Сара аибашьра шысгәалашәо…

© Foto / фотоальбом "Аиааира"ОВНА
ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2021
Анапаҵаҩра
Шықәсык инацны ицоз аԥсуа-ақырҭуатә еибашьра игәалашәарақәа рҿы ишаанхаз атәы дазааҭгылоит, апоет ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Аԥсуа-ақырҭуатә еибашьра шалагоз аадыруан, аха ас ирласҵәҟьаны иалагоит ҳәа ҳара аԥсуаа аӡәгьы ҳазыԥшӡамызт. Иаадыруан еидысларақәак ҟамлар шамуаз, аха асҵәҟьа Аԥсны зегьы амҽханакыртә ҩ–милаҭк еиҿагылоит ҳәа агәра зымгоз рацәаҩын.
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы дара аҭыԥантәи агырцәеи ақырҭқәеи иубон ҳара ҳахь ирымаз ацәымӷра еиҳагьы ишацлаз, уажәы-уажә ани рбираҟ гәымха рхаргыланы ана -ара еизон, ҳагәқәа ԥыржәаларц азы, иахьаҭахызгьы иахьаҭахымызгьы ирхаргыланы идәықәын, уи аԥсуаа иаабар ҟалаӡомызт, аҭыӡшәа дугьы ахылҵуан, ус ҟазҵоз шамаха рҟәаҟәа иӷәӷәаны иақәымшәакәагьы имцаӡацызт!..
30 сентября 1993 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2017
Аҟәа ҳшалалаз
Иахьа сара салацәажәар сҭахуп 29 шықәса раԥхьа иалагаз ҳаибашьра сара ишысгәалашәо… Ажурнал "Алашараҿ" есышьыжь уи аусзуҩцәа зегьы аилацәажәарақәа ҳаман. Убри аҽынгьы аколлектив ҳтәаны ажурналаз иҳамаз аматериалқәа ҳашрылацәажәоз, ҳмаӡаныҟәгаҩ дааҩнашылеит, ақырҭуа итанкқәа Аҟәа алалара иаҿуп ҳәа. Азныказ зегьы иџьаҳшьеит, аӡәы лымҳаҭаск имамкәа абранӡа ишԥааи ҳәа. Насгьы, ҳара ҳредакциа ахьыҟаз  "Аидгылара" зыҩназ ахыбраҿ акәын, иахьа Аԥсуа институт зыҩноу ахыбра ԥшӡа. Араҟа Аԥсны иааҟалоз ахҭысқәа зегьы раԥхьаӡа иааиуан, насгьы, "Аидгылара" деиҳабын ҳашәҟәыҩҩы бзиа Алықьса Нача-иԥа Гогәуа, уи икабинет ишаҳҭахыз ҳаҩналон, ҳаҩныҵуан, жәабжьс иҟаз зегьы акгьы ҳцәиҵәахӡомызт.
Ажәакала, ажәлар зегьы иаразнак аилаҩынтра иалагеит, абџьар змамыз усгьы даара ирацәаҩын, зегьы  "Аидгыларахь" рҿаархеит, издыруада бџьарк аӡәыр иԥшаауазар, убарҭ ишԥарзымԥшаари ҳәа.
Аха урҭ убриаҟара ирацәаҩны еизеит, рыцԥхьаӡа абџьар рымазҭгьы, Аҟәа раԥхьатәи амшқәа рзы даара аидыслара ӷәӷәа ҟалон, аӷагьы ишиҭахыз ус ҳақалақь дзалаломызт. Ишақәхалак, ҳаҷкәынцәа ара абџьар анырмоугәышьа, еихеит уи ахьышьҭаз абџьар ҵәахырҭақәа рахь, уаҟа рышәқәа ԥыҽҽны иргазгьы маҷым, аха зхы инаркны зшьапы аҟынӡа бџьарла зҽеиқәыршәан ҳақалақь иалалаз ҳаӷа изхара абџьар абаҟагәышьаз…
Ауха, Август 14 рзы Ацҳа Ҟаԥшь иакәшан игылаз ҳаҷкәынцәа рҿы ҳнеит ҳаргьы, сгәылацәа Виачеслав Ҷыҭанааи, Енвер Ажьибеи сареи. Аха абџьар злаҳамамыз ала, ауха цхыбжьон, абџьар зкым зегьы шәҩнқәа рҿы шәыҟаз, ак шааҳаулак адырра шәаҳҭоит рҳәан, Наӡаӡе лымҩа 52-тәи аҩнахьы ҳахьынхоз ҳааит. Аухантәарак, Виачеслав иҩны аабатәи аихагыла абалкон аҟынтәи Ацҳа Ҟаԥшь ахь ҳшыԥшуаз иааҳхаагеит.
Надписи времен ОВНА 1992-1993 гг. на мостах в Гудауте. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2020
"Ҳара ҳҭынчраз", мамзаргьы Аиааира амш азхәыцра
Адырҩаҽны шаанӡа еиҭа ақалақьахь ҳцеит, издыруада иҟаҵатәу ак ҳарҳәозар ҳәа. Аха усҟан аныҟәарагьы даара ишәарҭахахьан, ана -ара ахысрақәа ирҿын, узҿашәоз ахы ахьынтәаауаз уздырӡомызт.
Ахаан исхашҭуам, убри аҽны апоет Рауль Лашәриеи сареи шьапыла ақалақь ҳалалан ҳашнеиуаз, иҳаӡбеит амилициарҿы аус зуаз, ачын ду змаз аԥсуак иусураҿы ҳнеирц, аӡәыр кры идыруазар, иҟаҵәҟьоу убри иҳаиҳәоит, ҳәа. Уи аибашьра аԥхьа даара ихы бзиан иааирыԥшхьан, ихьӡгьы бзиан ирҳәон ҳажәлар рҿы. Аха ҳзызнеиз аус аҿы ииҳәаз ҳгәамԥхеит, уимоу, иагьааџьаҳшьеит. "Урҭ убриаҟара бџьарла еибыҭаны ҳреспублика иалалеит, рҿагыларагьы иаԥсам!" ҳәа. Ҳара уи иҳаиҳәаз ҳқьышә дҭасызшәа иаҳцәымыӷхеит, уимоу, Рауль ус ишиҟазшьамызгьы, ииҳәаз даара ишаҳгәамԥхаз иирдырит.
Уа ҳанындәылҵ, еиҭа ақалақь ҳалалан ҳашнеиуаз, дҳақәшәеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредактор хада Сергеи Михаил-иԥа Кәыҵниа. Уи еилаҳәара хәыҷык икын, сыҷкәын Аҳабла Ҿыц ахь узлабжьало амҩаҿ, атипографиа аԥхьа абџьар кны дгылоуп, иацижьҭеи акгьы имфаӡацт, ихәы згароуп ҳәа. Ҳаргьы уи ҳицны ҳҿынаҳхеит, ана-ара абџьарқәа рхысыбжьқәа гон, урҭ ирыцын аҳәҳәабжьқәагьы. ( Абра иазгәаҭатәуп, уи иҷкәын хазына, убри аухаҵәҟьа дшыршьыз убри аҭыԥ аҿы). Уажәшьҭа агәра аагеит, ииашаҵәҟьан, ԥасақәа реиԥш иаармариан ҳашзеилымгоз, ҳтәыла еиҳа-еиҳа амца шакуаз…
Авокзал ҳаахысны Кинопракат ҳәа иахьашьҭоу адәқьан "Колос" аҿаԥхьа хнеиуан еиԥш, маҟҿаҳәара, иҟьантаз-ҟьантазӡа рҽеилыхны, аҟәҟәаҳәа ихысуа, машьынак иақәгылан иаауан ашәанцәа. Урҭ рабџьарқәа рхы хан хә-еихагылак иҟаз аҩнахьы, уахьынтәигьы ахысыбжь ӷәӷәа ааҩуан, аԥсацәа гәыԥҩык рҽеидкылан итәазаарын. Ҳара наҟ-ааҟ урҭ рыгәҭаҵәҟьа ахрыԥхра ҳабжьашәеит, ажәлар еилаҩынтит, ҳәҳәарахеит, ҟаарахеит, хыхь иҟаз ҵаҟа ицон, ҵаҟа иҟаз хыхь ицон. Абра ҳаицәыӡит сызцыз сҩызцәеи сареи, избанзар, ҳара аӡәгьы абџьар злаҳкымыз ала, ишҳалшоз ҳхы еиқәҳархар акәхеит…
Есма Тодуаԥҳа лышәҟәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2017
Ашьа зхьыршоу амшынҵа
Сара сҩнахьы, Наӡаӡе лулицахь неишьа ыҟамызт, аиҿахысрақәа даара иӷәӷәахеит, анцәаиҟынтә, сҭаацәагьы ҳуадақәа рҿы уаҩ дыҟамызт, ахәыҷқәа ран ҳаҷкәынцәа аҩыџьагь лыман Дәрыԥшь лҭаацәа рҿы дыҟан, ҳаӡӷаб, Ҷлоу сара сҭаацәа рҿы дыҟан.
Уажәшьҭа исыӡбеит саншьа дахьынхоз аҳаблаҿыцахь сцарц, уа еиҳа аԥсуаа рҽеидкылан иҟан, ирацәаҩын. Изулакгьы, шьапыла мацара уахь сдәықәлеит, аха Таксопарк ҳәа изышьҭоу араионаҿ снеихьан еиԥш, ҩ-вертальиотк хыхьынтәи ихысуа иааҳхалеит. Еиҭах ҳәҳәарахеит, ҟаарахеит, бџьар зкымыз ажәлар хара-бӷьара иҩит, сара исгәалашәоит сеҭкала иҟаҵаз аандак ҳахыԥеит хацәақәаки сареи џьара ахы ҳахьаҿамшәаша ҳҽаҳзыҵәахуазар ҳәа.
Уа ԥыҭҩык рхәит, хыхь аверталиот аҟынтәи иара авертальиот Нурсқәа рыла иахьхысуаз анаҩсгьы, уа иҭатәаз аԥырҩцәагьы автоматла ихысуан, урҭ ирбон абџьар зкыз ҵаҟа аӡәгьы дшыҟамыз, аха ажәлар агәыҭҟьа иадыргар рҭахын…
Уи аҽны сара иҟасҵалакгьы саншьа иҩнаҿы снеит, уа сахьнеиз зегьы иҟарҵара рзымдыруа еилан, ахацәа зегьы абџьар змаз рҽеидкылара иалагахьан, ргәылацәа ақырҭқәеи дареи шынеидытҟәацлара еиҿаԥшуан…
Ауха уа саншьеиҿы сыҟан, адырҩаҽны изулакгьы ерманык имашьына аанкыланы атипографиа аԥхьанӡа снеит, уантә ҭоуиҭадала изулакгьы абџьар иашьҭалан Гәудауҭаҟа ицоз шьоукы срыцны Гәдауҭанӡа снеит.
День памяти жертв Кавказской войны - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2020
Аибашьреи ахәыҷреи - Аиааиреи агәырӷьареи
Гәдауҭа саннеи, сҭаацәа хыхь ишысҳәахьоу еиԥш, Дәрыԥшь сабхәараарҿы иҟан, сара Гәдоуҭа иаразнак еиҿыркааз Аԥсуа радио аҿы аусура салагеит. Уаҟа аибашьратә аамҭа инақәыршәаны аԥсуа радиои аурыс радиои еиҳабыс дҟарҵеит, аҵарауаҩ ду, арҵаҩ бзиа, Иван Николаи иԥа Асаӡба. Уи иаразнак еидикылеит Аҟәа еибганы иалҵыз ажурналистцәа, раԥхьаӡа Гәудоуҭатәи Администрациа аԥхьа игылаз жәиԥшь еихагыла иҟаз, инагӡаны зыргылара иаламгацыз аханаҿ, аҵыхәтәантәи аихагыла аҟынтәи ҳрадиодырраҭарақәа мҩаԥаагон. Ҳаҟәша редакторс даман ажурналист Владимир Аҳашба. Иҟан ишиашаз аефирахь ҳанҭыҵуазгьы, ҳабжьы Очамчыра араиони, уи иаҵанакуаз ақыҭақәеи азыӡҩруан. Уимоу, Аҟәа иалахан иҟаз аԥсуаагьы маӡала иазыӡҩруан, уи ус шакәу ишәҟәқәа рҿы иануп ашәҟәыҩҩы, апрофессор, аибашьра аан Аҟәа иалахан иҟаз, зыҷкәынцәа аҩыџьагь ҳџьынџьтәылатә еибашьра иахҭнызҵаз Алықьса Хәыта-иԥа Аргәын.
Ԥыҭрак ааҵхьан Аԥсуа радио аҩныҵҟа иаԥырҵеит Мшын нырцәи, Нхыҵ Кавкази, Очамчыра араиони зегьы рҿы инаҩуаз "Аԥсадгьыл абжьы." Уи редактор хадас даман Алина Ачԥҳа, ҳара гәыԥҩык корреспондентцәаси дикторцәаси ҳаҟан. Мчыбжьыкахь ҩымш ҳҭыҵуан, егьырҭ амшқәа рзы Аԥсуа радио аҿы срыцхраауан.
Исгәалашәоит, ҽнак Гәудауҭа дсықәшәеит ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеиба, игитара кны, ҳаибашьцәа ахьтәаз аҭабиақәа рахь дцон. Саниба дсеигәырӷьеит, аибашьра иазку, абџьар кны ҳаӷа иҿагылоу ҳаҷкәынцәа рҿы исҳәаша, ашәақәа злысхша жәеинраалақәак сызҩы ҳәа дсыҳәеит. Саргьы мап скуазма, арҭ аҩымшк исылшалак убап ҳәа иасҳәеит. Уи акәхеит, ҩаха рыла иаԥысҵеит, ашьҭахь Антоли ашәақәа анрылих, Аԥсны ахы-аҵыхәа еицырдыруа иҟалаз ашәақәа- "Ахыш иуази", "Ухы лахароупи". Усҟан уа Гәудауҭа аҭыҵра иалагахьан агазеҭ "Аԥсны". Убри агазеҭаҿи, иара убасгьы амца зҿықәыҳәҳә иҟаз агазеҭ "Бзыԥи" ирнырҵеит.
Анатолий Алтейба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2018
Арадио
Алҭеиба: аибашьраан иакәым ҟазҵоз архәыцып ҳәа алаф ашәақәа аԥысҵон
Абра иазгәаҭазар ахәҭоуп, усҟан урҭ агазеҭқәа рҿы иҩуаз абжаҩык раԥхьатәи амзақәа рзы ирҩуаз рыхьӡи рыжәлеи нагӡаны ишрыҵармҩуаз, ринциалқәа мацара шдыргылоз. Урҭ аӡәгьы гәыбӷан узиҭаӡом, избанзар, дара рыуацәа рҭынхацәа рацәаҩны Аҟәа иалахан иҟан, иакәым рзырур рылшон урҭ агазеҭқәа џьара иаарымԥыхьашәар. Насгьы, раԥхьаҵәҟьа ашәарҭарагьы ыҟан, аӷа Ешыра дрызнымкылакәа Гәудауҭа дырцәалалар ҟалоит ҳәангьы. Изхысҳәаауа, иахьатәи аамҭа ала уахьахәаԥшуа рацәаӡак аанамгоушәа иҟазаргьы, усҟан агәаӷьра ус имариаӡамызт арҭ рҩызцәа ажәеинраалақәа инагӡаны ухьӡи ужәлеи рыҵаҩны агазеҭқәа рынҵара аибашьра аналагамҭаз, ҳаԥхьаҟа иҟалашаз уаҩы ианизымдыруаз. Уи хрыҿхәараӡам, аха урҭ ажәеинраалақәеи, уи ашьҭахь аибашьра анцоз иаԥысҵаз игәышьҭыхгоу ажәеинраалақәеи, астатиақәеи зегьы инагӡаны сыхьӡ рыҵазҩуан. Урҭ анцәа иҟынтә иахьа еиқәханы иҟоуп!.. "Ахыш иуаз" Шеварнаӡе изкын, иалагон иара абас:
Иахьа ахышқәа рацәаӡоуп,
Аха хышк зегьы дреицәоуп,
Иӡбахә шәасҳәап уажә ара,
Ахыш мыжда дзықәшәаз ара!..
Аҩбатәи ажәеинраала " Ухы лахароуп!" абас инҵәоит:
Китованигь уитәыз,
Иосилианигь уитәыз,
Шеварднаӡегь уитәыз,
Ухы лахароуп!..
Уи нахыс сара аибашьра асакьаҳәымҭаз декабр мзазы верталиотла аџьаԥҳани, абџьари, аибашьҩцәеи Мрагыларатәи афронт ахь изгоз саццеит. Уаҟа сара мчыбжьык сыҟан, сыблала избеит ҳраион зҭагылаз, аха ҳаибашьцәа акы рхы аҵамырхакәа хаҵарыла ишеибашьуаз. Санаауаз сыԥҳа фышықәса зхыҵуазгьы даазгеит, ҳаара иацыз ашәарҭара, алаламбатә, сповест "Ҿаҵак анышә" ибзиан ианыԥшуеит, мышкызны уи аԥхьара згәаԥхо аӡәыр дҟалозар сышәҟәқәа ирнуп. Абасала, сара аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥсуа радио аҿы аус зуан, уи анынҵәагьы, Аҟәа ҳанааи, журналистк иаҳасабала арадио аҿы акыр шықәса аус зуан, иҟан аамҭа, арадио аҿы ауалафахәы анырзымшәоз, есҽны чахык-чахык анҳарҭозгьы… Аха ҳара уи ҳалаӡон, иаабон аамҭа зеиԥшраз…
Абасшәа иҟоуп аибашьра иазку сгәалашәарақәа рцыԥҵәаха, наҟ-наҟ, анцәа исиҭар, иҵегьы инарҭбааны изҩышт…
Ажәабжьқәа зегьы
0