Аексперт: Европатәи апарфиумериа ахәԥса 50 процент еиҳаны ихалоит

© Sputnik / Evgeny Biyatov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлакон духов Chanel № 5 на выставке "I love Chanel. Частные коллекции" в МВЦ "Музей Моды" в Москве
Флакон духов Chanel № 5 на выставке I love Chanel. Частные коллекции в МВЦ Музей Моды в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Анапаҵаҩра
Аексперт далацәажәеит европатәи апарфиумериа ахәԥсақәа шьҭыҵыр аналшо атәы.
АҞӘА, жьҭаара 11- Sputnik. Европатәи адухьқәа Урыстәыла рыҭиратә хәыԥса 50 процент иацлар ҟалоит, абри атәы аҩуеит РИА Новости амаҵзура "Праим" аинтервиу азҭаз Г.В. Плеханов ихьӡ зху афинансқәеи ахәԥсақәеи ркафедра адоцент Мариа Долгова лажәақәа шьаҭас иганы.
Ахәқәа ирыцлоит Европатәи атауарқәа рзы абаџьқәа ирыцырҵар. Уаанӡа АИХқәак аҳәамҭа ҟарҵахьан ЕЕ аԥкырақәа рцынхәрас асеиԥш ҟалар алшоит ҳәа.
"Аԥкыратә баџьқәа атауар атәыла алагалара лҵшәа амамкәа иҟарҵар рылшоит", - азгәеиҭеит аексперт.
Иара игәаанагарала адәқьанқәа рҿы ахәԥсақәа рхалара абаџь аасҭа еиҳахар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0