Ҳаԥсуа бызшәа аҵаулара ҳӡаазырԥшылаз: Баграт Шьынқәба игәаларшәаразы

© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааБаграт Шинкуба
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Анапаҵаҩра
Ҳаԥсуа литератураҿы Баграт Шьынқәба иҟаиҵаз хәызмаӡам алагала атәы дазааҭгылоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.

Ҳаԥсуа литератураҿы апоезиа иреиҳаӡоу аҩаӡараҿы ихазгалаз ҳпоетцәа дуқәа рыӡбахә анаҳҳәо, зегь раԥхьаӡа ихьӡ ҳаргылоит Аԥсны Жәлар рпоет, академик Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба. Уи ҳаԥсуа бызшәа иалшоз зегьы алзыршаз, ахьыршәыгә еиԥш еилазцалаз, ахаара-бзаара зегьы цәырганы иаҳзырбаз, агьама ҳзыркыз, уи аҵаулара ҳӡаазырԥшылаз поет дуӡӡоуп.

Баграт Шьынқәбеи ахаҩ еиҩсеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз: Баграт Шьынқәба диижьҭеи 104 шықәса ҵит

Иаахҵәаны иуҳәар ҟалоит, маҷк игәаӷьыуацәоуп ҳәа зшьо ыҟазаргьы, Баграт ицәаҳәа ахьынӡахалаз, уи иаанартыз аԥшӡарақәа, даҽа аԥсыуа поетк ицәаҳәа зымнаӡаӡацт, иазаамыртӡацт ҳәа. Уи дшыхәыҷӡаз ишьҭикааит, аԥсы шҭаз дахьӡеит иреиӷьӡаз жәлар рҳәамҭақәа, рфольклор, рлакәқәа, рашәақәа, рлегендақәа, ибеит изҭагылаз ргәаҟра-рҵәаҟра, далагылеит рыԥсра-рчара, ирыцеиҩишеит ажәлар ргәырӷьареи ргәырҩеи.

Шьынқәба Баграт Уасил-иԥа (12.05.1917, Аԥсны, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа, – 25.02.2004, Аҟәа) – апоет, апрозаик, аҵарауаҩ-алингвист, афольклорист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1945). Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик (1997). Аԥсны жәлар рпоет (1967), Ҟабарда-Балкариеи Адыгатәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы (1990), Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа (1988). Ианашьоуп Ленин иорден (1966), Алитература азы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (1967, ароман "Ахра ашәа" азы), Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәылатәи ССР Аҳәынҭқарратә премиа, "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара. СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәеи Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи (1999) рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.

© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааАдемократиатә Республика Виетнам ахада Хо Ши Мини Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Баграт Шьынқәбеи 1959 ш. Аԥсны.
Ҳаԥсуа бызшәа аҵаулара ҳӡаазырԥшылаз: Баграт Шьынқәба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Адемократиатә Республика Виетнам ахада Хо Ши Мини Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Баграт Шьынқәбеи 1959 ш. Аԥсны.

Ҷлоу ақыҭантәи алагарҭатә школ дҭан (1926-1928), нас - Џьгьарда ақыҭантәи быжь-шықәсатәи ашкол (1930 ш. инаркны). Дрылгеит Аҟәатәи арҵаҩратә техникум (1935), А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша (1939), Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа абызшәадырра аинститут аспирантура (1944). Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анҵысы, Аԥсныҟа дхынҳәит, 1943 ш. азынӡагьы рҵаҩыс аус иуан, анаҩс – агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциаҿы, Н.И. Марр ихьӡ зхыз абызшәеи аҭоурыхи Аԥснытәи рыҭҵаарадырратә институт аҟны. 1943-1944 шш. раан иҵара иациҵон Қарҭ Абызшәадырра аинститут аҟны.

1947 ш. февраль 25 рзы Б.У. Шьынқәба, Гь.А. Ӡиӡариа, К.С. Шьаҟрыл ашәҟәы дәықәырҵеит ВКП(б) Ацентртә Комитет (Ацентр Комитет амаӡаныҟәгаҩ А. А. Кузнецов ихьӡала) ашҟа, уаҟа иаахтны иадырбеит аԥсуа жәлар рзинқәа реилагареи ркультура аицакреи шымҩаԥысуаз. Б. Шьынқәба дналаҵаны ашәҟәы авторцәа ирышьклаԥшуа иалагеит, ашәҟәыҩҩы усҟан дызлеиқәхаз џьашьахәуп.

1954-1958 шш. раан Б. Шьынқәба Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла дахантәаҩын, 1958-1979 шш. рзы – Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩыс дыҟан. 1959, 1978, 1984 шш. раан СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс далырххьан, 1989 ш. - СССР жәлар рдепутатс. 10 шықәса инареиҳаны Аԥсны Аминистрцәа Рхеилак Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа рыҭаразы акомиссиа дахантәаҩын. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) ашьҭахь акыр шықәса хадара азиуан Аԥсны Ахада иҟны иҟаз Ауаажәларратә хеилак.

© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааАдемократиатә Республика Виетнам ахада Хо Ши Мини Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Баграт Шьынқәбеи 1959 ш. Аԥсны.
Ҳаԥсуа бызшәа аҵаулара ҳӡаазырԥшылаз: Баграт Шьынқәба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Адемократиатә Республика Виетнам ахада Хо Ши Мини Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Баграт Шьынқәбеи 1959 ш. Аԥсны.

Дышхәыҷыз жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа дрызҿлымҳахеит, иара убас раԥхьатәи аԥсуа поетцәеи апрозаикцәеи, Д.И. Гәлиа, И.А. Коӷониа, С.И. Ҷанба уҳәа, рҩымҭақәа. Дышнеишнеиуаз уи иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, ибалладақәеи жәпакы шьаҭас ироуит афольклортә сиужетқәа.

Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит акыр заа. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа ируакуп 1935 ш. ажурнал "Аԥсны ҟаԥшь" ианылаз "Ахаҵара". Уи нахыс иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Алашара", "Амцабз", "Абаза", "Аҟәа-Сухум", "Дружба народов", "Новый мир", агазеҭқәа: "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия", "Сабҷоҭа Аԥхазеҭи", "Республика Абхазия", "Сухум вечерний", "Абхазия" (Москватәи аҭыжьымҭа), "Еҵәаџьаа", "Нарҭ", "Федерация", "Литературная Россия", "Литературная газета"; аизгақәа: "Литературная Абхазия", "Ерцахә"; ашәҟәқәа: "Памятник нам сыновей не заменит… Ажәеинраалақәеи ашәақәеи" (Аҟәа, 1994), "Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи" (Аҟәа-Сухум, 1995); "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва 2009).

© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааНаҟ-ааҟ игылоуп Баграт Шьынқәбеи Чилитәи апоет Пабло Нерудои. Аҟәа, асасааирҭа "Абхазия". 1957 ш.
Ҳаԥсуа бызшәа аҵаулара ҳӡаазырԥшылаз: Баграт Шьынқәба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Наҟ-ааҟ игылоуп Баграт Шьынқәбеи Чилитәи апоет Пабло Нерудои. Аҟәа, асасааирҭа "Абхазия". 1957 ш.

1938 ш. Аҟәа иҭыҵит раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Раԥхьатәи ашәақәа".

1940-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи – 1960-тәи ашықәсқәеи раан апоет иаԥиҵоит ажәеинраалақәа: "Амҳаџьыраа ргарашәа" (1940), "Апартизан" (1942), "Сыԥшалас" (1958), "Аӡынтәи ашьыжь" (1959) уҳәа егьырҭгьы; абалладақәа: "Ахәыҷра" (1940), "Аҿырпын" (1947), "Риҵа" (1948), апоема "Иаирума" (1960), аԥсуа литература аклассика акәны иагьыҟалеит.

Арҭ ашықәсқәа раан Б. Шьынқәба иҽԥишәоит апоезиа аепикатә форма дуқәа рҟны, иҩуеит апоема "Аҳәачаԥа", иажәеинраалоу ароманқәа "Аҿатә уаа", "Ахра ашәа".  Иажәеинраалақәа "Амҳаџьыраа ргарашәа", "Апартизан", "Сыԥшалас", "Кофта шкәакәа зшәу" уҳәа ирылхны иаԥҵан ашәақәа, лассы-лассы урҭ жәлар рашәақәа ракәынгьы ирыдыркылоит.

© Foto / Предоставлено Анатолием ЛагулааБаграт Шьынқәбеи Аԥсны Жәлар рартист, раԥхьатәи аԥсуа композитор Ражден Гәымбеи
Ҳаԥсуа бызшәа аҵаулара ҳӡаазырԥшылаз: Баграт Шьынқәба игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Баграт Шьынқәбеи Аԥсны Жәлар рартист, раԥхьатәи аԥсуа композитор Ражден Гәымбеи

1960-тәи ашықәсқәа раан Б. Шьынқәба дырзыхынҳәуеит алирикатә жәеинраалақәа, аурыс, ақырҭуа, европатәи апоезиа уҳәа рҟнытә аиҭагара инапы алакын. Апоет апрозаҿы раԥхьатәи ишьаҿақәа ҟаиҵоит. Раԥхьатәи ипрозатә ҩымҭа – аповест "Чанҭа дааит" анылеит ажурнал "Алашара" 1969 шықәсазы (№4). Абри ашықәс азы уи еиҭаган аурысшәахь, Е. Герасимов ибзоурала, иагькьыԥхьын ажурнал "Новый мир" (№6) аҟны. Уинахыс Б. Шьынқәба иҩуеит ароман "Ацынҵәарах", раԥхьаӡа акәны ианылеит ажурнал "Алашара" (№1-8) 1974 шықәсазы; хаз шәҟәны иҭыжьын уи ашықәс анҵәамҭазы.

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Арҿиаратә еиԥыларақәа, аҩызцәа рыдкыларақәа: Баграт Шьынқәба

Ироман "Ахаҳә еиҩса" актәи ашәҟәы иҩит 1979-1981 шш. раан, иагькьыԥхьын ажурнал "Алашара" (1982 ш. (№4,5,6,7) аҟны, хаз шәҟәны иҭыҵит 1983 шықәсазы. Хара имгакәа аурысшәахь еиҭеигеит И. Бехтерев, иагьҭнажьит аҭыжьырҭа "Советский писатель" (М., 1986). Аҩбатәи ашәҟәы аҩра далагеит 1987 шықәсазы, иагьхиркәшеит 1991 ш. маи мзазы. Аҵыхәтәантәи авариант кьыԥхьуп Б. Шьынқәба иҩымҭақәа реизга 4-тәи атом аҟны (1998).

Б. Шьынқәба иҩымҭақәа реиҳарак (ажәеинраалақәа, апоемақәа, абалладақәа, ароманқәа, аповест) аурысшәахь еиҭагоуп (еиҭаргеит И. Козловски, С. Липкин, Р. Козакова, А. Межиров, И. Неиман, Л. Длигач, Д. Голубков, В. Луговскои, В. Потапова, В. Державин, Р. Рожденственски, К. Симонов, В. Ахмадулина, С. Куниаев, Л. Мигдалова, Е. Балашов, Б. Брик, Л. Озеров, Г. Павловскаиа, Б. Серебриаков, М. Луконин, Е. Николаевкаиа, И. Кушак, Е. Евтушенко, М. Алигер, Е. Герасимов, И. Бехтерев, Д. Чачхалиа уҳәа егьырҭгьы), иҩымҭақәа жәпакы (еиҳаракгьы "Ацынҵәарах") еиҭагоуп адунеи акыр абызшәақәа рахь.

Б. Шьынқәба авторс дрымоуп иара убас аҭҵаарадырратә усумҭақәа жәпакы, урҭ рызкуп аԥсуа бызшәеи, афольклори, аетнографиеи. Еиқәиршәеит афольклортә текстқәа реизга, урҭ иреиуоуп: "Абхазские сказания" (аурысшәахь еиҭеигеит С. И. Липкин, Аҟәа, 1961), "Нарҭ Сасрыҟәеи ԥшьынҩажәи зеижәҩык иашьцәеи рыхҭысқәа" (еиқәдыршәеит Ш.Д. Иналиԥеи, К. С. Шьаҟрыли, иареи); аурысшәахь еиҭаргеит Г. Гәлиа, В. Солоухин; Аҟәа, 1988), "Ахьырҵәаҵәа; Аԥсуа жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәеи аетнографиатә материалқәеи" (Аҟәа, 1990) уҳәа егьырҭгьы.

Бенур Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2020
Бенур Шьынқәба иаб Баграт изкны: Симонов аԥсыуала аишәа амҩаԥгашьа иирҵеит

Б. Шьынқәба деицырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Уи аԥсшәахь еиҭеигеит А.С. Пушкин, М.И. Лермонтов, Н.А. Некрасов, Џь. Баирон, И.В. Гиоте, Ш. Бодлер, П. Верлен, Ш. Петефи, Ш.М. Бараташвили, А.Р. Ҵереҭели, Г.В. Табиӡе ражәеинраалақәа, Ш. Русҭавели ипоема "Абжьас-цәа зшәу" ацыԥҵәахақәа уҳәа.

Аҭыжьымҭақәа

Аԥсышәала: Раԥхьатәи ашәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1938; Аҳәачаԥа. Аҟәа, 1943; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1948; Аҿатә-уаа. Иажәеинраалоу ароман (Альманах. Аҟәа, 1951, №2. (2-тәи аҭыжьымҭа – Аҟәа, 1955; инхарҭәаау авариант – Аҟәа, 1963); Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1956; Иаирума. Амшәкәашара. (Ахәыҷқәа рзы апоема). Аҟәа, 1961; Аԥхын. Аҟәа, 1962; Ахра ашәа. Иажәеинраалоу ароман. Аҟәа, 1965; Иалкаау иҩымҭақәа: 2-томкны. Аҟәа, 1967-1968; Ацынҵәарах. Аҭоурыхтә роман: 3-шәҟәыкны. Аҟәа, 1974; Ажәа. Ажәеинраалақәеи аиҭагақәеи. Аҟәа, 1975; Иҩымҭақәа реизга. 3-томкны. Аҟәа, 1977-1979; Ахаҳә еиҩса. Ароман. Аҟәа, 1983; Аӡыхь. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи алакәқәеи. Аҟәа, 1985; Ааԥынтәи ашәахәақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986; Иҩымҭақәа реизга: 4-томкны. Аҟәа, 1987-1988; Иҩымҭақәа реизга. 5-тәи атом. Иацы. Иахьа. Уаҵәы. Ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, астатиақәа, ақәгыларақәа (Аԥсышәалеи урысшәалеи). Аҟәа, 2003; Иҩымҭақәа реизга. 6-тәи атом. Есымшааира ашьха схалоит: Ажәеинраалақәа, аҭҵаамҭақәа, ақәгыларақәа. (Аԥсышәалеи урысшәалеи). Аҟәа, 2008; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988. (Асериа "Иалкаау аԥсуа лирика" ала).

Анатолий Лагулаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Арадио
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Лагәлаа Баграт Шьынқәба изкны

Аурысшәахь аиҭагақәа: Мои земляки. Роман в стихах. М., 1953. (аиҭаҭыжьра - Қарҭ, 1958; М., 1967); Стихотворения (и поэмы "Домой". – "Песня о скале" ацыԥҵәаха). М., 1959; Сыновний долг. Стихи. М., 1962; Где бы я ни был… Стихи. Тбилиси, 1963; Медвежья пляска. Сказка (в стихах). (Для младшего школьного возраста). М., 1963; Песня о скале. М., 1967; Стихи и баллады. Сухуми, 1971; Избранное. М., 1976; Последний из ушедших. Роман. 1976; (переиздания – М., 1978, 1979); Сухуми, 1985; Избранные произведения; в 2 томах. М., 1982; Рассеченный камень. Роман. М., 1986; Мое дерево. Стихи. М., 1987; Праздник большой семьи. Стихи. (Для младшего школьного возраста). М., 1987; Проза. Романы, повесть. М., 1988; Сказка о капризном козленке. Стихи и сказки (в стихах).  (Для младшего школьного возраста). М., 1989; Последний из ушедших. Романы. Повести. Нальчик, 1994; Избранные произведения: в 2-х томах. Сухум, 2011.

Аукраин бызшәахь: Аӡыс гәымшәа. Ашколқәра иаҵанакуа рзы алакә. Киев, 1967: Ацынҵәарах. Ароман. Киев, 1983.

Аҟабарда бызшәахь: Ацынҵәарах. Ароман. Нальчик, 1989.

Аҟазах бызшәахь: Ацынҵәарах. Ароман. Алма-Ата, 1981.

Англыз бызшәахь: Ацынҵәарах. Ароман. Москва, 1986.

Анемец бызшәахь: Ацынҵәарах. Ароман. Берлин, 1981.

Аҭырқәшәахь: Ацынҵәарах. Ароман. Сҭампыл, 1990.

Ақырҭшәахь: Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Қарҭ, 1969.

Араб бызшәахь: Ацынҵәарах. Ароман. Амман, 1987.

Ажәабжьқәа зегьы
0