Аԥсны алашара арцәара аграфик Урыстәылантәи алашараиура иахьырԥшхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЭлектропровода
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи агани Аԥснытәи агани алашараиура азҵаара аганахь ала еилацәажәоит.
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Алашара арцәара аграфик Урыстәылантәи алашараиура иахьырԥшхоит ҳәа иҳәеит радио Sputnik аефир аҿы "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Саид Блабба.
Иара иажәақәа рыла уажәы Урыстәылатәи агани Аԥснытәи агани алашараиура азҵаара аганахь ала еилацәажәоит.
Адефицит ҟамларгьы алашара ырцәалатәхоит.
"Иаҳзаарышьҭуа алашара адефицит хнаҩаргьы алашара аамҭа-аамҭала иҳарцәалар акәхоит. Иаарышьҭуа ахышәаҵышәа анышьақәҳаргылалак аграфик аус адаауылоит", - иҳәеит Блабба.
"Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Саид Блабба ишиҳәо ала сынтәатәи аграфик ҵыԥхтәи иаҩсуам, избанзар афымцалашара ахархәара аҽеиҭанамкӡеит.
"Сара сшахәаԥшуа ала, афымцамч ахархәара ишыҟац иаанханы иҟоуп, аха аӡын аҽарцәгьар ҳапроблемақәа ирыцлоит. Сгәыӷуеит иаарышьҭуа адефицит ахҩара алшап ҳәа", - иҳәеит иара.
ПК Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Бжьаниа Аԥсны афымцамч аусхк ауадаҩрақәа рыӡбаразы иаҭаху иҳәеит
Уажәазы алашара уахынла идырцәоит. Уаанӡа "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Ҭенгиз Гырџьынба иҳәахьан алашара арцәара аҳақәа зҵало ахьанҭареи Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡареи ишрыдҳәалахо.
Ажәабжьқәа зегьы
0