Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аибашьра ду аветеранцәа ацхыраара рнаҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Посол РФ в Абхазии Алексей Двинянин вручил ветеранам ВОВ подарки
Посол РФ в Абхазии Алексей Двинянин вручил ветеранам ВОВ подарки - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа имҩаԥнагаз акциала аматериалтә цхыраара рыҭоуп 49-ҩык. Акциа мҩаԥысуан жьҭаара 15-20 рзы.
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа 1941-1945 шықәсқәазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа аматериалтә цхыраара рнаҭеит.
"Аԥсны ари акциа мҩаԥаагоит жьҭаара 15-20 рыҩныҵҟа. Ацхыраара рыҭоуп 49-ҩык, урҭ рҟынтәи 25-ҩык ветеранцәоуп, егьырҭ аибашьра алахәылацәеи рҭаацәарақәеи роуп. Агәахәара ду снаҭоит Урыстәыла аиҳабыра рыхьӡала аԥаратә цхыраара шәнапаҿы шәыркра", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Аибашьра ду аветеран Алықьса Шьониа даниҭаа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Посол РФ в Абхазии Алексей Двинянин вручил ветеранам ВОВ подарки
Посол РФ в Абхазии Алексей Двинянин вручил ветеранам ВОВ подарки - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2021
Посол РФ в Абхазии Алексей Двинянин вручил ветеранам ВОВ подарки
Аветеран иакәзар ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Урыстәыла аиҳабыреи Ацҳаражәҳәарҭеи иаадырԥшыз агәцаракразы.
"Ҭабуп идуӡӡаны иҟашәҵо азы. Агәабзиара анцәа иаҭәеишьааит Урыстәыла ахада Владимир Путин. Еснагь азхьаԥшра ду ҳаиҭоит. Ҳара аветеранцәа иаанхаз ҳмаҷуп, ҭабуп ҳахьышәхамшҭуа. Анцәа иҳәааит Ԥсоуи Егри рыбжьара аҭынчра ыҟазарц, ажәҩан цқьазарц, ачымазара уаҳа иҟамларцаз", - иҳәеит Алықьса Шьониа.
Ветеран ВОВ Шония Алексей Иосифович. - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2015
Аветеран Шьониа: сҳамҭақәа рхыԥхьаӡара сгәалашәом, калаҭк азна ыҟоуп
Анаҩс ацҳаражәҳәаҩ дылҭааит Аибашьра ду аветеран Валентина Шульгина. Лара 2022 шықәса ажьырныҳәамзазы 100 шықәса лхыҵуеит.
"Урыстәыла аиҳабыра рыхьӡала аматериалтә цхыраара шәаҭәашьоуп. Ари гуманитартә ҳамҭоуп– шәгәы бзиазарц, акраамҭа шәыҟазарц", - иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
Валентина Шульгина ари ҭабуп ахҳәааны иазгәалҭеит аибашьра аамҭақәа лассы-лассы ишылгәалашәо.
"Сгәалашәарақәа Сталинград ала срылагалоит, анаҩс Курск-Орловтәи ацәаҳәахьы сиасуеит. Уа жәҩык аҭыԥҳацәа қәыԥшцәа, асанитаркацәа сыцәҭахеит. Аибашьра ашьҭахь хынтә-ԥшьынтә урҭ аҭыԥқәа сырҭааит. Нас исгәалашәоит Беларусь – аҭабиаҿ сышнель аҵаа ишакыз, исыкәыршан ишьҭаз шҭахаз, сара сыԥсы шҭаз. Нас – Кенигсберг, Берлин. Реихстаг аҿы снапҩымҭагь ануп", - еиҭалҳәоит Шульгина.
Алықьса Шьониа Краснодартәи апулемет-минометтә ҵараиурҭа ашьҭахь 24-тәи агвардиатә дивизиа далахәны Донбасс, Ҟрым, Керчь, Ростов рхақәиҭтәра далахәын.
Ветераны Великой Отечественной войны на церемонии возложения цветов около Вечного огня в парке Победы во время празднования Дня Победы в Ереване - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2021
"Сара сеибашьра": Аԥснынтәи Аибашьра Ду аветеранцәа злахәу афильм ҭыҵит
Аибашьраҿы Алықьса Шьониа дырхәит. Ишьапы данықәгыла Уралтәи арратә округ аҿы авзвод маӡахьы днанагеит. Имаз ахәра иахҟьаны 1944 шықәсазы аҩныҟа дхынҳәыр акәхеит.
Афронт аҟынтә ихынҳәыз аветеран ҩышықәса кәтолтәи абжьаратә школ аҿы аус иуан. 1946 - 1992 шықәсқәа рзы Алықьса Шьониа Тҟәарчал ашахтаҿы дыҟан.
Асовет уаа зегь реиԥш Валентина Шульгина аибашьра ишалагаз арадио ала илаҳаит. Аӷа Москва дазааигәахо даналага Валентина Шульгина авоенкомат ахь илыԥхьаны ашәҟәы дҭарҩит ҳақьымк иҳасаб ала. Нанҳәа 24 1942 шықәсазы Валентина Шульгина Томскынтә Омскҟа ддәықәырҵеит. Уа адивизиа еиҿыркаауан, Валентина асанитартә взвод акомандаҟаҵаҩыс дҟаҵан. Валентина Шульгина лнапаҵаҟа 21-ҩык ыҟан. Ҩымчыбжь Омск аҟазаара ашьҭахь авзвод Сталинградҟа амҩа иқәҵан.
Ажәабжьқәа зегьы
0