Зыжәлар алашарахь изгоз арҿиаҩ ду: Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса ҵит

© Foto / Сырма АшәԥҳаАԥсуа шәҟәыҩҩы аҭоурыхҭҵааҩ Омар Беигәаа 10-тәи ашкол аҿы.
Аԥсуа шәҟәыҩҩы аҭоурыхҭҵааҩ Омар Беигәаа 10-тәи ашкол аҿы. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Анапаҵаҩра
Иналукааша аҵарауаҩ-абызшәаҭҵааҩы, афольклорист, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, ашәҟәыҩҩы, арккаҩы, аԥсуа мҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа иреиуоу Омар Беигәаа диижьҭеи сынтәа 120 шықәса ҵит. Уи игәалашәара иазкуп апоет Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа.

Ҳбызшәеи, ҳҭоурыхи, ҳлитературеи мшын нырцә иҟоу ҳаԥсуа жәлар рыбжьара имыӡыртә, иҿиартә, еизҳартә еиԥш аџьабаа дуӡӡа збаз драԥхьагылоуп апоет, аҵарауаҩ, абызшәадырҩы - Беигәаа Омар.

© Foto / Сырма АшәԥҳаИналукааша аҵарауаҩ-абызшәаҭҵааҩы, афольклорист, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, ашәҟәыҩҩы, арккаҩы, аԥсуа мҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа иреиуоу Омар Беигәаа
Зыжәлар алашарахь изгоз арҿиаҩ ду: Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Иналукааша аҵарауаҩ-абызшәаҭҵааҩы, афольклорист, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, ашәҟәыҩҩы, арккаҩы, аԥсуа мҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа иреиуоу Омар Беигәаа

Сара ибзиаӡан исгәалашәоит, усҟан ҳара ҿыц Аҟәа ҳшьапы анналаҳаргылаз ауп, 1978 шықәсазы Омар Беигәаа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа ргәыԥ дук раԥхьа дгыланы мшынла Аԥсны дыӡхыҵит анырҳәоз аамҭақәа. Усҟан, соуп сҳәоз аԥсуа интеллигенциа зегьы урҭ рԥыларазы еиханы уахь ицон. Знык Ҭырқәтәылантәи иааз аԥсуаа рлакҭа ҳҭаԥшны, ҳаԥсра ԥсроума зҳәоз ауаагьы убасҟан сылала избеит. Избанзар усҟан ҳажәлар ибзиан ирдыруан ҳашьцәеи ҳареи ҳаиламҵәар, ҳаибамбар ада ԥсыхәа шҳамамыз, ус иҳалаз ҳшьа ишҳаҵанаҳәоз.

© Foto / Сырма АшәԥҳаОмар Беигәаа
Зыжәлар алашарахь изгоз арҿиаҩ ду: Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Омар Беигәаа

Омар Беигәааи ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәеи аимадара бзиа рыман, наҟ-ааҟ ажәеинраалақәа еимырдон, еихьӡнырҩылон. Абра иааҳгоит урҭ рахьтә ҳпоет гәлымҵәах Борис Гәыргәлиа "Омар Беигәаа уахь" захьӡу иажәеинраала:

Амҩа абаҟоу,
Амҩа иқәлаз,
Имҩа мҩабжара иҿахҵәазар...
Ажәа абаҟоу,
Ажәа зҳәарцаз
Зҿы еихызхыз
Деихаркызар…
Ашәа абаҟоу,
Ашәа зхылҵыз
Аԥсҭазаара
Ииаанӡа иршьызар…

Ажәлар роума
Зыӡбахә умоу,
Ҳамҳаџьырқәа
Рҵеи ҭынхада…

Ҳажәлар ԥагьа,
Рыхша гәакьа,
Ажәлар тәымџьара
Изоухьада?

Амҩагь ыҟоуп,
Ажәларгьы ыҟоуп,
Ашәагь каҩуеит,
Ан дахьыҟоу…

Уан - Уԥсадгьыл,
Аԥсынтәыла,
Узгәышьуеит,
Омар, Уабаҟоу?..

1974 ш.

Абра иаазгар сҭахуп Аԥсны жәлар рпоетесса Нели Ҭарԥҳа аџьабаа дуӡӡа адбаланы 1989 шықәсазы иҭлыжьыз Омар Беигәаа ишәҟәы аԥхьажәа. Уи акраанагоит иахьа игыло аҿар рзы, избанзар урҭ рахьтә даара ирацәаҩуп иззымдыруа Омар Беигәаа иҭоурых, насгьы уи ҳажәлар рҭоурых ишаласоу.

"БЫҶКУН* САРА, ЧЧАРА ЗХАШҬЫЗ..."

Омар Беигәаа иуазашәа-ергьашәа

"Аԥсны аиацтәи амш, аиахьатәи амш, ма ауаҵәтәи амш уаназхәыцуа**, иугәаламшәар ҟаларыма ҳазну ашәышықәса аҩажәатәи ашықәсқәа раан ҳашәҟәыҩҩы-классик Миха Лакрба Дырмит Гәлиа ду изикыз ажәеинраала ҟаимаҭ. Аԥсуа шәҟәҩыратә поезиа ахы аныҵнахуаз Дырмит Гәлиа ииҩыз ажәеинраала "Аҳы, сышәҟәы, уеиҵамхан!.." аамышьҭахь ари ажәеинраала, хымԥада, программатә трактатуп азуҳәар ауеит уи изҩызи изызкызи рзы адагьы иара Аԥсны ахаҭа азгьы.

Ушнеиуа унеи, уус гәырҩагаз,
Уаҟәымҵын, уашьҭаз, инагӡа!
Иуцәыхьанҭоугьы — мчыла уаҵаз,
Узхьымӡо — цасҳәа уҽахьыгӡа!..

Убас-убас, алада ицоит ацәаҳәақәа, ажәақәа, аки-аки рҵаки рыкапани хеибарҭәаауа, дасу дунеик-дунеик, аха хықәкы зеиԥшк иеицаҵаны.

Октай Чкотуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Арадио
Чкотуа Омар Беигәаа изы: адиаспораҟны аԥсуа милаҭтә хдырра дасимволуп

Узырхәыцша, иҩуижьҭеи 70 шықәса шҵуагьы (1919 ш. раахыс) иахьагьы иацәыӡым ажәеинраала актуалра, уаҵәгьы иацәыӡуам, ус иҟоуп Аҟазара, Аҟаза иажәа, Аҟыбаҩ ду анарха, алахьынҵа! Аха иҟоуп даҽакгьы, уи Омар Беигәаа иажәақәа рыла акәымзар, даҽакала ҳәашьа аманы иуадаҩуп: "аԥсуа анцәа дишаны адәы дзықәиҵаз — дԥишәаларц ауп... ҳашԥишәауа мацара ҳааиуеит..." Абри "ҳашԥишәауа мацара ҳааироуп" леитмотивс иаҵоу Дырмит Гәлиа раԥхьатәи ипоезиатә жәҵыс "Аҳы, сышәҟәы, уеиҵамхан!.." "Ҳашԥишәауа мацароуп" ашәа знырҳәало аԥхьарцеиԥш, зыӡбахә ҳамоу Миха Лакрба иажәеинраалагь зыдҳәалоу. Амала, шаҟа иҵәаа-ҵәаауазеи уи "аԥхьарца" абжьы! Ажәеинраала зегьы шьахәуп, ҳәарада, ишедевруп аԥсуа литература "аарыхраҿы, ҵакылеи формалеи акы узавбом. Иҟам ажәак усгьы изҭыԥым, имыцхәу, иҟьалахан иқәнагалаз, акы аҵкыс акы ӷәӷәаны, зегьы апыҟҟаҳәа "ахҭыԥқәа" ирҭашәоит. Аха иҟоуп усгьы зегьы ирыцку, илымкааху, ажәеинраала зегь ақәкы ныҟәызго, "аԥсы зхоу" ацәаҳәақәа:

Уԥшишь! Иубома, амра гылоит!
Уажәнатә ицәывҵыҷҷоит иара!..
Убас хәҷы-хәҷла иҿыхоит,
Ҳара хазҽеихар, ҳ-Аԥсынра!

Егьа угәы алаҟаны, егьа ԥагьа ухы убо уҟазаргьы, абри ажәа "ҳара ҳазҽеихар" угәы амырԥшаар, ӷәӷәалагь уамырхәыцыр залшом, убасҟак ауаҩы "иԥсырҭа" иақәку ажәа еидароуп, ажәа ҭынхоуп, иуҳәар ауеит: ҭоурых ажәоуп! Ҳабацәа урҭ рабацәа рҟынтә "абшьҭрала", абхәҭак еиԥш ирымдан иааҳго, зхацхә уаҳа инкаҳмыршәыз убри "ҳашԥишәауа мацара ҳааира" бырҵкал кылхырҭас иаиуз жәларлеи дасу хаҭа-хаҭалеи, хара ҳамхәыцреи, ҳхы инагӡаны ҳамыхәареи, аҽеихараз ҳақәԥара, икәадамзаргьы, аӷьараҳәа аҟамлареи уҳәа, иарбан иамҳәо ари ажәа!

© Фото : Арда АшәбаОмар Беигәаа еиҭагамҭа
Зыжәлар алашарахь изгоз арҿиаҩ ду: Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Омар Беигәаа еиҭагамҭа

"Ҳара ҳазҽеихар... Ҳазҽеихар, ҳазҽеихар, ҳазҽеихар..." — уааҟәымҵӡакәа иуҳәалар цәгьа ишԥоуҭаху зны-зынла!..

"Ҳашԥишәауа мацароуп" Аԥсны аҵеи гәлымҵәах Гьаргь Чачба (Шервашиӡе) и-Аԥсны анхара дақәиҭымкәа, дахыганы тәым дгьыл ҳасабла Қырҭтәыла (Қарҭ) изихигаз аҵыхәтәантәи ишықәс хьанҭақәа. Уи "аԥышәара" мыжда дареиџьноуп уаҳа еиҭазҳәо акы акәым ҳәа, иԥсадгьыл Аԥсны иазԥҵәаны ауеимадаҳәа тәым бызшәала изырҩыз иашәа хьанҭа "Уарада".

Шьҭрала адуцәа иреиуаз, Аԥсны аҳцәа иршьаз, иҟәыш дууз, аҵара дугьы змаз аҳ-иԥа Гьаргь, еиқәырхатәуп абаа, ишәыхьча ҳәа ақырҭ бызшәа атрактатқәа аназиҩуаз, қырҭуак ишимыхьчара ианихьчоз, изгәамҭеит ивараҿ дышгылаз еихьымӡа-еиԥымӡа иааӡаз, амҳаџьырра зыԥсы ацәынзырхаз анхаҩ ӷар иҷкәын, анхaҩы ҷкәын Дырмит Гәлиа ижәлар дышрылагылаз.

© Foto / Анатоли Лагулаа Омар Беигәаа
Зыжәлар алашарахь изгоз арҿиаҩ ду: Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Омар Беигәаа

"Аҳы, сыжәлар, шәеиҵамхан!.." ҳәа аанарго, "Аҳы, сышәҟәы, уеиҵамхан!.." ҳәа иҿшынеихаз, дагьшахьӡаз ижәлари иареи ргәахәтәы. Бжеиҳан ажәлар дуқәа рҵеицәа дуқәа, ҭауади-аамсҭеи аҳцәа рхылҵшьҭреи ракәзар зыжәлар еиқәзырхоз, алитература дуқәа, акультура дуқәа рзызчаԥоз, Аԥсны анхаҩы ҷкәын иакәхеит уи аԥеиԥш бзиа азызыӡбаз! Анхацәа рҵеицәа ракәхеит, рыдгьыл дацԥашәла ишазааигәаз еиԥш, дацԥашәрагь азызуз, ԥхьаҟатәи аиҭаҿиара ацҳа хьанҭа иқәсны...

Иаҳхылаԥшхәу, лахь сумҭан,
Ас сахьашшуа чҳарада.
Уа зны-зынла иаасырӷызлап 
Сабацәа рашәа, уарада!..

Ишуазашәаз, уаҳа ергьашәак зхымҩыз Гьаргь Ачачба ахәаша иуарада! Дзазҽеимхеит уи уаҳа ижәлар рлахьынҵа!

Еиҭах и-"Уарада" еиҭаганы, иара ишаимырҳәарыз аԥсышәала иуаз арҳәаны, Аԥсны аҵеицәа гәлымҵәахқәа дрылазыргылаз — шьҭрала анхаҩы ҷкәынцәа роуп!

"Хашԥишәауа мацара ҳааира" иԥнашәаз, уаҳагь лахьеиҵыхра змоуз Аԥсны ауаҩы хаҭара!..
Аԥсны "ааҵра" дшыҟаз, Аԥсны уаҳа изымааӡаз, забацәа рыдгьыл аҿы анышәнап иаҳәаз, нышәнапсгьы изауз...

Усҟан дгьылнырцә, нахьхьи Ҭырқәтәылан, аҳәира илиаан изызҳаз аҵла шанеиԥш, тәымтәылан ижәлар рлахьынҵа хьанҭа далиаауан Омар Беигәаа, аарцә иԥсадгьыл аҿы Дырмит ду иргаз ибжьы ҿаца зыбжьы ацзыргаз! Зыԥсадгьыл иацәыӡыз аԥсуа жәлар амшын иалаӡыз цәыкәбаршәа иналамӡырц, иагьалазмырӡыз!

Иара убригьы анхаҩы ҷкәын иакәны!!!

Аԥсуа шәҟәыҩҩы аҭоурыхҭҵааҩ Омар Беигәаа 10-тәи ашкол аҿы. - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2016
Абаҩхатәра ду злаз аҵеи лаша - Омар Беигәаа

Абри зегь илшеит Омар Беигәаа, убри "ҳашԥишәауа мацара ҳааира" даиааины! Убри "аԥышәароуп" егьызхылҵыз, нас, Омар Беигәаа ихьӡ ахны тәымдгьылынтәи — Асҭампылтәи — аҧсуа ибжьы акәны, ус анакәха, аԥсуаа — нырцә иҟа, аарцә иҟа — зегьы-зегьы руазашәа акәны, рергьашәагь акәны иҟалаз иажәеинраала-иашәа "Асҭампылтәи аԥсыуа бжьы" (акомпозитор Ражден Гумба ашәа алихит).

"Аҳы, сышәҟы, уеиҵамхан!.." иашьҭамнеир ԥсыхәа ыҟамызт Миха Лакрба иажәеинраала "Дырмит Гәлиа уахь".

Урҭ ирышьҭамнеиргьы "ҵасхомызт" Омар Беигәаа иаԥҵамҭа гәлымҵәах "Асҭампылтәи аԥсыуа бжьы".

Аԥсны ала хҩоуп, алымҳа дагәоуп,
Лашарак зааишам, илашьцоуп...

Ихьанҭоуп Лакрба иуаз бжьы! Аха, мап, ишцац имцеит! Ихтит уи абла, алымҳагь ҵархеит, алашара иааиуагь — иахьанӡагь ирацәам, аха Асар рымҩеиԥш, ҩаԥхьа игәылҳәаа игахеит:

Иазылухт амҩа, маҷӡак угуп,
Лашара иааиуа рацәаӡоуп!

Миха Лакрба илаԥш ҵар икылнакааз Дырмит Гәлиа илихыз амҩоуп наҟынтәи, аҳәаанырцәынтәи иаԥыҩланы изыргаз Асҭампылтәи аԥсуа ибжьгьы. Лашара иааиуа арацәароуп зышьҭа жжаӡа ажәҩан ианылаз аныхашьҭеиԥш, харантәи иаазыгӡаз аԥсуа ибжьы:

Амшын еиқуа сыҽԥынгылоуп,
Иасымша нырцә сыԥшыуа...
...Сгуы-сгуаҵәа нырцәҟа иынхаит,
Сзыӡысаом, сзыԥыруам...*

Нас аҩныҵәаабжь еиԥш аӷьаҵәыӷьаҵәбжьы, аԥа, тәым дгьыл иқәнакыз, амшын измырыз аарцә иан лахь иҿҭыбжьы-ҩныҵәаабжь:

Амшын анырцә иҽԥынгылау,
Сан, абааԥсы, бгуы камҳааит!
Сгудбыкларцы бнапы иеиҵыхыу 
Бгәы каҳаны ихьамыҩрааит!..

Агәыԥшаара, агәыԥшаара, алаӷырӡ еидара — угәы икылачуа, уԥсы еихәлазырхауа...
Изҳәо-изыҩуа илаӷырӡ, игәырҩа хьанҭоуп дашьуа аҿынӡа, — хымԥада, иалшоит уаргьы уашьыр! — ус егьакәхар ауеит, аха алада, алада иацуп аиқәырхага-ԥсҿыхга, уаҩы ҳасабла адагьы милаҭ ҳасаблагь аиқәырхага:

Быҷкун сара, ччара зхашҭыз,
Бгуҳәԥы схы нкыдҵаны,
Аҵәыуара зны сақуиҭхар,
Саагудбыклап срыӷуӷуаны!

Абра иаацәырҵуеит ажәеинраала агәыцә хада, алыреиԥш автор ихәыцра хьантақәа зегьы зхагьежьуа, еиҳагьы изырхьанҭо, аха еиҳагьы игәакьазтәуа, илымкаахызтәуа:

Быҷкун сара, ччара зхашҭыз... (!!!)

"Ҳара ҳазҽеихар" ажәа гәҭлыха, ажәа ҭынха аиаҳәшьа, аиашьа гәакьа!

Жәлары ҳасабла ҭоурыхла ҳаҿиара амҵәыжәҩақәа хьыдзыжәжәаауа ари "ҳазҽеихар" мыжда аиҭабзахара — аиҭаҿиара ҭоурыхтә етапк ахь, аҽеихарахь ианҳаԥхьо, Омар Беигәаа иажәа ҭынха ччара зхашҭыз, анаџьалбеит, закәытә ҭоурыхтә трагедиоузеи, иажәа заҵәны, apaxь шәҟәы ианымӡало ҭоурых дуны иаҳәо!

© Foto / предоставлено Русланом ГожбаОмар Беигәаа Аԥсны дааны даныҟаз, 1975 ш.
Зыжәлар алашарахь изгоз арҿиаҩ ду: Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Омар Беигәаа Аԥсны дааны даныҟаз, 1975 ш.

Ашьхагәара шьхагәаразтәыз ашьхақәа зегьы аҽрылырҳәҳәаны, дара рыла аҽеибаркны, иара алагь дара еибаркны абаҟеиԥш ирылиааз ашьха кьоукьоу иаҩызоуп ари ажәа, ажәеинраала аҵакы зегьы азы, ахшыҩҵакқәа еизнагаз зегьы рзы! Омар Беигәаа ирҿиара ду зегьы азы!

Быҷкун сара, ччара зхашҭыз...

Азхәыцра, аҵгәара даара ихьанҭоуп ари ажәа, "соуп" зҳәо хаҵакгьы изныҟәымгаша, дзырҟәышша еидара хьанҭоуп, аха ахаҵа данхаҵаха (ажәларгьы — аныжәларха!), иныҟәгатәуп, иаҵгәатәуп ԥсыхәа змамгьы! Убри азоуп автор алада изиҳәо:

Сзымӡысао, сзымԥыруа,
Мшыни жәҩани саиааины,
Арсӡа ицарым, аамҭак ааиып, 
Саагуыдбыклап срыӷуӷуаны!

Азхәыцра, аҵгәара хьанҭоуп, ҳәарада, ишыхьанҭаз дарбан изымбоз аргама, лаԥшҿаба, уи ажәеинраала иара Омар ихаҭа игәҭыхажәа ибжьгьы даҵасны иацырӷызуа ҿырҳәала данҳзаԥхьоз уа Сҭампыл, ажәытә мҳаџьыр рыцҳақәа ирхылҵыз ирҭынхаз аԥсуааи Аԥснынтәи уа анеира зразҟхаз ԥшьҩык ашәҟәыҩҩцәеи (Алықьса Гогәуеи, Кәымф Ламиеи, Платон Бебиеи, сареи) ҳаиԥылараан, 1988 ш. октиабр 9 рзы.

Хара-ныҟәаҩ иеиԥш, 90 шықәса дуӡӡа иоухаз — ԥшӡалагь иҵегь инажәразгаша! — ақәра ду зҽырӷәӷәаҟаца иаҵагылаз, аха даара акыргьы шьҭа изқәыӷәӷәоз ауаҩы ԥааимбар (дԥааимбарҵәҟьоуп Омар Беигәаа!) ари иажәа ҭынха данаԥхьоз, инапы ззынамӡоз, илаԥш зхьымӡоз, аха гәыла-ԥсыла еснагь дыззааӡоу, збылра-зшыра еснагь дабылуа-иншуа итәыла-ԥсадгьыл ацәыхарара, азыгәкра ахьаа ауаз еиԥш ианеихиҳәалоз збоз-изаҳауаз иарбан иеиҳаз ланарԥшыра хьанҭас ҳаԥсы ахьынӡаҭаз иаҳҭахыз! Уажәымзар-уажәы игәы ааҿҵәоит, даахԥсаауеит, иаууеи, иуаз, уҳәарын, убасҟак идуун ауаҩы-ԥааимбар игәынхьаа, аха дхаҵамыз, дԥааимбар уаҩымз Омар Беигәаа! Ибылны-иҷыҷны еиҭабзахаз аҵыс лакә феникс еиԥш, деиҭабзахеит Омар, анцәагьы исахьа аахәаны дасу ҳгәы дахьынкыдлаз — уа дкыдуп иахьагьы, ԥсраҽнынӡагьы! Угәы изамбарыз, нас, анцәа ихаҭа дгыланы хара ицәынхаз, иԥсы зыӷраз идгьыл-џьанаҭ ауаз, агәаҟашәа ахиҳәаауан ҳәа! Аергьашәа ахиҳәаауан ҳәа! Аиеи, анцәа ихаҭа дгыланы! Аԥсынгьы, ирымҳәои, анцәа зегь реиҳа иԥсы зыӷраз, ихы-иԥсазы иҵәахны имаз, аԥсуа ида аҽаӡәы изыҳәа изымгәаӷьыз идгьыл хәҭа ссир акәын ҳәа!..
Eгьа разҟыцәгьара ҳахҭысхьеит аԥсуаа, егьарааны аччарагьы ҳхашҭхьан, аха аҵәыуара, аҵәыуараҵәҟьа ҳҽаҳамҭацызт! Ҳҽагьаҳамҭароуп ԥшӡала наҟ-наҟ! Иубаз еицәоу убеит ҳәа, иаабахьоу еицәоу шәырқыҭ иҟоуп! Усгьы "ҳашԥишәауа мацара" ҳааимгои...

© Foto / Анатоли Лагулаа Омар Беигәаа
Зыжәлар алашарахь изгоз арҿиаҩ ду: Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Омар Беигәаа

Зхы ладырхаз ацәымзеиԥш, егьарааны ҳлахьынҵа ахы лахарц акгьы агымкәа ҳҭагылахьеит, аха ҳааиҭашәаны, иккаӡа идырлашаз аҵх еиԥш, иааҳакәшаны, даҽа зныкгьы ҳҭысуан анцәа иҟынтәи уи "ҳԥышәара".

"Имԥсыша аџьма амаҵә азылаҟәуеит" ҳәа, егьараан егьа маҵәы ҳзылаҟәит, ҳхы ишаҳархәаз, "ҳшазҽеихаз атәы акәгәышьоуп иахьатәи ҳамчымхарагь, аха иаҳзылаҟәхьаз аҽа "маҵәык" даҩызамкәа дҳазгылар акәын усгьы аӡәы! Дагьҳазгылт. Уи Дырмит Гәлиа ду иакәхеит. Уи игәныҩит Омар Беигәаа ду, уиоуп егьзиҳәаз араатәи каламк ҳара иаҳзамырҳәаз: "уԥсы аҵаҟа сыԥсы ыҟауп!" Аха ихаҭагьы, аԥсуаа — уахь иҟа, арахь иҟa — ирзылаҟәыз аҽа маҵәоуп!

Гәыла-ԥсыла, хшыҩла-наӡарала иуцзымҳәогь дҟаларыма: Дырмит Гәлиа иҳаракыра ахәы ицықәгылоу, хымԥада, Омар Беигәаа иоуп!

Дагымхароуп Омар Беигәаа уи Аҳаракыра!

Иахьа нахьхьи, дгьылнырцә, тәымтәылан, деилызкаауа раҵкыс деилызымкаауа, ихә ӷба ишҭам ззымдыруа рацәоуп макьаназы. Уи ҳара уа инеиз ҳалалагь иаҳбеит, гәынхәҵысҭалагь иаҳнырит. Убригь аԥсуаа наџьнатә ишаҳҵасхәу, ишаҳқәашьхәу еиԥш, ҳагьшзацәымцац еиԥш...

Аҳ, иаҳауеи, ԥсеивгарҭак,
Лашара ԥыҭк, наԥшырҭак,
Шьапҟьарҭа ҭыԥк, гуӷырҭак,
Бжьы заҳауа ҩызацәақуак!..

Убри "иаҳҵасхәу" аилибамкаара ауп, ҳәарада, изырҩыз Омар Беигәаа арҭ ацәаҳәа хьаақәа! Аха уи хәарҭа змам акы акәым! Зынгьы дырзеилкаауамызт иаамҭалатәқәак Дырмит Гәлиагьы!..

Иумҳәац џьышьа ҿыц иуҳәалар шԥоуҭаххои зны-зынла: шаҟа зқьышықәсқәеи шәышықәсқәеи аҭаххазеи усҟангьы аԥсуа илахьынҵазы убри ауаса иира! Аха диит!!!

Диит Омар Беигәаагь — ччара зхашҭыз Аԥсны аҵеи-шьауардын!
Атәым дгьылаҿ Дырмит Иуаҩдура имыздаз!
Иҳаракыра ицықәгылаз!

Анцәа иумҳәан, ауаа, иахьыҟазаалак, рыдгьыл гәакьаҿ акә, атәымдгьылаҿ акә, анцәа иеиԥш изҵаԥшуа уаҩы наӡак, уаҩы ԥааимбарк рылахь данымкәа! Убри иҵаԥшра аҟны мацарагь иаангылом, иагьаанымгылароуп ауаа! Ицхалароуп дзықәгылоу и-Аҳаракырахь!

Иагьыҟалароуп, нас, иԥсабаратәу азакәанеиуаршәара: урҭ шаҟа иҳаракхо, шаҟа ицхало, — убриаҟара иаргьы еиҳа-еиҳа дҳаракхоит!

Убриаҟарагь адунеи ду еиҳагьы иҭбаахоит! Уагмыз, уагмыз — анцәа шьарда зымчу-у! — Омар Беигәаа, амҳаџьыртәи аԥсуа ԥааимбар ду уи Аҳаракыра! Уагмыз Аԥсынра!
Даҽа зныкгьы иаӡахааит уи угәыдкылара урӷәӷәаны!" (Нели Ҭарԥҳа, 1989 ш.).

Сара 2016 шықәсазы Аԥсны "Аԥҳәыншәҟәҭыжьырҭаҿы" иҭсыжьит "Ҩеижәи жәохә шықәса Беигәаа Омар иаанда" захьӡу Ҭырқәтәыла инхо, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иалоу Маҳаинур Папԥҳа ҿыгҳарылагьы имаҷым лышәҟәы. Ари ашәҟәаҿы даара инарҭбаан иҳәоуп, иаарԥшуп ашәҟәыҩҩы ду, аҵарауаҩ, арккаҩы Омар Беигәаа иԥсҭазаара еилашыра ахы инаркны аҵыхәанӡа.

© Foto / Анатоли Лагулаа Омар Беигәаа
Зыжәлар алашарахь изгоз арҿиаҩ ду: Омар Беигәаа диижьҭеи 120 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Омар Беигәаа

Иазгәаҭатәуп, ари ашәҟәы шәҟәны иҭыҵаанӡа ажурнал "Алашара" адаҟьақәа ишырнаҳҵахьаз Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рцәажәашьеи рҩышьеи еиқәырханы.

Хыхь ишазгәасҭахьоу еиԥш, Омари ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәеи аимадара бзиақәа рыман. Абаҩхатәра бзиа змаз, ҳпоет бзиа, ҳсатирик Кьаршьал Чачхалиа Омар Беигәаа иахь ииҩыз ажәеинраалеи, иара Омар ҭакк аҳасабала Кьаршьал изиҩызи рыла ихсыркәшоит сматериал:

Ҳашьа Омар,
Аԥсны ҳаузыԥшуп, ҳашьа, — 
Ԥсыхәак амазар, ухы ҳаҭәашьа! 
Салам уаҳҭоит угәыдкыл,
Гәы разыла иудкыл!
Кь. Чачхалиа


Аҭак

Сзыԥсам ала усыԥхьауан, 
Саԥсахарцы схандеиуан.
Иысы аамҭа сыгуы уҭан, 
Уыбаразы сыгуаҟ‘уан.

Аамҭантәи арыцҳара,
Аибамбара, ашьаҳара 
Сырзымиааит, аҳ, сара! 
Иысԥеиԥшымхеит убара!

Зегь ахьыудырша — ушьҭа уцеит, 
Сеилыукаауеит, уыи сдыруеит. 
Унышәынҭра сызныхахеит, 
Иаагудкыла сагуыӡуеит.

1975 аш., Аԥсны.

Омар Беигәаа хаԥсыра дуӡӡа баны, иахьа мшын нырцә иҟоу ҳашьцәа ркультура ду акырӡа еиқәирхеит. Ҳара иҳахәҭоуп, уаҵәы изызҳауа ҳҿаргьы, мшын нырцә дыҟоума, аарцәы иԥсадгьылаҿ дыҟоума, дахьыҟазаалакгьы, иблаҷыц еиԥш ихьчароуп уи иҟаиҵаз, дзыхьӡаз, пату ақәиҵароуп ижәлар ирзиргылаз ԥсра зқәым абаҟа.

*Ари анҵамҭаҿы иаагоу Омар Беигәаа ицәаҳәақәа зегьы иара ишиҩыз еиԥш еиқәырхоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0