Археологцәа Израиль иаадырԥшит зықәра 1,5 нызқь шықәса иҟоу аҩцара

© AP Photo Tsafrir AbayovСотрудники Управления древностей Израиля работают в огромном старинном винодельческом комплексе, построенном примерно 1500 лет назад в Явне, центральный, Израиль, понедельник, 11 октября 2021 года. Израильские археологи заявили, что комплекс включает в себя пять винных прессов, склады, печи для производства глиняных сосудов для хранения и десятки тысяч осколков и банок.
Сотрудники Управления древностей Израиля работают в огромном старинном винодельческом комплексе, построенном примерно 1500 лет назад в Явне, центральный, Израиль, понедельник, 11 октября 2021 года. Израильские археологи заявили, что комплекс включает в себя пять винных прессов, склады, печи для производства глиняных сосудов для хранения и десятки тысяч осколков и банок. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Анапаҵаҩра
Израильтәи ақалақь Иавне аҿы археологиатә жрақәа анымҩаԥысуаз иаадырԥшит зықәра 1,5 нызқь шықәса иҟоу аҩцара.
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Израильтәи археологцәа ақалақь Иавне аҿы иаадырԥшит Византиатәи аамҭа иаҵанакуа шықәсык иалагӡаны ҩ-миллион литра аҩы ахьыҟарҵоз аҩцара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Ааглыхратә комплекс ргылан усҟантәи аамҭа иақәшәо атехнологиақәа рыла. Ара иҟоуп ажь ахәарҭақәа хәба, 225 метр ԥшьыркца иҟоу, аҩыҵәахырҭақәа, анышәаԥшь иалху аирыӡқәа рзы амцеиқәҵарҭақәа. Анаплакы ахыбрақәа рҿы анеиааирҭақәа ирызхәыцны еиҿкаауп.
© AP Photo Tsafrir AbayovИзраиль ажәытәрақәа Русбарҭа аусзуҩцәа Израильтәи ақалақь Иавне аҿы археологиатә жрақәа анымҩаԥысуаз иаадырԥшит аҩцара, зықәра 1,5 нызқь шықәса иҟоу жьҭаара 11 2021 шықәсазы. Израильтәи археологцәа ирҳәеит ара иҟоуп ажь ахәарҭақәа хәба, 225 метр ԥшьыркца иҟоу, аҩыҵәахырҭақәа, анышәаԥшь иалху аирыӡқәа рзы амцеиқәҵарҭақәа ҳәа.
Сотрудник Управления древностей Израиля держит кувшин из огромного древнего винодельческого комплекса, построенного примерно 1500 лет назад в Явне, центральный, Израиль, понедельник, 11 октября 2021 года. Израильские археологи заявили, что комплекс включает в себя пять винных прессов, склады и печи для производства глины. сосуды для хранения и десятки тысяч обломков и банок. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Израиль ажәытәрақәа Русбарҭа аусзуҩцәа Израильтәи ақалақь Иавне аҿы археологиатә жрақәа анымҩаԥысуаз иаадырԥшит аҩцара, зықәра 1,5 нызқь шықәса иҟоу жьҭаара 11 2021 шықәсазы. Израильтәи археологцәа ирҳәеит ара иҟоуп ажь ахәарҭақәа хәба, 225 метр ԥшьыркца иҟоу, аҩыҵәахырҭақәа, анышәаԥшь иалху аирыӡқәа рзы амцеиқәҵарҭақәа ҳәа.
"Даара оумашәа иаабеит ара аҩыҟаҵарҭеи аҩцареи ахьаабаз. Иҟоу ала иубартә иҟоуп ара ҩ-миллион литра рҟынӡа аҩы шҭарҭәоз", - рҳәоит ажрақәа рнапхгаҩы, адоктор Ели Хаддад Лиат Надав-Зив, адоктор Ион Селигман.
Иавне аҿы археологиатә жрақәа анымҩаԥысуаз иаадырԥшыз аҩцара, ақәра 1,5 нызқь шықәса иҟоуп..
Иаарԥшу агәаанагара унаҭоит Иавне дунеитә ҩыҟаҵарҭатә центрны иҟан ҳәа.
Ақалақь аиҳабыра иазыԥхьагәарҭоит ари аҭыԥ аҿы археологиатә парк аартра, атуристцәа раҭааразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0