Аԥсны ААР "ампыҵахалара ахыхраз" Қырҭтәыла арезолиуциа апроект ахҳәаа анаҭеит

© Foto / Министерство Иностранных дел Республики АБХАЗИЯМИД Абхазии
МИД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2021
Анапаҵаҩра
Ампыҵахалара ахыхрази аурыс-ақырҭуа еимак ҭынчмҩала аҭышәныртәаларази арезолиуциа уаанӡа, нанҳәа 2 рзы иалацәажәеит Қырҭтәыла Апарламент азинтә зҵаарақәа реилак аҿы.
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра "ампыҵахалара ахыхрази" аурыс-ақырҭуа еимак ҭынчмҩала аҭышәныртәаларази арезолиуциа "аԥсҭазаара иаҟәыгоу, аԥсуа-ақырҭуа еиҿагылара амзыз еиҭазкуа" акоуп ҳәа азгәанаҭеит. Абри атәы кьыԥхьуп аусбарҭа асаит аҿы.
Аԥсны ААР адырра ала, Қырҭтәыла иаднакылаз адокумент аҿы Урыстәылатәи Афедерациахь ааԥхьара ҟанаҵоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи "ампыҵахалара рхыхраз", иазхаҵоу рхьыԥшымра мап ацәнакырц, иара убасгьы аетникатә ҟазшьала ауаа еилырымхларц, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны аконструктивтә ҟазшьала ахы мҩаԥнагаларц азы ҳәа.
Дворец Нации. Женева.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Аԥсны ААР изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлыҵшәақәа ирылацәажәеит
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит 1992 шықәсазы Аԥсны аибашьра алагаразы аҭакԥхықәра зду Қырҭтәыла шакәу, иара убас, Аахыҵ Уаԥстәыла 2008 шықәсазы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рызгьы ахара дара ишрыду.
"Иазгәаҭатәуп Қырҭтәыла амчрақәа ишырҭаху аԥсуа-ақырҭуа еимак аурыс-ақырҭуа еимак акәушәа ауаа дырбара, аха уи изаҟаразаалак ҵаҵӷәык амам. Иззыҟарҵогьы аҭакԥхықәра рҽацәхьакны ахара ирыду мап ацәыркырц ауп", - ҳәа аҳәоит ареспублика адәныҟаполитикатә усбарҭа ахҳәааҿы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирлахәылоу жәларбжьаратәи абжьаҟазацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит 1992–1993 шықәсқәеи 2008 шықәсеи рзы Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа цәгьоуроуп ҳәа иршьарц, Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иацхраарц.
Аусбарҭа иара убасгьы ааԥхьара ҟанаҵоит Аҟәеи Қарҭи рыбжьара еиҟароу аҳәынҭқаррабжьаратә еиҿцәажәарақәа рышьақәыргылара иацхраарц Аахыҵ Кавказ акраамҭатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиҿкаара хықәкыс иҟаҵаны.
Аԥсуа дипломатцәа иазгәарҭоит ақырҭуа ган Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аполитикатә ҭахра аарԥшны рконструктивтә позициа иқәныҟәар шрыхәҭоу. Избанзар аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа зегьы ззыԥшу Қырҭтәыла аконструктивтә хымҩаԥгашьа ауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0