Зны-зынла азанааҭ ухәыҷраан ииуеит: аветеринар Алхас Дбар иҭоурых

АЛХАС ДБАР
АЛХАС ДБАР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥымза аҵыхәтәантәи асабшазы адунеи аҿы иазгәарҭоит аветеринар изанааҭ амш. Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит дшыхәыҷызнатә ари азанааҭ алхра згәы иҭазкыз, ҩажәа шықәса инареиҳаны Гагра араион аветеринартә ҳақьым хадас аус зуа Алхас Дбар иҭоурых.

Ҩажәа шықәса раахыс, адунеи атәылақәа жәпакы рҟны, мшаԥымза аҵыхәтәантәи асабшазы иазгәарҭоит аветеринар изанааҭ амш. Аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи рыхәшәтәреи, реиқәырхареи иазынархоу амедицинатә занааҭ ашәышықәсақәа ирықәлоуп. Ашьаҭа аауеит Франциантәи, иара уброуп раԥхьатәи аветеринартә школ ахьаартхазгьы. Ари иҷыдоу азанааҭ ауаҩы баша иалихуам, "ҳашьцәа еиҵбацәа" рахь агәыбылра имамкәа. Иахьа Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит дшыхәыҷызнатә ари азанааҭ алхра згәы иҭазкыз, ҩажәа шықәса инареиҳаны Гагра араион аветеринартә ҳақьым хадас аус зуа Алхас Дбар иҭоурых.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

- Алеи ацгәи реиԥш еицынхоит ҳәа зырҳәои?

- Ала ашҭа иқәуп, ацгәы аҩны иҩноуп. Ашьыцра, ауаҩ иахь ахыбаара… Убри азоуп изеинымаало, аха еицнымхар ада ԥсыхәа рымам. Амала еидызкыло акоуп ауаҩ иахь ҵҩа змам абзиабара! - абас ҳаицәажәара ахы аҳаркит аветеринартә ҳақьыми сареи.

"Ацхь уагааит", мамзаргьы аԥсуаа ацгәы ишазыҟоу>>

Алхас Дбар Пицундатәи абжьаратә школ №2 даналга, 1988 шықәсазы дҭалоит Саратовтәи Азооветеринартә институт. Ари азанааҭ арԥыс баша иалимхит. Иара дшыхәыҷызнатә аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи бзиа ибон. Аиҳарак алақәа рахь агәыбылра иман.

"Абыжьбатәи акласс аҿы сантәаз, ҳамҭас исырҭеит ирландтәи асеттер ахылҵшьҭра иатәу аласба. Уи убас бзиа избон, адгьыл иқәмыргылакәа исааӡон. Аха аԥстәы иахәҭаз алаҵа ҟаҵамызт аҟнытә ичмазаҩхеит. Сара стәала, насгьы адуцәа сразҵаауа аиқәырхара салагеит, аха иамуит. Сла снапы ишакыз аԥсы ахыҵит. Хымԥада, ари ахьаа сарцәомызт, акраамҭагьы имцаха сгәы иҵан. Убасҟан иагьысыӡбеит иансызҳалак аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи рҳақьымс сҟалоит ҳәа", - аветеринар изанааҭ шалихыз игәалаиршәоит Алхас Дбар.

Қәҿиарала аԥшьабтәи акурс аркны, аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рзы аҩныҟа иааз Алхас, 1992 шықәсазы иашьцәеи, иҩызцәеи дрывагыланы иԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ауп аветеран иҵара анхиркәша.

Саида Оҭырԥҳа: саныхәыҷыз инаркны аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи бзиа избоит>>

"Аинститут афакультет ҿыцқәеи, ахырхарҭақәеи рыҽдырҭбааит аҟнытә, Аҳәынҭқарратә ветеринартә медицинеи абиотехнологиеи Ракадемиа ҳәа иҟалеит. Насгьы Асовет Еидгыла хабгалахьан азы, атәым ҳәынҭқаррантәи иааз астудент иаҳасабала аҵара иацысҵарц сылшон, сзанааҭ иадҳәалаз усбарҭаки сареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьазар. Усҟан исықәҿиеит. Уамак аԥышәа шсымамызгьы ветеринарс аусура срыдыркылоит Акинологиатә центрк аҟны", - еиҭеиҳәоит Алхас.

Ари Ацентр аҟны, Алхас Дбар аветеринариаҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа иирҟаҵеит, аусура дыздызкылаз Дмитри Кривоножкин. Раԥхьаӡа анемец ахьчала ажәла иатәыз ала ауп иихәышәтәызгьы.

Щенок  - Sputnik Аҧсны
Ари аҩыза сымбацт: кыр аамҭа ласбак шысзымааӡаз

"Ентерит захьӡу аҿкы чымазара змаз, зыхә ҳаракыз анемец ахьчала ахәышәтәразы иааргеит. Хымԥада, сдыррақәеи, сԥышәа хәыҷи схы иархәаны иахәҭаз агәаҭара иахсыжьит, ахәшәқәа ылызҩааит. Аԥстәы ашьапы ианықәгыла сыԥсы ааиқәаҳаит. Ауаҩы имоу ахьаа иҿы иаирҳәоит, аха аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рыла ҭраа, рхьаа рзымҳәо иануҿаԥшуа ачҳара уадаҩуп. Урҭ рҿаԥхьа, аветеринар изанааҭ аналух, иуду аҭакԥҳықәра ҳаракӡоуп", - иҳәоит аҳақьым.

Алхас Дбар иҵара хырқәшаны Аԥсныҟа данаа, аусура далагоит Гагратәи аџьармыкьаҿы, асанитартә експертиза амҩаԥгаҩс. Анаҩс, 1994 шықәсазы, Гагра араион аветеринартә ҳақьым хада ихаҭыԥуаҩс дҟарҵоит. 1999 шықәсазы Алхас Дбар Гагра араион аҟны Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура аҳақьым хадас дшьақәдырӷәгәоит, убас иааникылоит аветинспектор хада имаҵурагьы. Аибашьра ашьҭахьтәи иуадаҩыз аамҭақәа рзы, ахәшәқәа шмаҷызгьы, излауаз ала имчқәа еизыркәкәаны Лӡаа, Алаҳаӡы, Ԥсахара, Ацитрустә совынхара, Цандрыԥшь Гьечрыԥшь, Сальма иҟаз арахәааӡарҭақәа быжьба ицхыраара рыдигалон.

Абас 21 шықәса раахыс Алхас Дбар инапхгарала Гагра араион аҟны аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рхылаԥшреи рыхәышәтәреи мҩаԥысуеит.

Акамбашь - Sputnik Аҧсны
Быжьшықәса ибжьаӡны иҟаз: зыҩныҟа амҩа зхамышҭыз акамбашь Бақәыль аҭоурых

"Аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны, ашьапархь (ящур), ааԥкра, ажәзҩеи, аимҳәацәгьеи рзы хәыда-ԥсада алаҵақәа ҟаҳҵоит. Егьырахь, амырзеи (чума), ентерити, бруцеллиози, гепотити уҳәа рзы агәырқәа макьана амалаҳәа иҟаҳҵартә еиԥш алшара ҳамам. Ҳветеринартә маҵзураҟны аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи рзы апрепаратқәа рацәоуп. Убас иҳамоуп аԥҟарҭагьы. Алақәеи, ацыгәқәеи арыцқьара рзыҟаҳҵоит, рлымҳақәеи, рҵыхәақәеи ԥаҳҟоит. Ашәарыцараҟны ахәрақәа зауз алақәа, амашьына иаҵашәаз аԥстәқәа аоперациақәа рзымҩаԥаагоит. Сара исывагыланы аус руеит иахьагьы уаҵәгьы узықәгәыӷша аветеринарцәа ҿарацәа Евгениа Колоковеи, Алиас Смыри", - ҳәа инаҵишьит аветеринартә ҳақьым хада.

© Foto / Саида ЖибаГагратәи аветеринартә маҵзура
Зны-зынла азанааҭ ухәыҷраан ииуеит: аветеринар Алхас Дбар иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аветеринартә маҵзура

Алхас Дбар иазгәеиҭеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, ауаа раагарҭақәа аныҟала, инырҵо ишалагаз зыхә ҳараку, ажәла бзиа змоу аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи. Аиҳарак ақалақьуаа, алақәеи, ацыгәқәеи аархәоит. Урҭ рахьтә иҟоуп ԥсыцқьарыла аԥстәы ныҟәызго, аха убасгьы згәы адԥҵәаланы ахәшә аҭаны изшьуа, мамзаргьы иԥшәымаданы иоузыжьуа.

Џьапуа еиҭеиҳәеит аҩнытә ԥстәқәа рыхьчаразы алаҵақәа шхымԥадатәиу>>

"Џьоукы-џьоукы ауаа реилкаара уадаҩуп. "Имодоуп" ҳәа, мамзаргьы рсоциалтә ҭагылазаашьа аӡыргаразы инырҵоит ажәла бзиа змоу алақәеи, ацыгәқәеи. Аха рбара ианацәаашьо, аԥстәы агәнаҳа рықәырҵоит. Иаҳҳәап, ала ажәла шарпеи ҳәа иҟоуп. Уи арҽырсҭрақәа рацәаны иамоуп аҟнытә, лассы-лассы абжьарақәа рыцқьатәуп, икәабатәуп. Аԥшәмацәа иацәаашьаны агәхьаа анырымклак, аԥстәы афҩы ҵысуеит. Нас, иаҳҭахым ҳәа ма ахәшә аҭаны иршьуеит, мамзар иԥшәымаданы иоурыжьуеит", - ҳәа игәалақәа дырзааҭгылоит аветеринар.

Ала Џьек - Sputnik Аҧсны
Апассаџьыр Џьек 25 мааҭ шахысшәааз, мамзаргьы Федиа сыҵкы ахә шахҭнысҵаз

Алхас Дбар иҳәеит, аԥшәма аԥстәы ниҵаанӡа, уи иақәнагоу ахылаԥшра изаҭо-изамҭо дазхәыцроуп ҳәа. Алеи, ацгәи ахшыҩ рымамзаргьы, ринтеллект иднардыруеит ауаҩы икаижьыр, мамзаргьы иакәым акы рзиур шиҭаху. Убри аҟнытә, ҳнапы иаҳаршьцыло зегьы рҿаԥхьа аҭакԥхықәра иҳаду дырны, агәнаҳа ҳхы иаҭәаҳамшьап.

Аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи ауаа реиԥш еиуеиԥшым ачымазарақәа рыхьуеит, амашәырқәа ирықәшәоит. Иҟоуп зыхәшәтәра алымшогьы. Усҟан аԥшәма аԥстәы, ма аԥсаатә мгәаҟырц азы, дара аветеринарцәа рхалагьы ирҳәоит, ахәшә аҭаны иаҳшьып ҳәа. Аха иҟоуп, аныҟәгара ҳалшом ҳәа ашьра рықәызҵуа.

"Издыруа ԥҳәыск, ақәԥаратә жәла иатәу ала питбуль аалхәарц лыӡбеит. Усҟан, сара лгәы лҽанысҵеит уи аҟазшьа ҷыда шамоу, алеишәа шымариам. Ажәакала дахьсырхәырц сыӡбеит, заанаҵы ишылзымбоз здыруан аҟнытә. Лара сажәақәа лхахьы иаамгакәа, ала лыманы дааит. Шықәсык ашьҭахь, ишысҳәахьаз еиԥш илзымбжьаз ала аԥхасҭа ҟанаҵо иалагеит. Амч зықәхоз агәылацәа рыԥстәқәеи, рыԥсаатәқәеи ашьит. Аԥшәма гәыбӷан лоуа даналага, ахәшә аҭаны иаԥырхтәуп, баша сузымӡырҩит ҳәа сышә даалагылеит. Згәы бзиаз ала ашьра мап шацәыскуазгьы, аԥҳәыс данысҟәамҵ, иаргьы цас ауашәа аӡәгьы идимкылазт, изгәаӷьит аԥсы ахызхуаз агәыр алаҵара. Сцәа сыҭӡыӡаауа ашприц анадыскыла, схы сцәымӷахеит, аха сызхьамҵит. Уи аамҭазы аԥшәмагьы лыԥсы лылышәшәаны саԥхьа дкаҳаит. Лхы аҭыԥ аҿы ианааи, аҵәыуара далагеит, уажәшьҭа измаҭәази акәымзар", - иахьа уажәраанӡа игәы еихьызшьуа ахҭыс далацәажәоит Алхас.

Ала зааӡо идыруазароуп ииашаны ишбжьатәу. Ацәгьара ҟанаҵар, иаразнак иахьирхәыроуп, уи аамҭазы ицәцар, нас ҩба-хԥа сааҭ рышьҭахь иԥҟеит ҳәа акагьы аанагаӡом.

Савелий Читанава  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷыҭанаа: Аԥсны ада адунеи аҿы иуԥымло, иззымҳауа аҵиаақәеи аԥстәқәеи ауаа идырдыртәуп

Аветеринар еиҭеиҳәеит, ақыҭанхамҩа знапы алаку, арахә, аԥсаса уҳәа зааӡо ацәама ахәшә, насгьы аҿкы дзмырхьуа апрепаратқәа шрылаҵатәу аамҭа-аамҭала. Шықәсык ҩынтә адиагностика шырзымҩаԥгатәу. Аха рыцҳарас иҟалаз, аԥстәқәа ачымазара иннырҵәо иалагаанӡа аветеринар идҵаало ауаа маҷҩуп. Хымԥада, иҟоуп зынӡа зыхәшәтәра алымшо аҿкқәагьы. Африкатәи амырза мацара, 2007 шықәсазы ҳтәылаҟны шьаҭанкыла аҳәақәа ықәнахит. Иара адунеи ибзианы иадыруа ажәзҩагьы аҿкы, адгьыл аҟны 40 шықәса ицәазар ауеит. Асовет еидгыла ианаамҭаз аҳаиуанԥсыжырҭақәа аҵакырақәа рзалхны иҟан, аҳәынҭқарраҟнытә хылаԥшра ӷәӷәагьы ахын.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа иаҳдырбоит, арахә ахьгәарҵша аҭыԥқәа ахьмаҷхаз азы, адәы ишанхалаз. Уахьынаԥшааԥшуа иумбарц залшом ажәхьақәа агәамсамҭрақәа ирхагыланы ишҳәуа, ргәабзиара иаԥырхагоу ацрыҵқәа лбаадо.

Алхас Дбари, аветеринарцәа ҿарацәеи асааҭ ҩбанӡа аклиникаҟны иҟазар, егьи аамҭазы ақыҭақәеи, аҳаблақәеи рахь иҭыҵны аус руеит. Еилдыргоит ахьара зцәыуадаҩу ажәқәа, аџьмақәа, ауасақәа уҳәа. Агәырқәа рыларҵоит аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны, иара убас еиуеиԥшым ачымазарақәа змоу аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рхәышәтәуеит.

Аԥсны иҟам азакәан аԥсаатәқәа мҿыӷрала рызныҟәаразы аҭакԥхықәра удызҵо>>

Аԥсаатә ирыхьуа аҿкқәагьы рацәоуп. Зегь раасҭа иуԥыло аҟыит ауп. Акәҷарақәа 21 мшы анырхыҵлак ацәама ахәшә рыҭатәуп, убас амикроб ықәызхуа ахәшәқәа. Урҭ рыхкқәа рацәоуп аҟнытә аветеринар идҵаалатәуп.

Аветеринарра - ижәытәӡатәиу занааҭуп. Лиудовик XV-тәи иаԥшьгарала Франциа иаартыз раԥхьатәи аԥстәқәа рҳақьымцәа рышкол ала ашьаҭа аауеит рҳәоит. Аха аҭоурых иаҳнардыруеит, уи иҵегь иҵаулоу адацқәа шамоу. Ауаҩы адәы данықәнагала, арахә, ашәахә анидикыла нахыс ахы ыҵнахит уҳәар алшоит.

© Foto / Саида ЖибаГагратәи аветеринартә маҵзура
Зны-зынла азанааҭ ухәыҷраан ииуеит: аветеринар Алхас Дбар иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аветеринартә маҵзура

Жәларбжьаратәи аветеринартә ҳақьым имш 2000 шықәса инаркны иазгәарҭо иалагеит, Адунеизегьтәи аветеринарцәа Рассоциациа аԥшьгарала. Хықәкысгьы иамоуп аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи реиқәырхараҿы, рзеиԥш ус иалнаршо аӡыргара.

Иацу

Аветеринартә ҳақьыми сареи ҳаицәажәонаҵы, исгәалашәеит саныхәыҷыз сан изсеиҭалҳәахьаз жәабжьк.

Алхас Конджариа - Sputnik Аҧсны
Алхас Канџьариа: ашәарыцара уанцо, уҿы уаԥшны уцәажәароуп

Ҷкәынак бзиа иибоз ила чмазаҩхан, агәаҟра иалагеит, "ишьы, иаргьы уаргьы шәҭынчхоит" ҳәа шиабжьыргозгьы, изымгәаӷькәа ус абнараҿы иоуижьит. Адырҩаҽны иӷзуа ҵлак ашьапаҟны ишьҭаз ала шәарыцаҩ қәыԥшк илаԥш ақәшәеит. Иааирыцҳаишьан, ихахьтәи маҭәа ишәыхны, илаҳәаны аҩныҟа иааигеит. Ахәшәқәа аҭо ашьапы иқәиргылеит.

Аамҭак ашьҭахь ала еиқәзырхаз аҷкәын шәарыцара иманы дцеит. Уаҟа машәыршәа дырԥылеит ала раԥхьатәи аԥшәма. Хымԥада, ила аԥсы ҭаны ианиба деигәырӷьеит, иаргьы аҵыхәа ршәшәо иԥылеит. Ала шьҭахьҟа игарцгьы иҭаххеит. Аԥстәы еиқәзырхаз иҳәеит иаргьы дшашьцылаз, бзиа ишибаз. Аха дҟәышымзи, раԥхьатәи аԥшәма ус иабжьигеит: "уааи ҳҽеиҩаҳшап, уара алада уца, сара аҩада. Ала зыцны ицо итәхааит" ҳәа. Егьи дақәшаҳаҭхан, ус иагьыҟарҵеит. Азныказы ишаҟьшаҟьо иаанхаз аԥстәы, раԥхьатәи аԥшәма ицны ицеит. Ани еиқәзырхаз, ихы ларҟәны амҩахәасҭа ианыршәланы игәы шихьуаз аҩныҟа иҿынеихеит. Инхарҭа дазааигәахоны еиԥш, иаалырҟьаны иҩаз абыӷьқәа рыхьархьарбжьы иаҳаит. Данааҳә, илаӷырӡқәа ааиҿықәыҳәҳәеит, ишьҭа ихыланы иаауан еиқәирхаз, уажәшьҭа иара иитәхаз ала!

Абас ауп аԥсҭазаара шыҟоу. Аԥстәы ахшыҩ амам ҳҳәоит, аха аԥсы еиқәзырхо, бзиа избо даԥсахӡом!

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0