Алаҵа змам рзы аԥсшьара: Ҟәбан аковид аламырҵәаразы аԥкрақәа ахьдырӷәӷәаз Аԥсны ишаныԥшыз

© Sputnik / Томас ТхайцукКурортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 1 инаркны Краснодартәи атәылаҿацә аотельқәа атуристцәа рыдыркылоит алаҵа шырзыҟаҵоу азы асертификат рыманы. Алаҵа ззыҟаҵам алаҵа ҟарҵароуп.
АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аотельқәа рҟны атуристцәа рыдкылара андырӷәӷәа ашьҭахь ҩымчыбжь ҵит. Акыр иахәама ари аҭагылазаашьа Аԥсны атуристтә сектор, Египеттәи ахырхарҭа ҭагалан азы аартра аҭирақәа ишырныԥшуа уҳәа ҭырҵаауан Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациаҿы.
Ҟәбан аԥкрақәа ахьдырӷәӷәаз Аԥсны феида дук амоуит аратәи асасааирҭақәа, апансионатқәа ахьҭәыз азы. Аџьармыкьа алахәылацәа иазгәарҭеит Аԥснытәи ахырхарҭахь аҿаҵақәа 25% ишрыцлаз, аха аҭыԥ ҭацәқәа рыҟамзааразы ирызрыдкыло 5% шракәу.
"Аԥхынтәи асезон-2021 азы аҭахрақәа даара иҳаракуп. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аԥкрақәа шдырӷәӷәо анрыларҳәоз Аԥсны аобиект бзиақәа рҿы аҭыԥқәа ыҟамызт. Убри азы ара аахәарақәа мҩаԥысуам иуҭиуа аҭыԥ ахьыҟам азы", - ҳәа рҳәоит атуроператор "Дельфин" аҟазауаа.
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Аԥсны нанҳәамза анҵәамҭазы еиҳа зыхә лаҟәу аԥсшьарҭа ҭыԥқәа иалкаау хԥа рыбжьара иҟоуп
Абри аҩыза ахәшьара ҟарҵоит егьырҭ атуроператорцәагьы: "TUI Россия" адырра ҟанаҵеит Аԥсны аотельқәа жәпакы stop sale шыҟарҵаз нанҳәамзазы, атуроператор "Интурист" аинформациала аԥснытәи акурортқәа рҿы цәыббрамзазы аҭыԥқәа разымхара ыҟоуп.
"Аԥсны адкыларҭатә обиектқәа ҭәуп 100% цәыббра азыбжанӡа. Еицырдыруа абрендтә обиектқәа жьҭаарамзанӡагьы иҭәуп", - ҳәа азгәарҭеит "Интурист" аҿы.
"Русский Экспресс" адыррала, 30% аҿаҵарақәа аԥснытәи ахырхарҭахь имҩаԥган. Аилахәыра аҟазауаа иазԥхьагәарҭоит амш бзиахар, жьҭаарамзазгьы аҭирақәа шыҳаракхо.
Возобновление авиасообщения между Россией и Турцией - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2021
Урыстәылауаа ПЦР-тестқәа рыда ԥсшьара ицар ахьауа атәылақәа еилкаахеит
Аилахәыра "Мультитур" аҿы ирҳәоит Аԥсны асасааирҭатә сектор аномертә фонд амаҷразы Краснодарҟа анеира зҭахыз алаҵа ззыҟаҵам атуристцәа зегь шзаднамкыло.
Египеттәи акурортқәа раартра акәзар, Аԥснытәи ахырхарҭа анырра анаҭом, Хургадеи Шарм-ель-Шеихи рахь амҩа ахә ахьыҳараку инадҳәаланы.
Акадифаамҭазы Аԥсны алызхуа рацәаҩуп алаҵеи ПЦР-тестқәеи ахьаҭахым азы. Аԥснытәи атурқәа ралхразы ихадоу факторны иҟалоит амш ахьбзиоу: ареспублика акурортқәа рҟны ихьҭахар, амш цәгьахар аара зҭаххо еиҵахоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Атуроператорцәа Аԥсныҟа атурқәа рыхә лаҟәит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵоит
Гагра цәыббра-жьҭаара рзы ахәыҷқәа рыцны аԥсшьараз еиӷьу ақалақьқәа ирхыԥхьаӡалоуп
Аԥснытәи ақалақь "акадифаамҭаз" аԥсшьара ахьалырхуа аҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0