Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны атәылауаҩ жәларбжьаратәи аԥшӡаратә еиндаҭлара "Мисс-Офис 2021" афинал ахь днеит

© Foto / instagram / li.smyrЛилия Смыр
Лилия Смыр - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2021
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аԥшӡаратә еиндаҭлара "Мисс-Офис 2021" афинал мҩаԥысраны иҟоуп абҵара анҵәамҭазы, Москва. Алахәылацәа ириааиз ианашьахоит агәыргьыни ҩ-миллион мааҭи.
АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Лилиа Смырԥҳа, Аҟәатәи аҭыԥҳа Аԥсны ахьӡала дықәгылоит Жәларбжьаратәи аԥшӡаратә еиндаҭлара "Мисс-Офис 2021" аҿы. Абри атәы лара Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит.

"Аԥхьанатә акастингқәа мҩаԥган. Аԥсны имҩаԥысит онлаин режим ала. Анаҩс 130-ҩык алахәылацәа афиналбжаҟынӡа инеиит. Уи ашьҭахь имҩаԥысит иаарту абжьыҭира аицлабра аиҿкааҩ "Комус" асаит аҿы. Урҭ реихшьаалала еилкаахеит афинал ахь инеиуаз. Афинал мҩаԥгахоит абҵара 27 азы, Москва. Иалахәхоит 30-ҩык", - ҳәа лҳәеит лара.

Смырԥҳа илҳәеит "Мисс-Офис 2021" афиналтә етап амҩаԥгаҩыс дҟалоит атеатри акинои рактиор Михаил Шац ҳәа. Ажиури иалахәхоит аестрада, акино, ателехәаԥшра рхаҭарнакцәа.
Афинал алахәылацәа еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны рхы аадырԥшыроуп, урҭ иарбақәан рырзара лара азин лымам.
Афинал аинтернет ала идырбахоит, ахәаԥшыҩцәа иалыркааз лзы рыбжьы рҭиир рылшоит. Абжьеиҳа зауа аԥхьахә ҷыда лоуеит ахәаԥшыҩцәа рыхьӡала.
Сария Лакоба - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Иреиӷьӡоу ацәаҳәақәа зызку: еицырдыруа аҳәса
Смырԥҳа илҳәеит ари лыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аԥшӡаратә еиндаҭлара акәны ишыҟоу.
"Асоциалтә ҳақәа рҿы иӡырган Аԥсны ари аиндаҭлараз акастинг мҩаԥысуеит ҳәа. Саҳәшьеи сҩызцәеи сгәы азыҟарҵо иалагеит. Саргьы сахыхәмаршәа анкета хасырҭәааит. Ҳәарада аинтерес аҵоуп", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.
Лилиа Смырԥҳа 27 шықәса лхыҵуеит, ҳасабеилыргаҩыс аилахәыра "А-Мобайл" аҿы аус луеит. Аҭаацәара далоуп, ҩыџьа аԥацәа– Леони Баграти дрануп.
© Foto / instagram / li.smyrЛилия Смыр
Лилия Смыр - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2021
Лилия Смыр
Лҭаацәа ари аус аҟны адгылара лырҭеит.
"Аԥхьанатә аиндаҭлараҿы аҽыкәабага маҭәала ушцәырымҵуаз агәра аагеит. Ари аиндаҭлара иаланарҵәо аҽа хырхарҭоуп – аԥҳәыс аҩни аусуреи шеилалыгӡо, лыларақәа уҳәа роуп", - лҳәоит лара.
"Мисс Офис" – есышықәсатәи еиндаҭлароуп, ишьаҭанаркит 2010 шықәсазы аилахәыра "Комус". Ахықәкы хада - аус зуа, ақәҿиарақәа змоу аԥҳәыс лхаҭара ашьҭыхроуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0