арацәара, Краснодартәи атәылаҿацә зегьы аасҭа.

© Foto / Саида ЖибаЛӡаатәи акәуа
Адгьылбжьарамшынтә акәуақәа Лӡаа ақыҭанхацәа хылаԥшра шрырҭо - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2021
Лӡаатәи акәуа

"Адгьылбжьарамшынтә акәуақәа рыҭҵааразы жәашықәса инеиԥынкыланы лаҵарамзазы, Нижни Новгородынтәи Лӡааҟа даауан аҵарауаҩ, азоолог Марк Пестов. Иареи сареи ҳанеибадыр Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет, абиологиатә факультет аҿы аҵара сҵон. Иалсхыз азанааҭ анеиликаа, иҭҵаарақәа срылаирхәуа далагеит. Акәуақәа реиҿартәышьа, рцәеижьхәҭақәа, ршьаԥхыц, рҵыхәа, ирықәу амса хагьежьааны ауреи, аҭбаареи ҳшәон, рҟазшьаҷыдарақәа, рныҟәашьа, уҳәа рыԥсҭазаара амҩаԥысшьа хәҭа-хәҭала еилҳаргон. Адыргақәа раҳҭон, ақьаад аҿы иаҳарбон. Адырҩашықәсазы, мамзаргьы ҩба-хԥа шықәса рышьҭахь иаҳԥыхьашәар рыҽшеиҭаркуаз гәаҳҭон", - иҳәоит Лӡаатәи акәуақәа рыҭҵаара иалахәыз абиолог Умар Џьакониа.

Савелий Читанава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2019
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа Аԥсны Ашәҟәы ҟаԥшь аҭыжьра иазкны

Арԥыс иажәақәа рыла, Лӡаа ахәыҳаракырақәа рацәоуп. Шықәсык аԥхьа хәык аҿы ирбоз акәуа, иҟалон адырҩашықәсазы даҽа хәык аҿы ианырбоз. Уи иранаҳәон реиҭаҵшьа зеиԥшраз.

Адгьылбжьарамшынтә акәуақәа Аԥсны егьырҭ аҭыԥқәа рҿы иаҳԥыхьашәеит ҳәа аҵарауаа адырра анрырҭоз, урҭ аҭыԥқәа рыҭҵаарахьы ицон, аха ауаа аӡмахтә акәуақәа ирыцәҩашьозаарын. Ажәакала, ашәҟәы ҟаԥшь иану адгьылбжьарамшынтә акәуақәа Лӡаатәи абнара ауп рыԥсҭазаара иазыманшәалоу.

"Акәуақәа Лӡаа ақыҭанхацәа руҭрақәеи, рашҭақәеи рҿы ианырбогьы ыҟоуп. Зны-зынла амшын аԥшаҳәаҿгьы улаԥш иҵашәоит. Аха уи зыхҟьо атуристцәа ныҟәара ианцо, алада илбааргоит ауп. Ақыҭаҟны аԥсшьаҩцәа здызкыло зегьы, рысасцәа агәҽанҵара рырҭоит абнахь ихалозар, акәуақәа иркьымсырц. Ирарҳәоит урҭ Ашәҟәы ҟаԥшь ишану. Аха ҟазшьалеи, хәыцшьалеи ҳаиԥшым аҟнытә, џьоукы-џьоукы аҳәатәы иацныҟәом. Ажәакала, ақыҭауаа арҭ акәуақәа рнапаҟны ианааилак, имаашьакәа абнахь иганы иоурыжьуеит", - еиҭеиҳәоит Умар.

© Foto / Саида ЖибаЛӡаатәи акәуа
Адгьылбжьарамшынтә акәуақәа Лӡаа ақыҭанхацәа хылаԥшра шрырҭо - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2021
Лӡаатәи акәуа

Аҭыԥантәи анхацәа Лӡаатәи аҳаракырақәа рахь шәарацара машьынала ихалозаргьы, амҩақәа ирыцклаԥшуеит акәуақәа рыгьежьқәа ирыҵамхарц. Уимоу абнақәа анхырҟьогьы амца ацрарҵаӡом. Акызаҵәык иқәызхуа аҳәақәа роуп. Акәуақәа аӡынра адгьыл ҭыжааны иҵалозаргьы, егьырҭ ԥынҵала ицәаӷәаны иҵырхуеит, ирфоит. Ибзиашәа ас еиԥш иҟоу афактқәа маҷӡаны иуԥылоит. Ажәакала, аԥсабаратә ӷацәа иаразы ирацәаӡам.

"Акәуақәа, жьҭаарамза аҽеиҩшамҭаз аӡынтәи ацәара рҽазыркуеит, иааԥшуеит мшаԥымза анҵәамҭазы. Уажәы дара иршыкьымҭоуп, рымч аҭаҵара иаҿуп. Насгьы ианҿио аамҭоуп. Акәуақәа рыкәтаӷьқәа анԥхьаркуа, еиҳа аԥхарра рылсыр арцынақәа ылҵуеит, (32 градус) градусқәак рыла еиҵызар (28 градус) – абаӷьқәа. Абас аинтерес змоу афактгьы ыҟоуп", - иажәа иациҵоит абиолог.

Умар Џьакониа иҳәеит, аҳәаанырцәтәи аҵарауаа разгәаҭарақәа рыла, Краснодар атәылаҿацә абнарақәа рҟны кәуак убарц азы, сааҭла уеимдароуп ҳәа. Лӡаа акәзар, 30 минуҭ рыла 10-15 цыра уԥылоит. Уажәааны аҿиара иаҿуп азы, хԥа-ԥшьба еицны иануԥыхьашәогьы ыҟоуп.

Акәуа дуқәа роура 30 сантиметр инаӡоит.

© Foto / Саида ЖибаЛӡаатәи акәуа
Адгьылбжьарамшынтә акәуақәа Лӡаа ақыҭанхацәа хылаԥшра шрырҭо - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2021
Лӡаатәи акәуа

Адгьылбжьарамшынтә акәуақәа рбаразы Умари сареи амшын аҩаӡараҟнытә ҩышә метра Аҵангәара ҳәа изышьҭоу (хара имгакәа уи аҭоурыхгьы шәыдызгалоит) ахәы ҳанхала, (дара 100 - 400 метра амшын аҩаӡараҟынтә ахәқәа рҿоуп иахьамоу) лабҿаба игәасҭеит урҭ шырацәаз. Иаҳԥыхьашәеит азоолог Марк Пестов "134-тәи" адырга зиҭаз. Умар иажәақәа рыла, амса иалубаауаз ақәратә мацәазқәа иаадырԥшуан уи 10 шықәса шахыҵуаз.

Алақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2017
Аԥстәқәа рыхьчаҩ: Аԥстәқәа рышьра ахаангьы агуманизмра аҵам

"Ақәратә мацәазқәа уаныржьогьы ыҟоуп. Избанзар амацәаз ҿыцқәа анцәырҵуа, ажәытәқәа аамҭа анцо ианыҵуеит. Убри азы, ари жәашықәса ахыҵуеит сҳәоит, аха уи аԥхьаҟа иҵегь амацәазқәа анны, ианыҵзаргьы ауеит. Акәуа ақәра ашьақәырӷәӷәара мариам. Амала амса еиҳа аиқәаҵәара иамҽханакуазар, уи иуанаҳәоит акыр шахыҵуа", - аԥстәы амаӡақәа сзааиртит Умар.

Абна ҳаланаҵы, раԥхьатәи 15 минуҭ рыла исԥхьаӡеит акәуақәа быжьба. Руакы даара ишәарӡыӡон. "Иарцыназар ҟалап" ҳәагьы ҳахлафааит. Ажәлар рҿы "акәуа ццакӡом" рҳәоит, аха ари "арцына" еилҟьа-еилӷәыцәӡа иҟан. Иҩуа иандәықәла, афото аҭыхра сахьӡомызт азы, авидеокамера аҿаскит, иара уи аус сагьақәӡуан, сшьапы ахьсыргылоз збозма, аобиектив сышкылыԥшуаз ажрагьы сҭаҳаит. Умар сгәысҽаниҵеит акәымзар, анаҩс руакы снапаҟны ианааныскыл, ишәаны аӡшьаргьы аунажьит, сааигәара иаазгазҭгьы саҟьашьуан.

Шьҭахьҟа ақыҭахь ҳаналбаауаз, амҩа аԥхьа аҳаскьын иамцкласуа итәан даҽа кәуа дукгьы. Амала уи иақәыз амса ҭыԥқәак рҿы аԥақәа  чымазара аман. Сгәы снархьшәа аниба, Умар иҳәеит амса хыхьтәи аҽыҭ аҽарыцқьара шазҷыдароу. Егьырҭ иаҳбаз зегьы рымса цырцыруа ирықәын.

Лӡаатәи акәуақәа рыҭҵааҩы Марк Пестов игәамбзиара иахырҟьаны хышықәса ҵуеит Аԥсныҟа дмааижьҭеи. Аха иара Умар изааицҳаит, алшара шааиоулак арахь амҩа дшықәло.

Иазгәаумҭарц залшом Умар истуденттә аамҭазы иоуз аԥышәа ишалҵшәахаз аҵара даналгоз адгьылбжьарамшынтә акәуақәа ирызкны идипломтә усумҭа қәҿирала ахьчара. Наҟ-наҟ имазеиу аспециалист ихаҭа аҿар адыррақәа риҭаларгьы ауеит.

Сара Аԥсны тәылауаҩык иаҳасабала, Лӡаа ақыҭанхацәа иҭабуп ҳәа расҳәоит рыԥсабара иахьеиҷаҳауа азы. Ашәҟәы ҟаԥшь иану адгьылбжьарамшынтә акәуақәа араҟа еиқәханы иахьыҟоу, насгьы аҳәаанырцәтәи аҵарауаа ааны иҭырҵаартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥызҵаз егьа умҳәан дара роуп.

Аҵыхәтәаны иацысҵарц сҭахуп Умар иаб иашьа Ерик Џьакониеи иареи аинкубатор ала абнакәытқәа (афазанқәа) ылхны, иааӡаны ахәыҳаракырақәа рҿы ишоурыжьуа, абнара ԥсаатәла идырбеиарц азы. Аха уи атәы анаҩстәи санҵамҭаҿы…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0