Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҩыза бзиа, апатриот ду, апрофессионал: Гарри Дбар игәалашәара иазкны

© Foto / из архива Гарри ДбарГарри Дбар
Гарри Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа радио аредактор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Гарри Дбар иахьа иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуазаарын 62 шықәса.
Коллектив АГТРК
Гарри Дорофеи-иԥа Дбар диит Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы. 1976 шықәсазы иқыҭа гәакьа ашкол далганы, дҭалоит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә педагогикатә институт.
1977-78-тәи ашықәсқәа рзы имҩаԥысуаз аԥсуа милаҭтә-хақәиҭратә қәԥара иалагылаз аҿар рхыԥхьаӡараҿы иҟан Владимир Анқәаб напхгара зиҭоз алитературатә гәыԥ, уи агәыԥ далан Гарри Дбаргьы.
1978 шықәсазы КПСС ацентртә комитет иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны, Аԥсуа телехәаԥшра анаартха, иаҭаххеит уи амаҵ азызушаз апрофессионалтә кадрқәа. Убас, астудентцәа рахьтә еиҳа абаҩхатәра змоу ҳәа ргәы иззанагоз хҩык: Екатерина Бебиаԥҳаи, Гарри Дбари, Зураб Аргәыни Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика аҟәшахьы ирышьҭит. Усҟан Аԥсны раԥхьаӡа акәны амилаҭтә телехәаԥшрала аартра иаамҭан, зыхәшьара ҳаракыз аԥсуа кадрқәа аҭахын.
© Foto / Екатерина Бебиаԥҳа лархив аҟнытәАжурналистцәа Гарри Дбар, Екатерина Бебиаԥҳа, Зураб Аргәын
Ажурналистцәа Гарри Дбар, Екатерина Бебиаԥҳа, Зураб Аргәын - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2021
Ажурналистцәа Гарри Дбар, Екатерина Бебиаԥҳа, Зураб Аргәын
"Гарри Дбар уамакала иҭышәынтәалаз, ҩнуҵҟала аҭынчра змаз, зхы знапаҿы аагашьа здыруаз журналистын. Қарҭ ҳаҟанаҵгьы, ақырҭқәа иагьараан иаҳгәамԥхоз аҭагылазаашьақәа ҳрықәдыршәон, сара иаразнак сацыҵҟьар сылшон, аха Гарри хаҵаҵас аҽынкылара аарԥшны, хшыҩ хьшәашәала азнеишьа идыруан. Убри аҟнытә ҳахҩык ҳгәыԥ аҟны иара еиҳа дгәыцәын, еиҳабҵасгьы даҳхылаԥшуан", - иазгәалҭоит Бебиаԥҳа.
Истудент ԥсҭазаараҟны иааирԥшуан иуаҩратә ҟазшьа бзиақәа, иҩызцәа рыгәҭаны аҳаҭыр иман, пату иқәырҵон, иажәа ажәан, иус аҵыхәтәанынӡа инаигӡар акәын еснагь.
Қырҭтәыла иҵара хыркәшаны Аԥсныҟа даныхынҳә, 22 шықәса анихыҵуаз инаркны Гарри Дбар аусура далагоит Аԥсуа радио акорреспондентс.
"Гаррии сареи ҳаибадырит 1970 шықәса анҵәамҭазы, Аҟәа аҵара аниҵоз аамҭазы. Иус бзианы идыруан, пату иқәын, дпатриот дуун, дҩыза бзиан. Исгәалашәоит, шықәсык зны Инаԥҳа Кьагәа изкны аҭыхрақәа ҳаман Калдахәара ақыҭан. Ҳаныгьежьуаз, лыхнытәи амҩеихҵәарҭаҟны саанижьит. Амҩа шеихысҵәоз, машьынак сыцәхасит, аха рацәак ԥырхага смоуит. Иара уи ибеит, иаразнак дгьежьны, ахәшәтәырҭахь амҩа хақәлеит. Ак смыхьыр аҿаҭахьы шиқәиҵо ҳәа иҳәазаап усҟан, аха уи сара исыздыруамызт. Мчыбжьык ашьҭахь ашҭа дааҭалеит аџьма иманы, даара уамашәа избеит. Абас дуаҩ гәыразын, дуаҩы цқьан ҳҩыза", - ҳәа ажәа ԥхала дигәалаиршәоит иҩыза, ажурналист Енвер Арџьениа.
Гарри Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2017
Ажурналист игәрагара
Гарри Дбар аибашьратәи ашықәсқәа рзыҳәаны ашьаарҵәыра илагылаз Ешыра ақыҭан иабхәараа рыҟны дыҟан, уаҟа иԥшәмеи иареи аибашьцәа фатәыла-жәтәыла реиқәыршәара иазааԥсон. Уи атәы игәаларшәо Енвер Арџьениа иҳәоит:
"Гарри ишәмаԥҳәыс Риҵа Агрԥҳеи иареи ирааӡеит ҩыџьа ахшара. Аибашьра анцоз Ешыра дынхон. Убраҟа иԥшәмеи иареи акрыфарҭа "Ешыра" аҟны иаангыланы, аибашьра актәи амшқәа инадыркны аибашьцәа рхәы ҟарҵон, акрырҿарҵон. Уахь аҭыхра лассы-лассы ҳамҩахыҵлон. Ишәарҭан ааигәа-сигәа, артҟәацгақәа карыжьуан, аҳаирпланқәа ахыԥраауан, аха агәхьаа мкӡакәа иԥшәмеи иареи ҳаибашьцәа ирыцхраауан", - ҳәа иҳәоит иара.
Аибашьра ахьынӡацоз иара Гәдоуҭаҟа арадио аҟны аусуразы иҳәаны дыргеит, уа дырҭахын зус бзианы издыруаз ауаҩы, ҳажәлар ицоз аибашьра ирызку аинформациа иаша рыҭаразы, ргәы ашьҭыхразы, ҳҵеицәа ирызку анҵамҭақәа рыҟаҵаразы.
Гарри Дбар аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан Аԥсуа телерадиоеилахәыра аҿиарамҩа иацызҵоз, ҵәатәы шьаҟас иаҵагылаз ажурналистцәа рыгәҭа дышгылац дгылан. 2005 шықәса рынахыс Аԥсуа ҳәынҭқарратә радио аредактор еиҳабыс дыҟан.
© Foto / из архива Гарри ДбарГарри Дбар
Гарри Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2021
Гарри Дбар
Аԥсуа журналистика зеиԥш азымдыруа апроект – аӡаҵаҟатәи аҭыхрақәагьы авторс ирымаз Гарри Дбар иакәын. Уи адагьы, ажурналист Аԥсны ашьхақәа рҟны аҭыхрақәа еиҿикаахьан. Иара дравторуп анҵыра ду змаз ателехәаԥшратә дырраҭарақәа акымкәа-ҩбамкәа.
Гарри Дбар аус ицызуаз зегьы еицҿакны иазгәарҭоит иара даара пату шиқәыз, иашьаҵас, абҵас зегьы дшырзыҟаз, идырреи имчи дырмеигӡакәа ишымҩақәиҵоз, иара ишилшаз аколлектив ҭаацәак реиԥш реидкылара.
© Foto / из архива Гарри ДбарАҳәынҭтелерадиоеилахәыра аусзуҩцәа
Коллектив АГТРК - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2021
Ҷыдала ателехәаԥшцәа ргәалашәараҿы дынзыжьыз дырраҭароуп иара ихаҭа авторс дызмоу, аԥсуа қыҭа аԥсҭазаареи абзазашьеи раарԥшра иазку адырраҭара "Аӡыхь". Иҟалалон, ақыҭауаа Гарри азҵаарақәа анизаарышьҭуаз, иара иакәзар, азанааҭуаа адгаланы рызҵаарақәа, рыгәҭыхақәа рҭак ҟаиҵон.
Ажурналист иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, ари адырраҭара мҩаԥигоит Ахра Барганџьиа. Гарри Дбар ихаҭа иоуп Ахра Барганџьиа адырраҭара амҩаԥгара ҷыдала инапы ианызҵаз, занааҭла дышжурналистмызгьы.
"Сара сзы ари аиԥш аус напы аркра ҭакԥхықәра дуун, дунеихаан схахьгьы имааицызт, аха Гарри Дорофеи-иԥа ихаҭа дансыҳәа, мап сзымкит. 2012 шықәса алагамҭа инаркны маи мзанӡа иара иахь сныҟәон, ажурналистика акәамаҵамақәа, сызҭаашаз ақыҭақәа, исҭиишаз азҵаарақәа уҳәа, зегьы сзеиҭеиҳәон. Аҭыхрақәа рҟынтәи саныхынҳәуаз, ателехәаԥшрахьы схалаанӡа раԥхьа иара иҟны снеиуан, санҵамҭа иагыз-иабзаз сеилиркаауан. Абасала, хәыҷ-хәыҷы сымҩақәҵо, игәы-иԥсы здыз адырраҭара сымеидеит", - еиҭеиҳәоит Ахра Барганџьиа.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, аорден "Ахьӡ-аԥша" III аҩаӡара занашьаз Гарри Дбар 53 шықәса дшырҭагылаз, ачымазара бааԥс иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит 2012 шықәсазы.
Гарри Дбар "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп, ҩынтә ианашьахахьан Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла апремиа (1996, 2010 шықәсқәа рзы).
Ажәабжьқәа зегьы
0