Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳәса рзы ареспубликатә консультациа ахьыҟаз еиҭашьақәыргыланы иаадыртит

© Sputnik / Леон Адлейба Открытие республиканской женской консультации в Сухуме
Открытие республиканской женской консультации в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Анапаҵаҩра
Аҳәса рзы ареспубликатә консультациа ахьыҟоу аиҭашьақәыргылара иалагеит 2019 шықәсазы. Аԥарақәа ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иахшәаан.
АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҳәса рзы ареспубликатә консультациа ахьымҩаԥыргуа еиҭашьақәыргылан иаадыртит жьҭаара 27 азы.
Аартра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Иара иҳәеит ари акрызҵазкуа хҭысны ишыҟоу, далацәажәеит аконсультациа аиҿкаашьа.
Иҟоуп макьаназы 100 процентк рыла еибыҭам ахархәагақәа. Сгәы иаанагоит ари аамҭа аҭахуп ҳәа избанзар аԥаразоужьра рацәаны иаҭахуп. Ус шакәугьы аамҭақәак рышьҭахь амедусҳәарҭа ҳаамҭа иақәшәо еиҿкаахоит ҳәа.
Новорожденный ребенок   - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2021
Аԥсны
Аԥсны ииз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷуп уажәтәи аамҭа 2020 шықәса иаҿурԥшуазар
Аиҭашьақәыргылара иалаган 2019 шықәсазы, иахҭынҵоуп 8,8 миллион мааҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Аконсультациа аиҳабы Кама Шәлымԥҳа лажәақәа рыла, уаанӡа ахыбра аҭагылазаашьа бааԥсын.
Еиҭашьақәыргылоу ахыбраҿ аус руеит акушер-гинекологцәа, атерапевтцәа, аофтальмологцәа, аԥсихолог, астоматолог, иара убас араҟа иҟоуп алабораториа. Аколлектив аилазаара 23-ҩык рыла ишьақәгылоуп. Бжьаратәла мышкала 45-50-ҩык рыдыркылоит.
Аконсультациаҿ адкылараамҭа: асааҭ 9:00 - 17:00.
Ажәабжьқәа зегьы
0