Адунеи аҿы ашәҟәыԥхьара маҷхеит, асоциалтә ҳақәа рцәырҵара ашәҟәыԥхьара еиҵанатәит ҳәа азгәазҭо аекспертцәа рацәаҩуп. Ииашаҵәҟьаны, иахьа асоциалтә ҳақәа рҿы еиуеиԥшым астатиақәа, авидеонҵамҭақәа уҳәа иуҭаху зегь уԥшаар ауеит. Сара сызлацәажәарц исҭаху, хымԥада, аԥсышәала аԥхьара иазҿлымҳау рызҵаатәы азхәыцроуп.
Иаразнак исҳәашт, асовет аамҭазы изызҳауаз ауаҩ лаҳасабла, ароман, аповест уҳәа зымҽхак ҭбаау анҵамҭақәа ашәҟәы мкыкәа сзаԥхьаӡом. Асоциалтә ҳақәа рҿы сзыԥхьо ажәабжь кьаҿқәа роуп. Ҳара ҳбызшәатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу ала, иахьа ԥсышәала ашәҟәы кны иаԥхьо, иара убас асоциалтә ҳақәа рҿгьы аԥсуа текстқәа ирышьҭоу рацәаҩым.
2017 шықәса раахыс Sputnik Аԥсны асаит адаҟьаҿы аколонкақәа цәырызгоит. Ари аамҭа иалагӡаны 800 нҵамҭа инадҩыло скьыԥхьхьеит. Игәасҭазеи абри аамҭазы? Аԥсышәала икьыԥхьу анҵамҭақәа зегьы ианреиҳау 900-ҩык рҟынӡа иаадыртуеит, ианеиҵоу - 100, ма 200. Хымԥада ари маҷуп сара сзы, аха иара арсҟаҩык иахьаадыртуагьы уалаҭхаџьлароуп, егьырҭ абызшәақәа риааира злауадаҩу ала. Facebook аҿы иҟоу аԥсуа гәыԥқәа рҿы иҟоуп аколонкақәа ахҳәаақәа анрырҭо, азгәаҭақәа аныҟарҵо. Автор изы уи гәахәароуп, иаԥхьо рацәаҩымзаргьы.
Иҟоуп игәасҭаз даҽакгьы - астатиа ахьӡ мацара иаԥхьаны ахцәажәара иалаго шыҟоу, иубарҭоуп иаартны дшамыԥхьац ахцәажәаҩ, избанзар иқәиргыло азҵатәқәа рҭак аҩымҭа аҩнуҵҟа иагәылоуп.
Аԥхьара атема ҭҵаауа, азҵаарақәа лысҭеит "Аԥснышәҟәы" ахада, асовет аамҭа инаркны иахьа уажәраанӡа абри ахырхарҭаҿы аус зуа, ашәҟәыҭира иадҳәалоу Манана Кәыҵниаԥҳа.
"Еиҿҳарԥшуазар, асовет аамҭеи иахьатәии хәыки шьхаки рыбжьоуп", - лҳәеит лара азҵаара аҭакс.
Ус шакәугьы, ажәытәангьы ашәҟәы аазхәоз зегь аԥхьаразы иргомызт, иҟан "амода иацныҟәаны рзал аҿы игылаз ашәҟәҭаҵарҭақәа аладырԥшӡарц изгоз" ҳәа агәаанагара лымоуп Кәыҵниаԥҳа. Даҽа ганкахьала ҳазхәыцуазар, иахьа иҟоу асоциалтә даҟьақәа усҟан зегь акоуп ихазырҭәаауаз ашәҟәы, агазеҭ, ажурнал ракәын.
"Зегь акоуп усҟан ашәҟәы зкуаз еиҳа ирацәаҩын", - ҳәа салҳәеит ҳаиҿцәажәараҿы "Аԥснышәҟәы" ахада.
Ларгьы имӡакәа илҳәеит аинтернет аҿы инеиҵыху аҩымҭақәа рыԥхьара шылзыманшәалам.
Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа оптимизла ашәҟәы аԥхьара аус дазхәыцуеит.
"Ииашоуп, иахьа акомпиутер, аинтернет ыҟоуп, уи атәы здыруа инарҭбаан аинформациа иоуеит, уа, ҳәарада, аинтерес зҵоу акрыҟақәоуп. Аха ашәҟәы макьана уаҩы изыԥсахуам, даарагьы агәыӷра сымоуп аԥхьаҟагьы ус инхоит ҳәа", - иҳәоит иара Даур Наҷҟьебиа ииҭаз аинтервиу аҿы.
Аформа маҷ, ажәабжь ажанр еиҳа ирласны, оперативла ахархәара ахьалшо азы иахьа аԥыжәара амоуп ҳәа дхәыцуеит ароман-рапсодиа "Асду" автор Гогәуа. Аиашазы, апрозаик макьана ихаҭагьы иҳадимгалац анкьеиԥш зҿыгҳара дуу аҩымҭақәа.
"Ароман кьаҿ" - абас аҵаҩуп "Ашыцра" захьӡу Гогәуа аибашьра ашьҭахьтәи иҩымҭа. Ашәҟәыҩҩы еиликаауеит иахьатәи ҳаамҭазы "аформа маҷқәа" аҳра шыруа, убри аҟынтә, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иара апублицистикеи ажәабжь кьаҿқәеи еиҳа дрызҿлымҳауп.
Абраҟа иазгәасҭарц сҭахыуп "Ашыцра" акьаҿра ароман ахаҭабзиара зынӡагьы ишанымԥшыз, иаԥхьахьоу ирбарын ари ароман кьаҿ ишаанарԥшуа аибашьра ашьҭахьтәии уи ҟалаанӡатәии аамҭақәа реигәныҩра, ауаҩы акыр иҽшеиҭеикуа аибашьра анихыслак.
Ажәакала, иахьатәи аамҭа ашәҟәыҩҩы иднагалоит ахатә формақәа. Манана Кәыҵниаԥҳа иазгәалҭеит иарбан шәҟәу, иарбан жанру иахьатәи ашәҟыҭирҭа иаҭаауа аахәаҩ азҿлымҳара зиҭо. "Аҭоурыхтә, аетнограифиатә ҟазшьа змоу ашәҟәқәа ҳаахәаҩцәа хшыҩзышьҭра арҭоит", - лҳәоит лара, аха убри аамҭазы иазгәалҭеит асахьаркыратә литературагьы иадҵаало ыҟоуп ҳәа. Еиҳаракгьы зҩымҭақәа ирыдҵаалода ҳәа азҵаара илысҭаз абас аҭак соуит:
"Баграт Шьынқәба, Иуа Коӷониа, Миха Лакрба, Алықьса Гогәуа, Таиф Аџьба уҳәа аклассикцәа аӡәырҩы", - лҳәеит лара. Абарҭқәа рнаҩс, Кәыҵниаԥҳа иазгәалҭеит азҿлымҳара ду шамоу ахәыҷтәы литература, аԥсуа жәаԥҟақәа реизга уҳәа, аха урҭ иахьа ашәҟәыҭирҭаҿы зынӡа иҟам.
Асоциалтә ҳақәа рахь сгьежьуазар, иаҳәап Sputnik Аԥсны адаҟьаҿы иазҿлымҳау рацәаҩуп афольклортә нҵамҭақәа ҟазҵо, ашәҟәыҩҩцәа рнысымҩақәа аазырԥшуа авторцәа рҩымҭақәа. Аԥсуа шәҟәы аахәаразы гәаран дук шыҟам азгәаҭо, "Аԥснышәҟәы" аиҳабы илҳәеит "напыла исыԥхьаӡар сылшоит иаазхәо" ҳәа. Абас иҟазаргьы, ашәҟәы ахаҭа иацу агьама макьаназы имыӡыц, уи ауаҩытәҩыса ихшыҩи игәи анырра ду рызҭо маҭәахәны изыԥхьаӡо рацәаҩуп.
Изаҭахузеи ахшыҩ ашәҟәы? - абас азҵаара зырҭаз апсихолингвист Татиана Черниговскаиа "уи адоуҳатә ҟазшьа змоу ацыфа иаҩызоуп ахшыҩ азы" ҳәа аҭак ҟалҵеит, насгьы аҵарауаҩ лажәа иацҵо, "аинтернет, атехнологиа ҿыцқәа альтернативаӡам ашәҟәыԥхьаразы" лҳәеит.
Егьа ҳҳәандазгьы, аинтернет ицәырнагаз аҿыцрақәа, икьаҿу ахьаршәқәа, еиуеиԥшым ахәмаррақәа, еиҳаракгьы анонимтә нҵамҭақәа ӷәӷәала иаӡывасит ашәҟәыԥхьаратә культура, иааидкыланы ауаҩы идоуҳа акыр илаҟәит уҳәар ауеит, зны-зынла анонимцәа асоциалтә даҟьақәа рҿы ҳауаажәлар ирыдыргало анҵамҭақәа урыцклаԥшыр. Удыршанхоит иҟам-ианым аилыргара сааҭла ишымҩаԥысуа анубо. "Адунеитә культура акаҳароуп уи иаанарԥшуа", - иазгәалҭоит хыхь зыӡбахә сҳәоз аҵарауаҩ Черниговскаиа.
Даара иԥырхага дуу џьысшьоит, аԥсуа шәҟәқәа аӡыргара ахьрымам, ажурналқәеи агазеҭқәеи ҳтәыла ахи аҵыхәеи иахьаларҵәам. Ари ахарҭәааразы иазхәыцтәызар ҟалап, аԥсуа ҭыжьымҭақәа асоциалтә даҟьақәа рахь риагара аус, избанзар аԥсуа қыҭаҿгьы аинтернет ашьаҭа аҳахьеит. Анхаҩы агазеҭи ажурнали анизноумга, имазароуп алшара еиуеиԥшым асаитқәа рҿы аԥсуа текстқәа рыԥхьаразы.
Иаҳҳәап "Аԥсуа интернет библиотекаҿы" ашәҟәы акра зцәыуадаҩу рзы акыр иманшәаланы ихәыцуп иҭыҵуа асахьаркыратә литература уахь аҭагалара. Хымԥада иҭыжьым аклассикцәа рҩымҭақәа уажәазы аинтернет аҿы иҟам. Агазеҭ "Аԥсны", ажурнал "Алашара" уҳәа асаитқәа аадыртратәы алшара рыҭатәуп.
Сара игәасҭахьеит, иаҳҳәап Sputnik Аԥсны адаҟьаҿы аԥсышәала икьыԥхьу автортә колонкақәа ҳтәылаҿы инхо реиԥш, аҳәаанырцә иҟоу ҳдиаспора хшыҩзышьҭра шарҭо.
"Сара шәанҵамҭақәа рыла ауп Аԥсны иҟоу ажәабжьқәа шеилыскаауа", - иҳәоит ауысшәа ззымдыруа арепатриант Атаман Кәыџба.
Sputnik Аԥсны иҭнажьуа аԥсышәла иҩу астатиақәа аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа иаԥҵаны ирымоу агәыԥқәа рахь ииаргоит. Абри зхысҳәаауа, ашәҟәы акра уадаҩхазар, асоциалтә ҳақәа рҿы иӡыргалатәуп ҳтәыла иазку аԥсуа текстқәа.
Аԥсуа бызшәа иахьатәи аинформациатә еиндаҭлараҿы ауадаҩрақәа аԥықәслоит, убри аҟынтә, иаргьы мҩақәҵалатәуп аамҭа иақәшәо атехнологиақәа рхархәарала. Иахьатәи ауаҩы иԥсҭазаара амобилтә ҭелқәа ирыдҳәалазар, уи ашәҟәы бзиа ианибо ҳәа азыԥшра аҭахым, аҭел ахархәаҩ иԥгалатәуп дзыԥхьаша.
Ашәҟәы абзиабара ҳазыгьежьуазар, анкьа иамаз анырра азыхынҳәуеит ҳәа аҳәара уадаҩзаргьы, зегь акоуп макьанагьы уи иацу адоуҳатә нырра даҽакы ишазымԥсахуа здыруа ыҟоуп, убри азоуп ашәҟәыҭирҭақәагьы макьана еиқәханы изыҟоу…
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.