Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа "Ауаҩы игыларҭа" абыжьбатәи афестиваль иазкны

© Sputnik / Леон Адлейба Эльвира Арсалия
Эльвира Арсалия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2021
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ифонд аԥснытәи ахаҭарнак Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит афестиваль сынтәатәи апрограмма атәы, насгьы, хаҭала, Фазиль Искандер шәҟәыҩҩык иаҳасабала дзалылкаауа атәы.

Фазиль Искандер ихьӡ зху абыжьбатәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" сынтәа Аԥсны ҩ-етапкны имҩаԥысуеит.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа "Ауаҩы игыларҭа" абыжьбатәи афестиваль иазкны

"Афестиваль есышықәса хықәкы хадас иамоуп Фазиль Искандер ихьӡ иадҳәалоу ҿыцрак - аҟазараҿы, алитератураҿы аӡыргара. Сынтәатәи раԥхьатәи аетап мҩаԥгахоит рашәарамза 21 азы Аурыс театр аҿы. Раԥхьаӡа акәны имҩаԥгахоит арежиссиортә лабораториа. Ари атеатр ахаҭа аԥшьгарала еиҿкаауп. Мчыбжьык актиорцәеи арежиссиорцәеи рхы ԥыршәалоит. Аҩбатәи ахәҭа – ацәыргақәҵа ахаҭа иатәызаауеит", - ҳәа адырра ҟалҵеит Арсалиаԥҳа.

Фазиль Искандер ифонд аԥснытәи ахаҭарнак еиҭалҳәеит ацәыргақәҵаҿы ишыҟало ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа ирылхны иҭыху асахьақәа, урҭ авторцәас ирымоу атәы. Арсалиаԥҳа иара убас илҳәеит арҿиаҩы хаҭала дшизыҟоу атәы.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0