Аӡы иагаз Кьалашәыртәи аӡымҩангага анеиҭашьақәыргылахо еилкаахеит

© Foto / официальный портал администрации города Сухум Продолжаются работы по восстановлению водовода на келасурской насосной станции
 Продолжаются работы по восстановлению водовода на келасурской насосной станции - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2021
Анапаҵаҩра
Ӡыда иҟоуп Баҭымтәии Ҷанбеи амҩақәа, ақыҭақәа Баслаҭеи Ӡыгәҭеи, Турбаза ахәҭаки.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аӡы иагаз 120-метра иҟаз 50 агәҭаӡа змаз Кьалашәыртәи аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит аҩаша, ԥхынгәы 3 рзы, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит "Аӡыканал" аиҳабы Даур Пачкориа иажәақәа шьаҭас иганы.

Сезонное отключение воды в Великом Новгороде - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2021
Ешба аӡхыҵра иахҟьаны аԥхасҭа зауз ауаа ӡыржәтәла реиқәыршәаразы адҵа ҟаиҵеит

Ԥхынгәы 27 азы иаалырҟьаны иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны аӡымҩангага ықәнаӡәӡәааит, анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аусзуҩцәа аиҭашьақәыргылараә усурақәа напы адыркит ԥхынгәы 29 рзы.

Иазгәаҭоуп, арҽеиратә усурақәа ишрылагаз аӡы аҩаӡара анлеи, уи аԥхьа аҟазауааи атехника ҷыдеи рнагаразы алшара ыҟамызт. 

Аҟазауаа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рышьҭаҵара иаҿуп.

"Кьалашәртәи ааглыхратә хеилак ҳацхрааит, дара аӡиас ашьҭа рыԥсахит, уажәы араҟа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа шьҭаҳҵоит, анаҩсан егьи аҟәараҿы ҳусурақәа ирыцаҳҵоит. Аҩашазы ихҳаркәшоит", - иҳәеит АУН "Аӡыканал" аиҳабы Даур Пачкориа.

Ӡыда иҟоуп Баҭымтәии Ҷанбеи амҩақәа, ақыҭақәа Баслаҭеи Ӡыгәҭеи, Турбаза ахәҭаки. Арҭ араионқәа рҟны инхо ауааԥсыра ӡыржәтәла еиқәдыршәоит Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0