Урыстәыла адизельтә былтәы ахә аҽеиҭарҿыцит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПовышение цен на бензин
Повышение цен на бензин - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхтә рекорд шьақәнаргылеит авиациатә газ, мышкы аҩнуҵҟа 0,71% ихаланы тоннак азы 58 251 мааҭ иаԥсахеит.
АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik. Абылтә хкқәа хԥа рыхә — аԥхынтәии аӡынтәии адизельтә былтәи авиациатә гази – ахаша рҭоурыхтә рекорд еиҭадырҿыцит Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи ахәаахәҭра-аӡатә биржаҿы (СПбМТСБ).
Аӡынтәи адизельтә былтәы Урыстәыла Европатәи ахәҭатә индекс ала 0,8% ихаланы тоннак азы 59 444 мааҭ шьақәнаргылеит.
Аԥхынтәи адизельтә былтәы Урыстәыла Европатәи ахәҭатә индекс ала 0,38% ихаланы тоннак азы 52 679 мааҭ шьақәнаргылеит.
Топливный пистолет - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2021
Аԥсны баџьда Урыстәылантәи абылтәы аагара иалацәажәеит
Асезонбжьаратә дизельтә былтәгьы ахә халеит, аха арекорд аҟаҵаразы 100 мааҭк инанамыгӡеит. Ахашазы иара ахәԥса 0,49% ихаланы тоннак 53 897 мааҭ иаԥсахеит.
Аҭоурыхтә рекорд шьақәнаргылеит авиациатә газ, мышкы аҩнуҵҟа 0,71% ихаланы тоннак азы 58 251 мааҭ иаԥсахеит.
Абензин ахә ацлара иаҿуп. Аи-92 ахә бжьаратәла 0,44% ихаланы тоннак азы 53 789 мааҭ ҟалеит, Аи-95 —1,03% ихаланы, тоннак азы 55 231 мааҭ ҟалеит.
Егьырҭ абылтә хкқәа рыхә лаҟәит. Амазут ахә тоннак азы 26 525 мааҭ илаҟәит (-0,25%), арацәаӡриқәа —38 056 мааҭ (-0,14%).
Ажәабжьқәа зегьы
0