https://sputnik-abkhazia.info/20210915/Urystylati-armazurauaa-zaana-Aynarrat-Dumakh-alkhraa-rny-rybzhy-areit-1033212254.html
Урыстәылатәи армаҵзурауаа заанаҵ Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рҟны рыбжьы арҭеит
Урыстәылатәи армаҵзурауаа заанаҵ Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рҟны рыбжьы арҭеит
Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы абжьыҭара мҩаԥгахоит амҽыша, цәыббра 19 азы. 15.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-15T15:05+0300
2021-09-15T15:05+0300
2021-09-15T14:55+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0f/1033212275_0:146:3123:1903_1920x0_80_0_0_5d2d1cddac7d8fae8555a708067a9fc6.jpg
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа заанаҵы Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы абжьыҭара мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.Заанаҵы абжьыҭара мҩаԥыргеит аҷаԥшьаратә сменақәа ирықәшәоз аррамаҵзурауаа.Зынӡа ААО арратә хәҭақәа аҳәаанырцәтәи рҵакыраҿы алхырҭа ҭыԥқәа фба рзеиҿкаауп: акы Гәдоуҭа, ҩба Цхьинвали Џьавеи, Ермантәыла хԥа.ААО аррамаҵзурауаа реиҳараҩыки аграждантә персоналии урҭ рҭаацәарақәеи абжьыҭара мҩаԥыргоит цәыббра 17-19 рзы. Арҭ акатегориақәа релекторат 240 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит.Цәыббра 19 азы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аадыртуеит. Абжьыҭара алшоит Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа рзы абжьыҭара азин ыҟоуп. Убри аан иумазароуп Урыстәыла аҩныҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы.
https://sputnik-abkhazia.info/20210909/Urystyla-Aynarrat-Dumakh-alkhraa-raan-Asny-abzhyarat-ya-zhba-aadyrtueit-1033174454.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0f/1033212275_197:0:2928:2048_1920x0_80_0_0_fbbcf22cada40eaa6cee318b21646b4d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Урыстәылатәи армаҵзурауаа заанаҵ Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рҟны рыбжьы арҭеит
Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы абжьыҭара мҩаԥгахоит амҽыша, цәыббра 19 азы.
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа заанаҵы Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы абжьыҭара мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Заанаҵы абжьыҭара мҩаԥыргеит аҷаԥшьаратә сменақәа ирықәшәоз аррамаҵзурауаа.
Зынӡа ААО арратә хәҭақәа аҳәаанырцәтәи рҵакыраҿы алхырҭа ҭыԥқәа фба рзеиҿкаауп: акы Гәдоуҭа, ҩба Цхьинвали Џьавеи, Ермантәыла хԥа.
ААО аррамаҵзурауаа реиҳараҩыки аграждантә персоналии урҭ рҭаацәарақәеи абжьыҭара мҩаԥыргоит цәыббра 17-19 рзы. Арҭ акатегориақәа релекторат 240 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит.
Цәыббра 19 азы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аадыртуеит. Абжьыҭара алшоит Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа рзы абжьыҭара азин ыҟоуп. Убри аан иумазароуп Урыстәыла аҩныҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы.