Апоезиа аҳәаақәа ирҭыҵыз ашәҟәыҩҩы: 70 шықәса ихыҵуеит ашәҟәыҩҩы Борис Қаџьаиа

© SputnikБорис Каджая
Борис Каджая - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Анапаҵаҩра
Иахьа, жьҭаара 15 рзы имшироуп аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы, апублицист Борис Қаџьаииа. Уи изку анҵамҭа ҳадигалоит Анатоли Лагәлаа.
Анатоли Лагәлаа, Sputnik
Акырӡа шықәса ҵуеит сара Борис Қаџьаииа ипроза сазҿлымҳауижьҭеи. Иҟалап, абжьбатәи, ма аабатәи акласс аҿы стәазҭгьы, саҳәшьцәа срыманы Аҟәа иахьыҩназ ауадаҿы ҳанаа. Иахьагьы исгәалашәоит урҭ даара еигәырӷьаны ирҳәоз ражәақәа: "Нахьхьи, абни аҩнаҿы, аҩбатәи аихагылаҿы иубома алашара ахьаку?! Убра инхоит ҩыџьа ашәҟәыҩҩцәа! Удҳмырԥхьахьеи урҭ рҩымҭақәа?! Борис Қаџьаииеи, Сергеи Агындиеи! Иугәаламшәои, "Алашара" адаҟьақәа рҿы?!" - ҳәа. "Ааи, ишԥасгәаламшәо, урҭ ҿырҳәалагьы издыруеит!" - сҳәеит саргьы, даара саалахҿыххан.
Сергей Агындиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Иҭынчу апоезиа: Сергеи Агындиа 68 шықәса ихыҵра иазкны
Убри аахыс уажәшьҭа 55 шықәса ҵит, Борисгьы иҳамбаӡакәа 70 шықәса ихыҵит, Аԥсны иҭышәынтәалоу журналистхеит, шәҟәыҩҩхеит! Уи агазеҭ "Аԥсны" аҟны аредактор хада дихаҭыԥуаҩуп, деиҭагаҩуп, даара акыр аҩымҭа бзиақәа инапы иҵижьхьеит публицистк иаҳасабала… Иахьатәи ҳаамҭа иақәҿызҭуа аочеркқәа рацәаӡаны иҭижьхьеит. Абраҟа иазгәаҭатәуп, уи аԥсуа қырҭуатә еибашьра иазкны ииҩыз иажәабжь "Унапы сыркы" азы ажурнал "Алашара" апремиа шианашьоу. Абри мацарагьы иаҳәоит ашәҟәыҩҩы, ажурналист иус ԥшьа дшаҿу, иаамҭа имызхуа даара ишырацәоугьы.
Иара убасгьы, Борис Қаџьаиа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа шамахак зегьы реиԥш, ажәеинраалақәа рыла далагеит аҩра. Абра иаазгоит уи раԥхьатәи иажәеинраалақәа рҟынтәи руакы. Уи аԥстәы раз акамбашь иазкуп, аха инарҵаулан уазхәыцыр, иуанаҳәо рацәоуп.
Акамбашь
Ирҳәоит, акамбашь ахәда анԥырҟо,
Алаӷырӡ аауашәа иҭаҳәҳәы,
Иабарц аҭахушәа ааигәа иҟоу,
Инаԥш-ааԥшырц ишьҭыхны ахы…
Ашьапы аҵырхт иаразнак ахацәа,
Адгьыл ду азқәа адырбеит.
Иадырит уахаҵәҟьа ишахацәа,
Имҩашьахуа уи еилнаргеит…
Иангылазгьы џьалын, еидаран,
Уардынын еснагь изҵаҳәаз.
Амҩақәа цәгьамзи, ладаран,
Ԥҳәаҟәан уахынла изҵатәаз.
Ицырцырит иаразнак аҳәызба аҿы,
Ианбыкәушь уи шьала ианҟьашьуа?!
Алаӷырӡ неиуеит иҭаҳәҳәы,
Илеиуеит, икеикеиуа, ицқьаӡа.
Игылан ицар ҳәа ишәозшәа,
Иҿарҳәеит ашьапқәа еилаԥах.
Алаӷырӡ леиуеит ирҩашшәа,
Ахәда иаразнак иаҿшәырх…
Ирҳәоит, акамбашь ахәда анԥырҟо,
Алаӷырӡ аауашәа иҭыҳәҳәы.
Изыхҟьо еилнакаарц аҭахушәа,
Иразҵаарц ишьҭыхны ахы…
Борис Қаџьаиа ицәырҵра даара еигәырӷьеит ҳаԥхьаҩцәа реиԥш, ҳакритикцәагьы. Абар, уи ишәҟәы "Аԥсҭҳәа шкәакәақәа" иазку акритик Сергеи Лад-иԥа Зыхәба ирецензиаҿы ииҩуа:
"Борис Қаџьаиа ишәҟәы еиднакылоит ажәабжьқәа ааба: "Амчыбжь", "Ахаԥыц хьаа", "Алотереиа ианақәшәа", "Аӡы амч". Аизга иагәылоуп, џьара гхақәак рымазаргьы, инеидкыланы иугозар, ашәҟәыҩҩы игәырҵҟәыл, исахьаркыратә хәыцшьа аизҳара ҳзырбо аҩымҭақәа. Урҭ рахь раԥхьа иргылан иԥхьаӡатәуп ажәабжь "Абнахьчаҩы". Аиаша ҳҳәозар, ҳапрозаҿы лассы-лассы иаҳԥылом, ари ажәабжь аҟны еиԥш ауаҩра ҳаракны иаҳзырбо даҽа ҩымҭақәак. Ҳара есымша иаҳҿакуп "ҳсовет литература иаҟазшьа хадоуп ауаҩы социалисттә ҵасла иааӡара" ҳәа. Уи иалшоит асовет уаажәларра иацәтәыму ацәырҵрақәа рҿаԥҽрала ауаҩы иааӡара. Ус еиԥш иҟоу аҩымҭақәа иагьаҭахуп, имаҷымкәагьы иҳамоуп аԥсуа литератураҿы. Аха сгәанала имаҷуп зегь рыла иҿрыԥшыгоу ахаҿсахьа ҳзырбо аҩымҭақәа. Иҵоуроу ахаҿсахьақәагьы дара ртәала аԥхьаҩ драаӡоит. Ииашоуп, асахьаркыратә литература уал хадас иаҵоу аԥсҭазаара ауадаҩрақәа рызхәыцра, реилкаароуп, аха уи аус аҿы цәымзаркырак ирҩызоуп, абнахьчаҩ еиԥш иҟоу, ауаа разқәа, ауаа ҵоурақәа рхымҩаԥгашьақәеи, рхәыцшьақәеи".
Валерий Касландзия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Ахӡыргара иашьҭам: апоет, апрозаик, адраматург Валери Касланӡиа изкны
Хыхь ишазгәасҭаз еиԥш, сара Борис иҩымҭақәа даара срызҿлымҳан, убри азоуп 2013 шықәсазы "Аԥсуа жәабжьқәа" рантологиа анеиқәҳаршәоз, иажәабжь "Ахьышьҭрагьы" занаҳҵаз. Насгьы, аибашьра анеилгаҵәҟьа, рацәакгьы аамҵыцкәа, Борис иажәабжьқәеи иповестқәеи еидызкылоз ишәҟәы саԥхьажәа ацны иҭыҵит. Уи атекст иахьагьы даара сгәы азыбылуеит, инагӡаны иахьа абраҵәҟьа иаазгар сҭахуп:

Ашәҟәыҩҩы "иҩныҟа" дхынҳәит!

Алитератураҿ иҟоуп ашәҟәыҩҩцәа, иаалырҟьан уаҩ илаԥш аарыдхалартә иаацәырҵуа, аха нас ԥыҭраамҭак аӡы ӷӷареиԥш зыбжьы змырцәгьо, амала иҭамбо, ԥшьаала уи ацқьара еиқәырханы ииасны ицо. Урҭ рхы-ргәаҿы аԥсҭазаара еибафоит, рыхшыҩҵак убриаҟара "ирыцқьан" аԥхьаҩ идыргалоит, иара итәушәа, аха ихаҟны имааицызшәа уажәраанӡа, иаразнак деигәырӷьоит, иагьидикылоит. Убасеиԥш иҟоу прозоуп ашәҟәыҩҩы Борис Қаџьаиа ипроза. Уи данцәырҵ ахынҩажәижәабатәи ашықәсқәа раан ииашаҵәҟьан, ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳаԥхьаҩцәа даара иргәырӷьеит. Избанзар, уи ақыҭаҟынтәи ицқьаӡа иааигаз иламыси ибаҩхатәреи ақалақьуаа лаԥшҵарыла игәарҭеит, еилдыршәшәеит ацәгьеи абзиеи, ицәыргатәыз, аԥхьаҩцәа ирхьыгӡатәыз, изырхәыцшаз, иагьзыргәырӷьашаз ахаҿсахьақәа рыблаҿы, рхы-ргәаҿы инеигеит.
© Foto / Анатолий ЛагулааБорис Қаџьаиа ишәҟәы "Ашьыбжьышьҭахь"
Книга Бориса Каджая - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Борис Қаџьаиа ишәҟәы "Ашьыбжьышьҭахь"
Сара ибзиан исгәалашәоит, уи иажәабжь "Атама ашәҭқәа" анҭыҵ, ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа деигәырӷьаны ииҳәаз: "Абас даҽа хәбаҟа жәабжь иҩыр, ҳлитератураҿ ахааназ даанхоит!" Усҟан ҳара ҳастуденцәан, Даур иҟынтәи ари аҩыза анҳаҳа, изныз ажурнал еимырҟьаны ҳаԥхьеит, иагьҳгәаԥхеит. Убриаахыс, ишьацаагагоу ааԥынтәи ақәаԥсатеиԥш, ихааӡа Борис иажәабжьқәеи иповестқәеи срыԥхьоит, сагьреигәырӷьоит. Избанзар, урҭ "иртәоу" абызшәала иҩуп, ажәақәа, ар бзиа реиԥш, дасу дара рҭыԥаҿ игылоуп, иҩымҭақәа ирылоу ахаҿсахьақәа ирҳәо агәра угоит, рхәыцшьеи, рынхашьеи, рынҵышьеи узааигәоуп. Иажәабжьқәа рҿы ииҳәарц ииҭаху иаразнак уқьышә иқәикӡом, уазирхәыцуеит, уалеигалоит, атема хаа-хаа амцеиԥш "иуниршуеит", агьама уиркуеит, нас аҵыхәанӡа уамԥхьакәа узаԥырҵзом.
Убас еиԥш иҟоу, убла ихыҷҷало, угәы ҭзыргәырӷьаауа, абаҩхатәра бзиа мацара иныҟәнаго, уи иаҵаҵәаху ҟазшьақәак уг-уҿы амырҳәаӡакәа удырҭаслымуеит автор ипрозаҿ. Аус злоу, ашәҟәыҩҩы изы ирлас-ырласны ацәырҵра акәӡам, аус злоу, даҽазнык данбацәырҵри, иарбан журналу, иарбан шәҟәу иҩымҭақәа зныло ҳәа аԥхьаҩцәа анузыԥшуа, насгьы аԥшра ианамырааԥсо ауп...
Зны-зынла убас "аԥшра" анҳақәиршәо ыҟоуп Борисгьы. Аха уи иара ишиҟазшьоу еиԥш, дыццакӡом, нахьхьи игәаҵаҿ џьара аибафара иаҿуп ахҭысқәа, урҭ аԥсҭазаара ду ахь рыиагаразы ишәароуп, изароуп, ишырҳәо еиԥш, алыхәҭа икылихроуп. Уи ишьаҭақәа ахьыҟоу, иара дызлыҵыз ақыҭа Гәыԥ, уаҟа ииз ҳашәҟәыҩҩ ду Алықьса Гогәуа, уаҟа амҩа ылызхыз уи ипроза, иашьҭанеиуаз даҽа ҩымҭак, даҽа ажәабжьк, даҽа повестк, даҽакала ҟалашьа амаӡам, избанзар, уи аԥхьа иихьаз апроза ду, апроза бзиа, ашьҭахь иааиуа аԥсыҽрақәа ирыцәнахьчоит, адыд-мацәыс ацәыхьчаразы ахьаца-махә шыкнарҳауа еиԥш, Гәыԥаа рзгьы, ҳаԥсуа литература зегьы азгьы "икнаҳауп" уи Гогәуа "ихьацамахә!.."
Борис Қаџьаиа, шамахамзар, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегь реиԥш аҩра далагеит ажәеинраалақәа рыла. Сара иахьагьы ибзианы исгәалашәоит усҟан ҳанстудентцәаз иаҳгәаԥханы ҳзыԥхьоз иажәеинраалақәа руак:
Иарбан макьана бызхыццак,
Жәибжь уажәоуп банырҭыс.
Бныҳәаҿа аанкылан аҵәыцак,
Имжәыцызт макьана арԥыск.
Бдәылҵуан бара аҵых ашараз,
Бдәылҵуан ашьшьыҳәа быҽӡа.
Быцәан аусура иаркараз,
Ԥхыӡк далан бан ихааӡа.
Блакҩакит бынасыԥ быԥсы адкыл,
Ба бдәылҵра анааи аҽҳәара.
Бцашан банзаҵә даагәыдкыл,
Лара блымбаӡац лызхара.
Аха уи ацәа хаа далҵыр,
Дбазҵаар: "Бабацои, сыԥҳа?"
Арҵәааҳәа аҳәҳәабжь нхылҵар,
Ажәлар еизылгар уаха…
Бынасыԥ усҟан ибцәыԥрып,
Ирхыҵып иаразнак быжь-шьхак…
Ибура-ибҳәара бақәшәом,
Ибымам арахь даҽа мҩак.
Иарбан макьана бызхыццак,
Жәибжь уажәоуп банырҭыс.
Бныҳәаҿа аанкылан аҵәыцак,
Имжәыцызт макьана арԥыск!..
Арҭ ацәаҳәақәа ирымоу амҵәыжәҩа, агәаҳәара, ирыԥхьалак зегьы, ашәҟәыҩҩы иҵегь поетк иаҳасабала апоезиа "дадхалацәоз" џьыршьон, аха уи апоезиаҿ ирласны "игараҟәҟәақәа" ԥиртлеит, дагьыиасит апрозахь. Аԥхьаҩ ибзианы игәалашәоит уи 1978 шықәса рзы иҭыҵыз раԥхьатәи ишәҟәы "Атама ашәҭқәа". Араҟа еидкылан заатәи иажәабжьқәа быжьба, шамахамзар урҭ зегьы ажурналқәеи агазеҭқәеи рҿы акьыԥхь збахьаз ракәын.
© Foto / Анатолий ЛагулааБорис Қаџьаиа ишәҟәы
Книга Бориса Каджая - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Борис Қаџьаиа ишәҟәы
Убри инақәырццакны ашәҟәыҩҩ ҿа аҩбатәи ишәҟәы ҭыҵит 1980 шықәсазы "Амҩан ахәыцрақәа" ҳәа хьӡыс измаз. Автор еиҳа-еиҳа ипроза алаԥш ҭбаахон, ишьҭихуаз атемақәагьы, апроблемақәагь аҿари ақәыԥшреи рдунеи инахысны, аԥсҭазаара егьырҭ аиҿыхарҭақәа, аибафарҭақәа рҟынӡа инаӡон. Убри азоуп автор ԥшьышықәса нарыбжьаҵаны изҭижьыз ашәҟәқәа: "Аԥсҭҳәа шкәакәақәа" (1984 ш.). Ари аизга еиднакылеит аповестқәа: "Абнахьчаҩ", "Наира", иара убасгьы ажәабжьқәа. 1988 ш. иҭыҵит автор аԥшьбатәи ишәҟәы: "Даҽа мҩак ала". Араҟа аԥхьаҩ агәра игартә ибоит ашәҟәыҩҩы дышҭышәынтәалоу, иҟазара ишазҳауа, аҿыц аԥшаара дшашьҭоу, ажәа аԥсы ахьҭоу шиныруа.
Иазгәаҭатәуп даҽакгьы. Борис Қаџьаиа шәҟәыҩҩык иаҳасабалагьы, журналистк иаҳасабалагьы аусура даҿуп 1970 ш. азы Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша данҭала нахыс. Араҟа уи ирҵаҩцәа реиԥш, уахь ирлас-ырласны имҩахыҵлоз ҳашәҟәыҩҩцәа игәарҭеит уи илаз абаҩхатәра. Убри азоуп аинститут аҿы еиҿкааз алитературатә хеидкыла анапхгара инапы изанырҵаз, уаҟа иҭыҵуаз анапылаҩыратә журнал "Арҩаш" редакторсгьы дзаҭаз. 1975 шықәсазы Борис Қаџьаиа агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциаҿы аусура далагеит. Акыршықәса агазеҭ акультура аҟәша деиҳабын. Уиижьҭеи иахьанӡагьы ажурналистика дадҳәалоуп, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан Борис Қаџьаиа агазеҭ "Аԥсны" арратә корреспондентс дыҟан, аибашьра анеилга аахыс уи агазеҭ аҟәшақәа руак редақторс дыҟоул, даара аԥышәа змоу еиҭагаҩуп. Иазгәаҭатәуп уи 1980 ш. раахыс СССР ажурналистцәа Реидгыла дшалоу, иара убасгьы 1992 ш. раахыс Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла, Ажурналисттә Еидгылақәа Жәларбжьаратәи Рконфедерациа далоуп.
Енвер Ажиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2021
Ауадаҩрақәа ирӡрыжәыз апоет: Енвер Ажьиба 63 шықәса ихыҵра иазкны
Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩ! Иахьа уара уаԥхьа иқәуп ҩынҩажәижәаба шықәса инарҭысхьоу, аԥсҭазаараҿ абзиагь ацәгьагьы збахьоу, инарҵаулан ихәыцуа, ҳаԥсуа прозаҿ абжьаратәи абиԥара иаҵанакуа, зажәабжьқәеи зповестқәеи рыла уажәы-уажәы аԥхьаҩ ибла "ихымсло", аха иааҟәымҵӡакәа ҩныҵҟала ицәқәырԥо, збаҩхатәра агәра ааго ашәҟәыҩҩы Борис Қаџьаиа ишәҟә ҿыц. Ҳгәы иаанагоит, аԥхьаҩи Борис Қаџьаиеи ирыбжьаз аамҭалатәи аҿымҭра, араҟа ишмыцхәу дырны ирыбжьыҵып ҳәа!.. Избанзар, ашәҟәыҩҩы "иҩныҟа" дхынҳәит, аԥхьаҩгьы дгәырӷәаҵәа шьац иаҵәала иқәҵоу уи "иашҭа" дҭалеит!.."
Ҳҩыза бзиа, ҳаиҳаб ҟәыш, ашьац ҟьацыр ҳәа ишәаны иаӷрамгыло, уҩызцәа зегьы реиԥш, саргьы исҭахуп, ужәлар ирыдуҵаз уџьабаа зегьы уԥыларц, уаԥхьаҩцәеи уареи шәеигымзарц, ирласы-рласны шәеибабаларц, ҭаацәала аманшәалара умазарц, уԥҳазаҵә лгәырӷьара убарц, иуҭаху абзеирақәа зегьы ушьапқәа аӷьараҳәа ушрықәгылоу уашҭа иҭаларц!..
Ажәабжьқәа зегьы
0