Здацқәа ӷәӷәаз апоет: Анатоли Аџьынџьал игәалашәараз

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааАнатоли Аджинджал
Анатоли Аджинджал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поезиаҿы иреиӷьӡоу апеизажтә лирикатә жәеинраалақәа аԥызҵаз апоет Анатоли Аџьынџьал игәалашәара иазку анҵамҭа ҳадеигалоит арубрика "Алашара ҳзарбо ауаа" амҩаԥгаҩ Анатоли Лагәлаа.

Сара ибзиаӡаны исгәалашәоит 1977 шықәсазы Ҷлоутәи абжьаратәи ашкол ажәбатәи акласс аҿы сантәаз, ҳарҵаҩцәа Аҟәа ҳааргеит Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи шәҳарбоит ҳәа. Аҵаҩцәа зегьы амузеи ашҭа ҳанҭалон еиԥш, амузеи аҿы аус зуаз ӡӷабк дааҳԥылан, иҟалаз шәаҳама, ҳпоет бзиа Анатоли Аџьынџьал апаркаҿ дыштәаз иааиқәшәан дыԥсит, лҳәеит. Ҳарҭ ахәыҷқәа зегьы иааҳцәымыӷхеит, ҳарҵаҩцәагьы иаразнак рыԥшшәқәа нарыхҟьеит. Сара, Анатоли Аџьынџьал ипоезиа даара сазҿлымҳан, иажәеинраалақәа ҿырҳәала издырқәозгьы ыҟан, абри апоет иажәеинраалақәа иара ихаҭа ҿырҳәала дышрыԥхьо џьара избандаз ҳәа иагьараангьы сазхәыцхьан. Ажәак ала, иҳаҳаз ажәабжь еиқәаҵәа зегьы ҳшааиҵанарӷәӷәазгьы, ԥыҭрак ашьҭахь ҳаззааз амузеи ҳаҩналеит, иаабеит, Дырмит Ду ихәышҭаара ҳгәырҩа маҷк иҳахнацеит.

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааАнатоли Аџьынџьал
Здацқәа ӷәӷәаз апоет: Анатоли Аџьынџьал игәалашәараз - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Анатоли Аџьынџьал

Ҳпоезиаҿы иреиӷьӡоу апеизажтә лирикатә жәеинраалақәа аԥызҵахьоу рхыԥхьаӡараҿы аӡәы ҳәа ихьӡ иаразнак данцәырҵ инаркны аҳәара иалагеит апоет Анатоли Аџьынџьал.

Хылԥас иахоуп аисыр хаха еиқәшәаны,
Авара быцоуп сара сԥацха еихарҳәны.
Ашә аартуми иахьа имшацкәа ицқьаӡа,
Ихырхәоит, асас умҩахыҵ хараӡа.

Иҟалоит ԥшрала иаҵаӡуазар иӷьазӷьазуа ахан,
Аха гәыла иԥхамшьац дгьылахаан.
Уи аҩнуҵҟа иакуеит аханқәа рацәаны,
Уи аҩнуҵҟа адунеи еиԥш иҟоуп иҭбааны!

Анатоли Аџьынџьал инарҵаулан ихәыцуаз поетын, уи иажәеинраалақәа ирҳәоз, ирыҵаз аилкаара иаразнакгьы имариаӡамызт, ацәаҳәақәа ирыҵаиҵоз аидара аилкааразы зны-зынла акырынтә урзыхынҳәыр акәын ииашаҵәҟьан автор ииҳәарц ииҭахыз аилкааразы. Абар апоет дышихцәажәо иара ипоезиа бзианы иҭызҵаахьаз акритик Владимир Агрба: "Иарԥысра дышҭагылаз, ирҿиара ус ианасакьаҳәымҭаз 1977 шықәсазы изцәырҵыз ачымазара бааԥс иаалырҟьаны иԥсҭазаара далнахит аҟыбаҩ ду змаз, еицырдыруаз аԥсуа поет Антоли Аџьынџьал. Иҟаиҵашаз рацәан, иҟазара аҭәымҭа дҭагылан, игәҭыхақәа маҷмызт, аха урҭ зегьы рынагӡара дзахьымӡеит. Ус иага иҟазаргьы, апоет дзыхьӡаз акыр ыҟоуп, иҭынхазгьы маҷӡам аԥсуа поезиа аҭоурых азы. Уи инапы иҵихит иакымкәа-иҩбамкәа ажәеинраалақәа реизгақәа, аповести ажәабжьқәеи еидызкылоз ашәҟәқәа ҩба.Ан. Аџьынџьал ипоезиа агәҭыха рацәеи ахәыцра ҵаулақәеи зныԥшуа поезиоуп. Уи адунеи иқәынхо жәлары зегьы дрызхәыцуан, реихьӡарақәеи рылшара дуқәеи дреигәырӷьон, агәымхареи ауаҩымреи ицәымӷын, игәнигон.

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааАнатоли Аџьынџьал ишәҟәы Иалкаау
Здацқәа ӷәӷәаз апоет: Анатоли Аџьынџьал игәалашәараз - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Анатоли Аџьынџьал ишәҟәы Иалкаау

Апоет иажәеинраалқәа руакаҿы иҩуан:

Са исҭахуп адгьыл еиԥш ачҳара сымазарц,
Амаҷ азыҳәан сыҵҟьо сҟамларц.
Са исҭахуп адгьыл еиԥш аразра сылазарц,
Сгәы ҟьаҟьаӡа еиҵыхны ауаа рзы инхарц.

Иаҳҳәар ҳалшоит ҿыӷәӷәала, апоет аразра илаз ипоезиа ибзианы ианыԥшит ҳәа, уи игәҭыха назыгӡо, абиԥарак ахьтә даҽа абиԥарак ахь иназго акәны иҭынхеит ҳәа ирҿиара, ипоезиа".

Абра иааҳгап апоет данхәыҷӡаз инаркны инысымҩа, иҭижьхьоу ишәҟәқәа, иарбан шықәсқәоу ианҭыҵыз, уи уаҵәы игылоу аҿар ирдыруазароуп, дара ирҭоурыхуп.

Анатоли Ҭархәына-иҧа Аџьынџьал диит рашәара фба 1930 шықәсазы, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан, идунеи иԥсахит абҵара жәаҩа 1977 шықәсазы. Аҧсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ, СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылахәын. Дыҩуан аҧсышәала. Дрылгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭеи,  Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институти, Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт Иреиҳау алитературатә курсқәа. Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа данҭаз. Иҩымҭақәа ркьыҧхьуан 1948 шықәса инаркны. Иажәеинраалақәа (аҧсышәалеи, И. Вронски, М. Борисова, А. Дементиев, Д. Чачхалиа аурысшәахь еиҭаргази) ркьыҧхьуан ажурналқәа "Алашара", "Аҟәа-Сухум", "Абаза", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия", алитературатә еизга "Ерцахә" уҳәа егьырҭгьы.

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааАнатоли Аџьынџьал ишәҟәы "Адгьыл шкәакәа"
Здацқәа ӷәӷәаз апоет: Анатоли Аџьынџьал игәалашәараз - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Анатоли Аџьынџьал ишәҟәы "Адгьыл шкәакәа"

Иҟан апоет иҩымҭақәа анырымкьыҧхьуаз аамҭақәагьы. Иажәеинраалақәа рыхәҭак агәылалеит "Аҧсуа поезиа антологиа", "Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә."( аиҭаҭыжьра)  уҳәа егьырҭ аизгақәа.

Жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи апрозатә ҩымҭақәеи реизгақәа дравторуп.

Ан. Аџьынџьал дырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Аҧсшәахь еиҭеигеит аурыс, аукраин, ауаҧс, ақырҭуа, ачерқьес, абаза, аногаи  поетцәеи апрозаикцәеи: Л. Толстои, В. Верховски, В. Орелкин, Т. Ч. Шевченко, Лесиа Украинка, К. Л. Хетагуров, , Г. Н. Леониӡе, М. Мирнели, А. Ханфенов, Џь. К. Лаҩыцә, П. К. Цеҟәа,  М. Х. Чкәуту, И. А. Цеҟәа, М. С.-Г. Тлабыча уҳәа егьырҭгьы.

Аҭыжьымҭақәа: Игәакьоу асахьақәа, Амҵәыжәҩақәа, Ажәабжь кьаҿқәа, Амҩақәа, Ацәашьы иаҵәақәа, Ааҧнуп макьана, Ахаҳәқәа рышәшьыраҿ, Аҩадатәи аҧшақәа, Ари адунеи, Амшын шкәакәа, Иалкаау. Аурысшәахь аиҭагақәа: Улья, Белая Земля.

Акритикцәа ргәаанагарала  иҟалап аԥсуа поезиаҿы, Ан. Аџьынџьал иаҟара "иуадаҩу" даҽа поетк дыҟамзар. Убри азы акәзаргьы ҟалоит иахьа уажәраанӡа иара ирҿиара иазкны статиа наӡааӡак заҳԥымлоугьы. Ҳәарада, раԥхьа иргыланы Ан. Аџьынџьал ипоезиа ауадаҩрақәа мзызс ирымоу иара иаҷыдахаз апоетика кыр иоргиналу апоет идунеихәаԥшышьеи ракәхоит.

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааАнатоли Аџьынџьал иҩызцәа рааигәа
Здацқәа ӷәӷәаз апоет: Анатоли Аџьынџьал игәалашәараз - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Анатоли Аџьынџьал иҩызцәа рааигәа

Иаагап апоет заатәи иажәеинраала "Сырҩаш".

Раӡны маҟак еиԥш ахра аҽакәырша,
Иҭалоит сырҩаш еилаҽҽо,
Аԥырцәқәа снапаҵаҿ ирхәаша,
Архахь иазнеиуеит иччо…

Сырҩаш зҽыкәабан иҭыҵуа,
Рашьк еиԥш ишьамхы ҵархоит.
Ҩаԥхьа иус ахь данцәырҵуа,
Ҩынтә илшара еиҳахоит.

Иабыкәу асеиԥш арҩаш ахьгәылҵуа,
Жәлар гәыблыла ирызку.
Ачабра цқьеиԥш ахра ирҿысуа,
Избаз ихашҭуам изакәу.

Раӡны маҟак еиԥш ахра аҽакәырша,
Иҭалоит сырҩаш еилаҽҽо.
Аԥырцәқәа снапаҵаҿ ирхәаша,
Архахь иазнеиуеит иччо…

Апоет ԥсыуак иаҳасабала ӷьашьа зқәым ихәра ӷәӷәақәа иреиуан ҳажәлар акырынтә хыԥхьаӡара рацәала ихырҵәаны мшын нырцә изгаз амҳаџьырра. Ари ахҭыс бааԥс, ахҭыс еиқәаҵәа иазкны уи имоуп ажәеинраалақәа маҷымкәа, аха иааилацалан, аԥхьаҩ ихы-игәы аҿы инхартә иҟоуп абри ажәеинраала даҽакы иузаламырҩашьо:

О, сышьха тәыла, угәы-угәаҵәа ҭаҳаҳа,
Изгаз дызусҭада, абас, иумҳәои?
Адунеигь ушԥаҟаз ҳара ҳзын удагәаха,
Ҳалаӷырӡ амшын шарҵааз умбеит.

Снеиуеит аиҩхаақәа срыбжьаланы,
Сгәы исыхьуа снапы адкыл искуп.
Ицәқырԥоит қәыдры, скалҭ инахьыӡсан,
Сыргәыбзыӷуа ицәажәар аҭахуп…

Апоет реиҳа аныҟаиҵашаз, апоезиаҿгьы апрозаҿгьы аԥышәа бзиа аниоу, адунеитә литератураҿы иаԥҵоу ахатәратә ҩымҭақәа данрыԥхьа, урҭ ԥышәара дук аҳасабала иара ирҿиартә ԥсҭазаара анырра ӷәӷәа арҭо ианалага, иҭышәынтәаламыз, џьаха-џьафарыла иааӡаз, гәаҟреи-гәырҩеи рацәаӡаны изхызгахьаз ауаҩы, дыхәжәеит, изышьҭымхт игәырҩа, "дыҵҩрит" ашәыр ҵла бзиаиԥш, ишьаҭақәа иахьынӡахәҭаз иакаанӡа… Аха зегьы акоуп, апоет дзыхьӡаз, иаԥиҵаз, ҳара ҳлитература зегьы азы игәадууроуп, иреиӷьқәоу ҳашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа ирылҷҷаауа иргәылагылоуп.

Абра иаазгоит, ҳпоезиаҿы иреиӷьӡоу аҩымҭақәа рахь ишьоу апоет иажәеинраала ссир "Шьыжьымҭанк Аҟәа фаетонк алсны ицеит…"

Акырԥ-кырԥҳәа аҽышьҭыбжь геит ацәылашамҭаз,
Ажәытә бызшәа нанҩт амҩаду.
Ахьхьа-хьхьаҳәа афаетон аҵәҵәа ишасуаз,
Арха инавал ицеит ишеибаку.

Ицеит, уи ашәышықәсақәа иргәылсны,
Ацәылашара рҟәандо, аԥсы ҭаҵаны.
Ицеит ҳацәа хаара хҭыск назныжьны,
Иԥҵәаз рахәыцк еиԥш ҳгәы ныҿкааны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0