Аԥсны АҶА-еи урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәеи амшын иалахаз аԥсшьаҩцәа еиқәдырхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМЧС Абхазии
МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсшьаҩцәа иаҭахыз амедицинатә цхыраара рырҭеит, ирылабжьеит амшын аҿы ианыҟоу ахымҩаԥгашьа шаҭаху азы.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи еицхырааны амшын иалаханы иҟаз аԥсшьаҩцәа гәыԥҩык еиқәдырхеит. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.

Амшын агәахьы иагаз аԥсшьаҩцәа рбеит Аԥсны амшынӡы иаҵанакуа аҵакыра ангәарҭоз, уахынланы, аҟәара иацәыхараны.

Туристы на набережной Гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Аԥсны амшын аҟәарақәа рҿы ашәарҭадара азҵаара иалацәажәеит АҶА аҿы

Урҭ аҷаԥшьаратә шхәала адгьыл ахь инаргеит. Еиқәдырхаз аԥсшьаҩцәа ишырҳәаз ала, дара асапбордқәа (уақәгыланы, ажәҩа уҵшьны амшын узлахыло аӷәы - аред.) ирықәтәаны уахынланы амшын ихылеит афотосахьақәа ҭырхразы, аха ажәҩа ("весло" - аред.) рцәыӡит. Уи иахҟьаны аӡы иаманы ицеит, рхала аҟәарахьы иааиратәы изыҟамлеит.

АҶА аиқәырхаҩцәа ауаа ргәырҽанырҵоит иҭадырчуа аспорттә ӷәқәа, асапбордқәа рыла амшын ианхыло ашәарҭара шацу. Уи иҷыдоу зеилагара ҟамло аԥҟарақәа ирықәныҟәаны рхы иадырхәозароуп. 

Аԥсны АҶА иҟанаҵо адыррақәа рыла, 2021 шықәса аԥхынра иалагӡаны аӡаҟны иҭахахьеит жәаҩык ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0