АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 509-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 156-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 60 шықәсеи, 82 шықәсеи, 89 шықәсеи, 67 шықәсеи зхыҵуаз ԥшьҩык аҳәса.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 170-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 45-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 44-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 44-ҩык, урҭ рахьтә 20-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>