Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҭыжәԥҳа "Акыр иаԥсоу Памела" азы: Виолетта Маан ҩаԥхьа асценахь лцәырҵра - хҭыс дууп

© Foto / предоставлено Шаридой ТужбаШарида Тужба
Шарида Тужба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ақәыргыламҭа ҿыц "Акыр иаԥсоу Памела" алхра шыҟалази, апремиера аԥхьа актиорцәа ргәалаҟазаара зеиԥшроуи ртәы.
Ҭыжәԥҳа "Акыр иаԥсоу Памела" азы: Виолетта Маан ҩаԥхьа асценахь лцәырҵра - хҭыс дууп

Аспектакль "Акыр иаԥсоу Памела" аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы рашәара 15, 16 рзы, асааҭ 19:00 рзы.

Абхазский драмтеатр - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2021
Аспектакль "Акыр иаԥсоу Памела" аԥхьарбара Аԥсуа драмтеатр аҿы иҟалоит

"Ари апиеса акыраамҭа иалаҳхуан, избанзар, ҷыдала иара лызкуп Аԥсны Жәлар рартистка Виолетта Маан. Ари аус ҳгәы иҭоуижьҭеи акрааҵуан, избанзар, лара лгәы иаҭахыз апиеса аԥшаара даара ицәгьан, илыдаагалаз рацәан. Нодар Ҷанба атеатр анапхгараҿы даныҟаз игәҭакыз акоуп, иара ииҭахын Виолетта Маан асцена ҩаԥхьа дықәларц. Аҩымҭа алхраан арежиссиори лареи рҳәоу анеиқәымшәоз ыҟан, аха ари апиесаҿы ргәаанагарақәа еиқәшәеит. Акомедиа- аԥсҭазараа абзиа мацарала еиҿартәу џьысшьо аҭакәажә илызкуп. Џьон Патрик ипиеса, ҳәарада, актуалра амоуп иахьатәи аамҭаз", - еиҭалҳәеит Ҭыжәԥҳа.

Аспектакль шьаҭас иамоуп америкатәи адраматург, асценарист Џьон Патрик ипиеса "Аҭакәажә дышԥақәаагари" ("Как бы нам пришить старушку"). Ари аҩымҭаҿы рыӡбахә аҳәоит хҩык амцҳәаҩцәа рҭоурых, Памела Кронки захьӡу аҭакәажә данԥслак ашьҭахь илымоу амазаразы аԥгаԥса дара иртәыртәырц рҭахуп. Аха афырхаҵа хада лгәы рызԥжәаӡом ацәгьахәыццәа, лара урҭ зегь раналыжьуеит, агәра длыргоит аԥсҭазаараҿы аԥара раԥхьа ишыргылатәым.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0