Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аҩардани Коӷониеи арратә госпиталь аусура иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Аҩардани Коӷониеи арратә госпиталь аусура иазкны )
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иааижьҭеи ҩымз ҵуеит. Арадио Sputnik аефир аҟны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Аҩардани, агоспиталь аҿы ишьҭоу Водик Коӷониеи еиҭарҳәеит аҿкы аҿагылараҟны арратә госпиталь алшарақәа ртәы.
Жьҭаара 18 рзы ҩымз ҵит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иааижьҭеи. Арратә ҳақьымцәа ҩынтәуп ацхырааразы иаауеижьҭеи.
Жьҭаара 20, 2020 шықәса инаркны хәажәкыра 1, 2021 шықәсанӡа 450- ҩык астационар иахысит, 3300-ҩык амбулаторла имҩаԥган. Арҭ аҩымз рзы агоспиталь аҳақьымцәа шаҟаҩы рыхәшәтәызи, ҳтәылаҟны имҩаԥырго аус аҵаки, алаҵаҟаҵара ҳтәылаҟны ишцои рзы игәаанагра арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Аҩардан. Иара убас арратә амобилтә госпиталь аҿы ишьҭо Водик Коӷониа еиҭеиҳәеит, иҭагылазаашьа зеиԥшрази, иарбан цхыраароу уаҟа иоузи ртәы.
Ажәабжьқәа зегьы
0