Аҟәатәи аӡбарҭаҿы Џьамал Гогьиа Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ишшыԥхьыӡ иахәаԥшит

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский Городской суд
Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкырамзазы аӡбарҭа Џьамал Гогьиа иусура иамхразы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа лахь иашшраз административтә усеилыргара ааннакылеит, ашшыҩ атәылауаҩратә усеилыргара аҟазшьала аӡбарҭахь ашшраз азин имоуп ҳәа шьақәнаргылеит.
АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿ Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аппарат анапхгаҩы Џьамал Гогьиа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа лганахьала ишшыԥхьыӡ иахәаԥшит. Ашшыԥхьыӡ аҟны иусура иамхра иамеикуеит.
Аусхәаԥшра мҩаԥысуан Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Зарина Габеева лхантәаҩрала азашшҩи аҭакҟаҵаҩи аламырхәӡакәа.
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2021
Акьыбачымазаратә центр амедусзуҩцәа рганахь ала аус аӡбамҭа шыҟоу иааннажьит аӡбарҭа
Азашшҩы иинтересқәа лыхьчон Нонна Рекәааԥҳа, аҭакҟаҵаҩ линтересқәа лыхьчон Белла Буашева. Апроцесс далахәын Апрокуратура хада атәылауаҩра-ӡбарҭатә ҟәша аиҳабы Елена Ҷыҭанааԥҳа.
Нонна Рекәааԥҳа ишылҳәаз ала, аусеилыргара иамаҭәархеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аппарат анапхгаҩы имаҵзура аԥыхраз лусдҵақәа. Ари амаҵзура Гогьиа дахагылан 2017 шықәса жьҭаара 12 раахыс. Иара убри аан аамҭакала аҳасабеилыргаҩ-ҟаза имаҵурагьы мҩаԥигон.
Азашшҩы игәаанагарала, Манана Делԥҳа лыӡбамҭа азакәанԥҵареи иара ихатә зинқәеи еиланагоит. Аҩыратә еилыркаагаҿы Гогьиа иҳәоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы лмаҵзуратә напынҵақәа лхы иалырхәон ҳәа.
"Делԥҳа Манана Иура-иԥҳа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩыс дыҟоуп 2018 шықәса хәажәкыра 21 раахыс. Абри аамҭа аахыс ҩынтә аштаттә ак шьақәырӷәӷәан: 2019 шықәсази, 2020 шықәсази. Аҩынтә раангьы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аппарат анапхгаҩы имаҵзуразы аштаттә ак азԥхьагәаҭан. Ицәырҵуеит азҵаара – избан Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы хышықәса ари аҭыԥаҟны лыҟазаараан, 2021 шықәса ажьырныҳәа 21 аҟынӡа, аппарат анапхгаҩы имаҵзура Аконституциатә закәан "Аусӡбаратә мчразы" аҟны иазгәаҭамызт ҳәа зылымҳәоз, уажәы ишылҳәо аиԥш", - аҳәоит Гогьиа аӡбарҭахь инеишьҭыз ашәҟәаҿы.
Иара игәаанагарала аппарат анапхгаҩы иштат аԥыхра Делԥҳа лхаҿы иааиит "Эхо Кавказа" ажурналист аинтервиу анлиҭа ашьҭахь. Аинтервиу ҭыҵит "Аусӡбаратә система аусура ахәшьара аҭара агәаҭара иамаҭәархар алшоит" ҳәа хыс иаманы.
"Иарбоу аинтервиу аныҟасҵа ашьҭахь адырҩаҽны, 2021 шықәса ажьырныҳәа 16 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы аԥхьа ҭелла, нас хаҭалатәи ҳаицәажәараан хатәгәаԥхарала арзаҳал ҩны аусура шьҭасҵарц  сабжьылгеит. Делԥҳа лажәақәа аазгоит: "ус анакәымха, азакәаншьаҭа аҭаны узламысхыша сыԥшаауеит" ҳәа", - Гогьиа иажәақәа дрыԥхьоит ихаҭарнак.
Рекәааԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит лыклиент иштат шаԥырхуаз азы мызк шыбжьаз адырра ирҭар шакәыз атәыла аџьаус азы азакәанԥҵара инақәыршәани азанааҭеидгылақәа рзы аԥҟара инақәыршәани.
Верховный суд Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2021
Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа Руслан Қаџьаиа иганахьала азыӡба аҿҳәара анахара мап ацәнакит
Ари аҩыза алкаа дақәшаҳаҭымхеит аҭакҟаҵаҩ лхаҭарнак Белла Буашева. Уи илҳәеит азакәанԥҵара ишазԥхьагәанаҭо азанааҭеидгыла алахәыла-усуҩи уареи аџьатә еиқәшаҳаҭра аныԥшәырго аколлективтә еиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭо аԥҟарала азанааҭеидгылатә еиҿкаара аусбарҭақәа ргәаанагара шазгәаҭатәу.
"Азакәан ахәҭаҷ аҿы иарбам мызктәи аҿҳәара аӡбахә аиԥш аусураҭаҩ аштатқәа аԥырхран ишыҟоу азы азанааҭеидгылатә усбарҭа адырра аиҭарц иуалԥшьоуп ҳәа. Зыӡбахә ҳамоу аџьаустә еиқәшаҳаҭра аԥыргареи азанааҭеидгылатә орган аштат шаԥырххо азы аӡбра шрыдкыло азы адырра аҭареи роуп", - лҳәеит Буашева.
Лара илҳәеит Џьамал Гогьиа иџьаустә еиқәшаҳаҭра ԥырган Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аппарат аштаттә хыԥхьаӡара аоптимизациа хықәкыс иҟаҵаны аиҿкааратә структура аиӷьтәразы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы ҳәа.
Апрокуратура хада атәылауаҩра-ӡбарҭатә ҟәша аиҳабы Елена Ҷыҭанааԥҳагьы Манана Делԥҳа лыӡбамҭаҿы Аԥсны аџьаустә закәанеидкыла аилагара аҵлымбааит, азакәан ахәҭаҷ аҿгьы илымбеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩгьы заанаҵы иҟалҵараны иҟоу азы лнапаҵаҟа иҟои азанааҭеидгылеи адырра рылҭароуп ҳәа.
Џьамал Гогьиа аҩбатәи ишшыԥхьыӡтә арзаҳал ала Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аморалтә аахазы 300 нызқьмааҭ ашәароуп ҳәа адиҵоит.
Аусӡбараан иара алахәылацәа азҵаарақәа еимырдеит, арҵабырграқәа рыҭҵаарахьы ииасраны иҟан, аха азашшҩы ихаҭарнак лзыҳәала иахыргеит, лыклиент уи далахәхар ахьыҟалоз, аха уажәазы уи Аԥсны анҭыҵ дахьыҟоу азы.
Аӡбаҩ Зарина Габеева ҩажәамш иахылгеит аусӡбара амҩаԥгара. Ианыҟало арыцхә хазы ирыларҳәараны иҟоуп.
Ажьырныҳәа 27 рзы Аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура "Аԥсныпресс" иакьыԥхьит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аппарат анапхгаҩы Џьамал Гогьиа иаарту ишәҟәы. Ашәҟәаҿы иара иазгәеиҭеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аппарат аштат аоптимизациа азуразы аппарат анапхгаҩы иштат аԥыхуп ҳәа ирҳәо мзызс иамаҵәҟьоу "Эхо Кавказа" иеиҭаз аинтервиу ауп ҳәа.
Ари иара издиҳәало  Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩи иареи АИХқәа рнырразы еиуеиԥшым агәаанагарақәа ахьрымоу ауп.
Уаанӡа Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо, акритика азыҟаиҵеит аԥсуа ӡбарҭатә система Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла атәылауаа рганахь ала рыцәгьоурақәа  агәаҭаны. Ҿырԥштәны иааигеит Урыстәыла атәылауаҩ лцәа аԥҽра. Убри аан агәызҩара ззыҟаз ахара шихараз дшақәшаҳаҭызгьы, аус жәамз аӡбарҭаҿы ишьҭан, жәымз уахь амҩа иқәын.
"Эхо Кавказа" аинтервиу аҿы Џьамал Гогьиа ишьақәирӷәӷәеит  ари аус уажәыгьы аӡбарҭаҿ ишыҟоу, уи  агәызҩара шузцәырнаго азакәанԥҵара аусеилыргара аҿҳәарақәа рзы  иамоу аамҭа еилагоуп ҳәа. Иара убасгьы иҳәеит АИХқәа рҿы аӡбаҩ ииашамкәа ихы мҩаԥигоит ҳәа ҳәахар агәаҭарақәа ишрылагатәу. Агәаҭарақәа ираԥшьгаҩхар алшоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩи аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа ахантәаҩи.
Аамҭақәак рышьҭахь "Абаза-ТВ" аҿы Џьамал Гогьиа иҳәеит иара ишиеилдмыркааз иинтервиу ахьымҩаԥысыз акәу ииҳәаз акәуу Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы илгәамԥхаз, аха хатәгәаԥхарала имаҵура аанижьырц шиабжьыргаз. Иара убасгьы иҳәеит ирыдыркылаз аӡбамҭа дшақәшаҳаҭым, аӡбарҭаҿы уи ишамеикуа.
Џьамал Гогьиа ишшыԥхьыӡ раԥхьатәи ахәаԥшра мҩаԥысит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы 2021 шықәса ԥхынгәымза алагамҭазы. Аилатәараан Гогьиа идукат аӡбарҭаҿы илҳәеит аилатәара ауха Џьамал Гогьиа дижәланы аахақәа шииҭаз аӡбаҩ Манана Делԥҳа лгәакьак, уи иахҟьаны иара ахәшәтәырҭа дҭашәеит. Ахьчаҩ лажәақәа рыла, Гогьиа иусура данамырх ашьҭахь аӡбарҭахь данашш, Делԥҳа лыуацәа иқәмақаруан, ддыршәон. Идукат азыҳәа ҟалҵеит аус аматериалқәа ирыларҵарц Џьамал Гогьиа Ареспубликатә хәшәырҭа ацлымҳәа-хаҿытә хирургиа аҟәшаҟны ирҭаз ихшыбаҩ ааха ахьаиуз, ицлымҳәа ахьԥҵәаз иахҟьаны ахәшәырҭа дышҭашәаз азы амедицинатә еилыркаага. Аӡбаҩ Габеева ари азыҳәа мап ацәылкит, уи аилыркаага изхәаԥшуа ашшыԥхьыӡ иаҵанакӡом ҳәа иԥхьаӡаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0