"Аԥхыӡ ҿаасҭа збеит, ахәыҷқәа шԥаҟоу": 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡаз Осман Кәакәасқьыр иҭоурых

© Foto / Саида ЖибаОсман Кәакәасқьыри Анҭица Ҟаитанԥҳаи
Осман Кәакәасқьыри Анҭица Ҟаитанԥҳаи - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭоурых аҟны ихамшҭыхәны иаанхоит, ҳауаажәлар рнырҵәара иазынархаз Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика хьанҭа. Уи ашьҭақәа иахьагьы имӷьо хәраны ргәы иануп забдуцәеи забацәеи дырӡыз ауаа.
37-тәи ашықәсқәа ирыхәлабгаз, Бзыԥҭа аҳаблан ииз иааӡаз Осман Жьыгәа-иԥа Кәакәасқьыр имаҭа Емма Золотинска-иԥҳа лаӷырӡылоуп иахьагьы лабду иӡбахә шылҳәо.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Осман Жьыгәа-иԥа Кәакәасқьыр ԥшьҩык аишьцәа дреиҳабын. 30-тәи ашықәсқәа ранҵәамҭазы иара Бзыԥҭа ақыҭсовет дахагылан. Усҟантәи аамҭазы активла ашколқәа рыргылара далахәын. Аҽы, аҽыуардын, ауардын уҳәа змаз иуаажәлар ицырхрааны, аргыларатә маҭәахәқәа ааганы егьырҭ ақыҭақәа ирацлабны ари аус аҿы аԥхьагылара рыман.
"Сабду активла Асовет ҳәынҭқарра аҿиара дшацхраауазгьы, ауаа аколнхара ишаламло ҳәа ақәра игозшәа ахара идырҵеит. Уи зныз апротокол саҳәшьаԥа Дауҭ Хәытаба ила ҳнапаҿы ианааи саԥхьеит. Аԥхьаҟа шықәсы рацәала дызхдырҟьаз ҳаздыруамызт", - лҳәоит Осман имаҭа Емма Кәакәасқьырԥҳа.
Осман Жьыгәа-иԥа НКВД аусзуҩцәа аҩныҟа дшаауаз, ашҭа аҭалаха имҭақәа амҩан дааныркылазаап. "Сбыҳәоит, ахәыҷқәа ныжьны џьаргьы бымцан, ишсхарам еилыркаар соурыжьуеит", - ҳәа иԥшәмаԥҳәыс Анҭица Ҟаитанԥҳа ибжьы лықәыргара заҵәык дахьӡеит.
Қшьышьи Џьаҭмеи Гәынаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Наӡаӡа ахәышҭаара нрыжьит: Осман Гәынбеи иԥацәеи рҭоурых
"Сабду аҩны дыҩнарымҵаӡеит, бџьарк имазар, иҵәахыр ҳәа ишәаны. Дара икәшаны иахьынӡагылаз, руаӡәы аԥшаара далагеит, аха аҟама ада акагьы имбаӡеит, иара уигьы аҭаацәа ирымихит", - лажәабжь иацылҵоит Емма.
Осман данҭаркуаз аҽны, игәыла Қьаамын Барцыцгьы дыргазаап. Ашьыжь рыҳәсақәа ажәқәа анҭырцоз иҟалаз анеибырҳәоз уи еилкаахеит. Дара зны Гагра, Абааҭатәи абахҭа иҭаркит, анаҩс Қарҭҟа идәықәырҵеит.
Осман Кәакәасқьыр хҩык аҳәса ааигахьан. Раԥхьатәи ҩыџьа иаамҭанымкәа рыдунеи рыԥсахит. Урҭ рҟынтә аӡәаӡәа ахшара иман, аԥеи аԥҳаи. Анаҩс динасыԥхеит Анҭица Ҟаитанԥҳа, дара 11-ҩык ахәыҷқәа рхылҵит. Осман данҭаркоз лара аҵыхәтәантәи лысаби изы лцәалтәымкәа дыҟан.
1942 шықәсазы, Карагандантәи Осман Жьыгәа-иԥа иҭаацәа аҵыхәтәантәи асалам шәҟәы рзааишьҭит. Раԥхьатәи ацәаҳәақәа "аԥхыӡ ҿаасҭа збеит, ахәыҷқәа шԥаҟоу" ҳәа иалагон. Анҭица уи аҭак аныҟалҵоз, 21 шықәса зхыҵуаз рԥа еиҳабы аҵара ицызҵоз иҩыза иҟынтә аимҳәацәгьа ихьны идунеи шиԥсахыз, ааигәа анышә дшамалдаз иалымҳәаӡеит.
Письмо пером  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2021
Агәыӷра зцыз асалам шәҟәы: арепрессиақәа ирылаӡыз Амтон Хагәышь иҟәырҷаха
"Сабду раԥхьатәи иҳәса рҟынтә имаз аԥеи аԥҳаи санду лоуп изааӡаз. Дара ирхылҵыз 11-ҩык рахьтә ԥшьҩызаҵәык ақәрақәа нырҵеит. Егьырҭ ишыхәыҷыз, ишқәыԥшыз еиуеиԥшым ачымазарақәеи амашәырқәеи ирхырҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит. Абас лыхшара аӡәаӡәала анышә инахәлаԥсо, ашәы лшәымхӡакәа лыԥсҭазаара мҩасит. Ақәра ду нымҵакәа асаби дышлымаз лыԥсҭазаара ҿахҵәеит сабду раԥхьатәи иԥҳәыс лҟынтә имаз иԥҳагьы. Анҵыра зауз, аҩбатәи иԥшәмаԥҳәыс лҟынтә ихылҵыз аԥа Давиди, санду лҟынтә иоуз сара саб Золотинскеи, иашьцәа Константитни, Зосими, раҳәшьа Евдокиеи роуп", - илахьеиқәҵагоу лҭаацәаратә ҭоурых дазааҭгылоит амаҭа.
Анҭица Ҟаитанԥҳа илзынхаз лхәыҷқәа аколнхараҿы лара дрыцҳашьаны лхаҭыԥан аус руан. Анхамҩа аныҟәгараҿи ахәыҷқәа ршьапы рықәыргылареи рҿы лабхәандацәа лыцхраауан. "Рыԥсы сакәахшоуп, дара ракәымзар схәыҷқәа сзааӡаӡомызт", - ҳәа лмаҭацәа ирзеиҭалҳәалон.
День памяти жертв политических репрессий  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2022
Аԥсны
Ииаҭымхаз абиԥарак: 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз аишьцәа Шармаҭаа рҭоурых
"Ҳанду ибзианы дысгәалашәоит. Лара убысҟан бзиа ҳалбон, ҳлеишәа анҳарцәгьоз ҳанацәа ҳрымԥҟарцаз лыбӷа ҳақәлыртәон, "дара шәыркьыс, сара шәыскьыс акоуп" ҳәа раҳәаны, ирԥхашьаны иҳадылгон. Ҳанду Анҭица ақәра ду нылҵеит, лыдунеи анылԥсахуаз 103 шықәса лхыҵуан. Уи иаҳзынлыжьаз аԥхарра иахьагьы ҳаибаркны ҳамоуп", - лҳәоит Емма Кәакәасқьырԥҳа.
Осман Жьыгәа-иԥа данҭаркуаз 65 шықәса ихыҵуан. Иара атәым дгьыл ахь дахьахнагаз иԥсҭазаашьахаз еилкаам.
Ажәабжьқәа зегьы
0