"Аибашьра еибашьроуп, аха аԥсҭазаара ԥсҭазаароуп": 27-тәи сымшира сшаԥылаз

© Foto / фотоальбом "Аиааира"ОВНА
ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2021
Анапаҵаҩра
Иахьа рашәара 20 рзы 55 шықәса ихыҵуеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Sputnik Аԥсны аколумнист Алексеи Ламиа. Ишәыдаагалоит зегь реиҳа игәалашәараҿ инхаз имшира аибашьра ашықәсан дшаԥылаз атәы зҳәо ианҵамҭа.

Ҩажәибыжьбатәи

Амшира. Изакәытә мшузеи? Доусы иара итәала идикылоит ари амш. Насгьы, ҳәарада, шаҟа ухыҵуа еиԥш. Уаныхәыҷу, уанҿоу угәы хыҭхыҭуа уазыԥшызар, уқәра ацлацыԥхьаӡа, адунеи хызфаауа ҳәа уаҩ дшыҟам анеилукаалак, ухәыцуа уалагоит. Аамҭа цацыԥхьаӡа уи арыцхә еиҳа-еиҳа угәы ақәымло уҟалоит. Усҵәҟьоуп уи амш шазгәоуҭогьы. Аха уажәы уи акәым исҳәарц исҭаху. Зегь реиҳа сгәалашәараҿ инхаз сымшира атәы шәзеиҭасҳәарц сҭахуп!

Абзагу Гургулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Згәы заԥысуаз: Абзагә Гәыргәлиа игәалашәаразы

Ажәбатәи акласс саналгоз, сыԥсҭазаара ԥхьаҟа ишыҟалаша сҩырц кәакьк сныкҿатәеит, зегь азԥхьагәасҭеит, убарҭ аҳәаақәа сҽырҭагӡаны сныҟәаларц ӡбаны. Раԥхьа ус иалҵуазшәа иагьыҟан: ашкол саналгаша, аҵара санҭалаша, аусура саналагаша, раԥхьатәи сԥарақәа ансырҳаша, ԥҳәыс данаазгашаҵәҟьагьы сазхәыцит! Зегь маншәалан ацара иаҿын, аха… Сара сыԥсҭазаара иагәылалеит аибашьра! Уи иаанарҳәит зегьы! Ара шьҭа Аманшәалара Ахацкы ишаӡбо акәын! Алотереиа! Иабатәи зԥхьагәаҭароу?!.

Ҩажәибыжьбатәи сымшира 1993 шықәса рашәарамза иақәшәеит. Аибашьра аилашымҭа. Аамҭалатәи аҭынчра шыҟазгьы. Аха зегьы еилыркаауан, лассы (даҽакала ҟалашьа амамызт) аҭабиақәа ҳарҭыҵны жәылара ишдәықәлатәхоз. Уа… Ишалҵуеиԥш…

Аха уи ԥхынгәазы. Макьана аҭабиақәа рҿынтә акәын ҳшеибашьуаз. Кәтышьха. Ахырӷәӷәарҭатә ҭыԥ ҳақәшәеит. Ахысырҭақәа аманы. Аҭабиахырӷәӷәарҭа аманы. Аҽыԥхьакырҭа ҟаҵаны. Ҳаӷацәа жәылара идәықәларц ргәаӷьызҭгьы, џьаҳаным рзыԥшын! Ҽхырцәажәараӡам, ус акәҵәҟьан ишыҟаз. Избанзар ҳахьыҟаз аҭыԥ аҿы аԥсабара ахаҭа ҳахәон, уи ҳара ҳзы иманшәалан, зегь рыла ииашан иалхын. Ҳџьаԥҳаны ҳазхандаз, ҩ-баталионкгьы лаҳашьҭуан.

Аха уи зегь аибашьра атәоуп, аҭынч ԥсҭазаара атәы сҳәарц сҭахуп. Аблиндаж аҿы рҽеиҭнырыԥсахларц хәымши хәымши рыбжьара жәаҩык аауан. Убарҭ хәымш иахьынӡауа уаҩԥсҵас иаҳхаагарц азы иааҳбоз зегь наҳгеит. Агазҵәҟьагь! Ачанахқәа, ачқьыԥқәа, аҳәызбақәа. Агәабанқәа, ахчқәа, аиаракнаҳаҵәҟьагь! Анардқәа, амацақәа, ажурналқәеи ашәҟәқәеи!

Акоробка ҷыда

Рашәарамза 20 ҳҽанеиҭнаҳаԥсахлозҵәҟьа иақәшәеит, сара аҷаԥшьарҭахь санцашаз. Ажәалагалақәа рацәахеит. Аӡәы иахаҳгап иҳәеит, аӡәы ақәҿиҭуамызт, сара инаҿаршәны мап скит! Аха зегь зыӡбаз Сан лакәхеит! Узавамлартә ауп ишылҳәазгьы, лара ишылҟазшьазеиԥш. Аибашьра еибашьроуп, аха аԥсҭазаара ԥсҭазаароуп, аҷкәынцәа ргәы дырҿыхарц рҭахуп! Зегь ааилаҭырит. Хкырацәала афатә аархианы, аҭра инҭаҵаны иара уа ахырӷәӷәарҭаҿ ныҳәа хәыҷык еиҿкаатәуп ҳәа ҳаӡбеит! Ухаҿы иузаагомызт уа, аха гәҭакы бзиан!

Картонтә ҭрак ҳаԥшаан, убри иакыша афатә ҳәа ҳхәыцуа ҳалагеит. Ачашәқәеи ачарӡи ракәхоит ҳәа ҳаӡбеит. Хә-литрак зкуа аҩы зҭаз аԥаҭлыка сарҭмаҟ иҭаҵаны изгоит ҳәа ҳҳасабит. Изхәыцҵәҟьаз дысгәалашәом, аха ачашәқәа рацәаны ишаҳзалымҵуаз анаҳба (ачашыла ҳазхомызт, насгьы зегь реиҳа ихадароу – ашә!), иара убас чарӡк акуан, нас убри ахыхь ҭыԥк нхон иара азы… аторт азы! Ааи, ааи! Аторт! Абри акәын зегь иџьаршьаҵәҟьоз! Ара сара саҿаапкит! Машьынада, ҭоуиҭадла гашьас иасҭои абри зегь?! Ари зегь еиламло?! Аха Сан илҳәаз ҳәан!

Ара исымҳәар ауам сыԥшәма лыфатәҟаҵашьа ахыԥша кыр хара ишнаҩхьаз. Лчысҟаҵашьа аԥхьа инаргылан! Имаӡам, ахаҵа игәахьы уназго амҩа фатәла ишҩычоу, сара сахьхаафаҩыз (уажәгьы) уазхәыцуазар, иалсхыз аҭыԥҳа лтортқәа схырхит! Сҭаацәара даналанагала, сгәакьацәеи сҩызцәеи рҿы имҩаԥысуаз еишәачарацыԥхьаӡа лнапала иҟалҵоз атортқәа аҭыԥ ҷыда ааныркылон! Нас, ари аибашьра хлымӡаах ҳанҭагылоу уҩызцәа игәхьааргаз ачысқәа рыла ишԥаумыргәырӷьо шьҭа?! Иаҭахыз амарҭхәқәа ҳрышьҭалеит. Ачашыла, акәҭаӷьқәа, архаага уҳәару, иахьынтәааҳгаз ҳәа уаҩы игәалашәом, адгьыл иҵаҳхит, аха иҳаԥшааит! Саҳәшьаԥа Масиута (усҟан жәаҩа шықәса ихыҵуан) илшозгьы илымшозгьы ҟаҵаны, уаԥсҵәык амшәмаахыр иԥшааит. Аамҭа бзиақәа раан еиԥш – аторт ссирхеит! Аҭра аҵан ачашәқәа ҭаҳҵеит, нас ачарӡ, урҭ зегь рханы аторт! Ихьанҭацәамхеит, аха закәытә ҭакԥхықәроузеи! Намҩатәла еибганы анагара!

Аибашьраан зегьы урыцклаԥшуа, зегь хауҵо уалагоит. Аҩны сдәылҵны аибашьра ацәаҳәахьы сцара шьаҿацыԥхьаӡа иазԥхьагәаҭан иҟан: аӡәгьы абзиараз ҳәа иамҳәакәа, акулон змаз сыхьтәы хәыдхаҵа схыхны сыԥшәма илзынсыжьуан, насгьы еснагь (!) амҩахь сан снаскьалгон! Ари зегьы заа аӡәгьы далацәажәомызт, иӡбомызт, аха ус ианышьақәгылах, аӡәгьы еилеигомызт. Ус акәхеит уажәгьы. Сҽеибысҭан, сԥаҭлыка сарҭмаҟ инҭасҵеит, счысҭра снапы инасыркын сдәықәлеит. Акы мацара унақәтәан Кәтышьханӡа ушиашоу еснагь узцомызт, ҳәараҭахума. Уажәгьы хынтә-ԥшьынтә амашьынақәа ԥсахтәхеит.

Нели Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Раԥхьаӡатәи аԥсуа поетесса: Нели Ҭарԥҳа лгәалашәара иазкны

Амашьына дуқәагь, амашьыналасқәагь. Лассы-ласс издыруаз сыргон, ус исымҩалацәазгьы сықәшәалон. Зегь аинтерес рыман: абри иуку иҭоузеи? Рызегь ҭакс ирысҭон: "Аторт!". Уи "алаф" зегь ргәы ҟанаҵон. Аӡәгьы иара ус ихаҿы иааиуамызт уа иреиӷьу ачысхаа ҭаҵаны изгоит ҳәа! Убас ҭоуиҭадла сагьнеит аблиндаж аҟынӡа.

Аӡәгьы дыззыԥшымыз 

Аҷкәынцәа аԥсшәа ахьеибырҳәоз, ажәабжьқәак ахьеибырҳәоз схы иархәаны аҭуан аҿы уаҩы иахьиимбашаз исҵәахит. Ҳаԥшырҭақәа ҳалаԥш рхаҳган, анаԥшыҩцәа ықәҳаргылан, шьыбжьхьа ҳфап ҳәа ҳаӡбеит. Ишаҳбац еиԥш акартош ӡны. Кранаҳфа ашьҭахь сымшира шыҟаз рыласҳәеит, уи азгәаҳҭарц аҩы шаазгазгьы сҳәеит. Зегь еигәырӷьеит, сгәыдыркылеит-схыдыркылеит, аныҳәаҿа ԥшӡақәа ныркылан иржәит. Ус аӡәы иааигәалашәеит: "Ех, аамҭа бзиак акәызҭгьы, Иана астол ҳазлырхиарын, хкы рацәала ахаақәа ҟалҵарын, хымԥада торт хазынакгьы ҟалҵашан! Аха иабаҟоу?!" Шьҭа сҳамҭа аамҭа шааз збеит! Сҩагылан, сҭаҵәах ахьыҟаз сҿынасхан, сыбжьы ҭыган ус сҳәеит:

– Уи мариоуп! Аибашьра ҳԥырхагоуп ҳәа зҳәада?! Тортзар ишәҭаху – абар иаргьы!

Скоробка аацәырызгеит. Астол инықәсыргылан, ашашәақәа рԥыртлара салагеит. Зегь сыкәшан иԥшуп. Урҭ рхаҿсахьақәа жәбандаз, ашашәақәа ԥыртланы изҭаз аҭра анаасырт! Шаҟа гәырӷьабжь, шаҟа ҽхәаԥхьыӡ, шаҟа ҭабуп ахырҳәааз!!! Ари аҩыза аӡәгьы дазыԥшымызт, аиашаз! Анаҩстәи аныҳәаҿа абри ачысҭра иҭаз ҟазҵази еиқәзыршәази ргәабзиараз инкылан! Сымшира шыҟаз ажәабжь, насгьы, зегь реиҳа ихадараз – аторт шыҟоу атәы – ахырӷәӷәарҭа зегь иахыҵәеит!

© Foto / предоставил Алексей Ломия Алексеи Ламиа 27 шыкәса анихыҵуаз
Аибашьра еибашьроуп, аха аԥсҭазаара ԥсҭазаароуп: 27-тәи сымшира сшаԥылаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2021
Алексеи Ламиа 27 шыкәса анихыҵуаз

Зегьы акака роуит

Иҟалаз уи ауп, Аҟәатәи абаталион х-ҭыԥк рҿы апозициақәа ннакылон. Актәи аблиндаж – "зықәра ыҟаз" (қәрала зегьы иҳаиҳабыз), аҩбатәи - "арԥарцәа" рвзвод, еиҳарак класск аҿы еицтәаз рыла ишьақәгылаз, аибашьра аналагоз жәаа шықәса зхыҵыз (изхымҵыцгьы ыҟан!), нас ҳара – "асқамуаа", адрамтеатр аҿаԥхьа игылаз асқамқәа рҿы ҳахьеизоз азы ус зыхьӡхалаз, "аԥсуа шҭа" иатәызгьы ҳаланы (рыҩнашҭа иатәыз аҷкәынцәа, "акәакьуаа" ҳәа ҳзышьҭаз). Аторт ҳасны иаразнак иаҳфандаз ҳәа ҳшыҟазгьы, знык ала имфакәа, маҷк-маҷк акәзаргьы еихшаны зегьы агьама дҳарбароуп ҳәа ҳаӡбеит. Уи шыҟаҳҵазгьы абас ауп: егьырҭ агәыԥқәа рахь иҳацҳаит, дара ацҳаражәҳәаҩцәа аарышьҭит. Ацҳаражәҳәаҩ амҩахәасҭа данылан дшааиуаз, шәкҟа метра шыбжьоу ҿиҭуан: "Лиоха!!! Иудысныҳәалоит умшира! Ураааа!!!"

Кумф Ломия, Нелли Тарба, Алексей Ласурия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Зхы-зыԥсы ақәҵан зус иаҿыз: Кәымф Ломиа игәалашәара иазкны

Аиашаз, ачарӡи ачашәқәеи ауха ачаи анаҳжәуа ҳәа иаҳҵәахит. Ахәылбыҽха инаркны аухантәарак ари аҭыԥ аҿы уамашәа иубашаз аилаҩеиласра ыҟан! Мзызс иаарыԥшаалак зегь акҿаҩрахьы инеины ахаа агьама рбон. Уи хашҭшьа амам! Агәра ганы сыҟоуп, урҭ аҷкәынцәа рахьтә уи аторт аҵкыс ихаау ифахьазаргьы, абас игьаманы ахаан ишимфац!

Аҵыхәтәажәа ацынхәрас

Аҵыхәтәаны исҳәарц исҭаху. Уинахыс иҟан ишьаарҵәыраз ԥхынгәымза, аиааира аазгаз цәыббрамза. Аӡәы шьапыда дынхоит, аӡәы ила ҭырхуеит, аӡәы дҭахоит, игәыҿкаагоуп, аха цәыббра 30 зегьы аԥылартә, еилыркаартә изыҟаломызт. Уинахыс аибашьрашьҭахьтәи аамҭа. Аибашьра иалҵыз изларылшо ала рхы ныҟәыргар акәхоит! Абарҭ ракәын, ахаан еибашьра зымбацыз, иҟалап, раԥхьаӡакәны автомат ахьанҭара знырыз ыҟазаргьы, ахаан ашәақьхәшә афҩы змаҳацызгьы, дара зегьы аӡәк иеиԥш еидгыланы рыԥсадгьыл ахьчараз игылар акәхеит! Доусы илахьынҵа иман, доусы иԥсыҽра иман, доусы игәазыҳәара ыҟан! Урҭ аибашьра иԥнашәеит! Аха, рыцҳарас иҟалаз, аҭынч ԥсҭазаара зегь зазымиааит!

Еибашьра шәымбааит! Агәабзиареи аманшәалареи!

Иҭахаз рыԥсаҭа бзиахааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0