Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: абиуџьет ахь ариашарақәа, аҿагыларатә акциа, QR-кодқәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Здание Администрации Президента
Здание Администрации Президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациоатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ареспубликаҿы абҵара 1-7 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа инарылукааша рыхҳәаа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар цәыббра 30 азы аҭыԥ змаз ахҭыс ашьҭахь имаҵзураҿы деиҭашьақәиргылеит, абри ашьҭахь аибашьра аветеранцәа аҿагыларатә акциа еиҿыркааит, абҵара анҵәамҭазы Аԥсны иазыԥшуп Спутник V ареспубликахь аагара, атәылаҿы имҩаԥысуеит аимҳәаҟынтәалаҵаҟаҵаратә компаниа.
Сариа Кәарацхьиаԥҳа, Sputnik

Аҿагыларатә акциеи ҩ-қәҵараки

Иахьагьы актуалтә ҟазшьа аманы иҟоуп цәыббра 30 ауха адепутат Гарри Кокаиеи, аибашьра аветеранцәеи, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәеи рыбжьара иҟалаз ахҭыс.
Аҭоурых ацҵа аиуит абҵара 2 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар цәыббра 30 азы аҭыԥ змаз ахҭыс ашьҭахь имаҵзураҿы деиҭанышьақәиргыла ашьҭахь.
Дмитрий Дбар приступил сегодня к исполнению  своих служебных обязанностей - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Аԥсны
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр имаҵурахьы дырхынҳәуп
Абҵара 4 азы Адраматә театр ахыбра аҿаԥхьаҿы имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа еиҿыркааз амитинг.
Аԥшьаша, абҵарамза 4 рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рхеилак алахәылацәеи, рыдгылаҩцәеи имҩаԥыргаз аҿагыларатә акциаҿы аиҿкааҩцәа дҵаны иқәдыргылеит Аԥсны АА рминистр Дмитри Дбар инапынҵақәа аанижьырц. Уи азы ақәҵара рыдыркылеит.
Аслан Бжьаниа аветеранцәа идикылеит, иҳәеит апрокуратура хада аусҭҵаара ишаҿу, азакәаншьаҭа змоу аӡбра ауп ирыдыркыло ҳәа. Дбар имаҵурахьы дахьиргьежьыз азы иӡбамҭа шыимԥсахуа иҳәеит.
Аиқәшәара ашьҭахь аҿагыларатә акциа аиҿкааҩцәа ақәҵара ҿыц рыдыркылеит, уаҟа иарбоуп ҿыц амитинг шеиҿыркаауа, усҟан Атәыла ахада Аслан Бжьаниа имаҵура аанижьырц аҳәамҭа шыҟарҵо, уи ашьҭахь амитинг хдыркәшеит.
Акция протеста на площади у драмтеатра - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Аԥсны
Аҟәа аоппозициа имҩаԥыргаз амитинг хыркәшоуп, аҿагылаҩцәа арезолиуциа ҿыц рыдыркылеит
Абҵара 5 азы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭазы Ахашшааратә коллегиахь ашшыԥхьыӡ нарышьҭит.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иҟанаҵаз алкаа инақәыршәаны, адепутат Гарри Кокаиа ихымҩаԥгашьа ашьеит амчра ахаҭарнакцәа рганахь ала аҳаҭырларҟәра мҩаԥигеит ҳәа. Адепутат Алмысхан Арӡынба иумҭа – амбжьахра, азеиԥшуаажәларратә ҭагылазаашьа аилагара, абџьар ахархәарала ауаажәларра рганахь ала аҳаҭырқәымҵара мҩаԥигеит ҳәа.
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2021
Аԥсны
Жәлар Реизара адепутатцәа Кокаиеи Арӡынбеи Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа иазашшит
Адепутатцәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра аҭагылазаашьа зегьы азхьаԥшра амҭақәа алкаақәа ҟанаҵеит ҳәа иазыршьоит.

QR-кодқәеи "Спутник-V" азыԥшреи

Абҵара 5 азы Агәабзиарахьчара аминистрра алаҵа ззыҟаҵоу QR-код рыҭара апрограмма иалацәажәеит.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иажәақәа рыла алаҵақәа "Спутник – V", "Спутник Лайт" ҟазҵаз аминистрраҟынтә смс-дыррақәа роулоит алогини апароли рыцҵаны. Алогини апароли "ахатәы кабинет" ахь иҭагалатәуп аминистрра асаит аҿы. "Акабинет" аҟны иарбахоит алаҵази иара ахьыҟаҵаз амедусҳәарҭази адырра. Иара уа иалшоит алаҵа аныҟаҵаз арыцхәи, иахьыҟаҵаз амедусҳәарҭеи рыхҩылаара, иара убасгьы QR-код ахҩылаара, ԥхьаҟазы акьыԥхьразы ма аелектронтә версиа ахархәаразы.
Акод аелектронтә версиаҿ ирмаӡоуп алаҵазы асертификат аномер, арҭ адыррақәа зныԥшуа аминистрра адаҟьахь уҭазгало ахырхарҭа.
QR-кодқәа рырҭоит аминистрра еиҿнакааз алаҵа ззыҟаҵоу рбаза ашьаҭала. Акодқәа ауаа рыҭара иалагеит абҵара 4 азы. "А-мобаил" адиректор хада Борис Барцыц иажәақәа рыла, алогинқәеи апарольқәеи 850-ҩык рҟынӡа ирзынашьҭуп. QR-код ҿҳәарас шықәсык амоуп.
Абҵарамзазы Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп фнызқь лаҵа "Спутник V".
Абри атәы иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба алаҵа ззыҟаҵоу QR-кодқәа рыҭара аӡыргараан.
Вакцинация в Гостином дворе - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2021
Аԥсны
Аԥсны COVID-19 аҟынтә алаҵа заҟаҩы иҟарҵахьоу рҳәеит
Ииасыз амчыбжь азы асезонтә еимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагеит. Аимҳәаҟынтәи асезонтә лаҵа ауаа хатәгәаԥхарала ирыларҵоит, урҭ араионтә поликлиникақәа рҿы хәыда-ԥсада ирзыҟарҵоит. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәаҟынтә урыстәылатәи алаҵа "Гриппол Плюс" аанагеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.
Вакцинация против гриппа в Челябинске - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2021
Аԥсны
Аԥсны аимҳәаҟынтә алаҵаҟаҵара иалагеит
Лара лажәақәа рыла, алаҵа ҟарҵар рылшоит фымз зхыҵуа инадыркны.
"Алаҵа аконсервантқәа алаӡам, уи иалоуп полиоксидони захьӡу ахәшә, уи иаҳа ирласны аиммунитет цәырнагар ауеит. Уи рыларҵарц рабжьызгоит акоронавирус зыхьхьоу ауаа, избанзар урҭ риммунитет акыр илаҟәуп", - ҳәа азгәалҭеит Скорик.
Лара иара убас иазгәалҭеит 60 шықәса ирҭысхьоу, ахроникатә чымазарақәеи аллергиеи (акәты ацил азы аллергиа змоу рыда) змоу ирыларҵар ҟалоит.

Москватәи аныҟәарақәа рылҵшәақәа

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа дцеит жьҭаара 25 азы.
Абҵара 2 азы Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра иазеиҭеиҳәеит Москва усутә визитла иҟазаара аихшьаалақәа рзуны.

Апарламент асессиа

Абҵара 3 азы Аԥсны Апарламент аилатәара мҩаԥнагеит. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәараан аҵыхәтәантәи аԥхьарала иаднакылеит "2021 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет азы" азакәан аԥсахрақәа.
Сессия в парламента Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2021
Аԥсны
Аԥсны Апарламент "2021 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет" азакәан аԥсахрақәа аланагалеит
Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Натали Смырԥҳа ишылҳәаз ала, 90 миллион мааҭ азԥхьагәаҭан Арбитражтә ӡбарҭа азыӡбатә уалқәа рыхҩаразы, аха апарламенттә еилакы урҭ аԥсахрақәа апроект иаланамгалеит.
Аԥсны Апарламент иаднакылеит "Аԥсны Ахылаԥшратә Палата 2022 шықәсазы аныҟәгараз иаҭаху аԥара аҳәаақәҵараз" ақәҵара. Ирыдыркылаз ахарџьынҵа 34 миллион 744 нызқь мааҭ арбоуп.
Апарламент Аԥсны ауаҩы изинқәа зыхьчо иаппарат 2022 шықәсазтәи аныхрақәа шьақәнарӷәӷәеит.
Ахарџьынҵа ишьақәнартәеит 4 миллионки 870 нызқь мааҭи. Ишьақәырӷәӷәоу ахарџьынҵа 2021 шықәсазы ирыдыркылаз иаҟароуп.
Натали Смырԥҳа лажәақәа рыла, адепутатцәа аӡбамҭа рыдыркылеит уаанӡа ишҳәаз еиԥш 500 нызқь мааҭ ацрымҵарц.

Ақыҭанхамҩаз апроектқәа

Ахықәкытә программа "2021 шықәсазы Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиара" акомиссиа апроектқәа жәба алнакааит. Апроектқәа ирзоужьуп 2 730 820 мааҭ.
Апрограмма иалахәу араион ауааԥсыра аиҳарак рыпроектқәа азырхан ацитрусқәеи афеихои ахәырмеи реиҭаҳара.
Афермерцәа аԥара рнапаҿы ирыҭахом, аԥарақәа апроект анагӡаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп. Аҟазауаа иазырхиоу абаҳчақәа ауааԥсыра ирырҭоит.
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Аԥсны
Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиаразы апроектқәа жәба алнахит
Абаҳчақәа аԥҵахоит ақыҭақәа Ешера, Аҩада Ешера, Ӡыгәҭа, Иашҭхәа. Зеиԥшла 5,5 гектар адгьыл азоужьхоит.

Аенергетикеи амаининг аҿагылареи

Жьҭаара 28 инаркны Аԥсны мрагыларатәи ахәҭеи Аҟәа ахәҭаки рҿы аамҭа-аамҭала алашара дырцәо иалагеит.
Авольтҳарак цәаҳәа-110 "Шешелеҭ-1" иадҳәалоу афымцалашара арцәарақәа рыграфик еиҭакуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Урҭ аиҭакрақәа ҩ-станциа маҷк ирхьысит:
астанциа маҷ "Синоп" - 18:00 инаркны 19:00 рҟынӡа,
астанциа маҷ "ИЕПиТ" - 19:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Афымца арцәара алагалоуп аҳауатә цәаҳәа "Шешелети-1" иақәу ақәыӷәӷәара ахьазышьҭымхуа иахҟьаны.
Аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы акриптавалиута арҳаразы аинтернет аԥкра аҿҳәара иацнаҵеит, ареспубликаҿ VPN аусура аанкылара иалагеит 2021 шықәса жьҭаарамза алагамҭаз.
Авиртуалтә хатә ҳа VPN аусура аанкылара иззыԥшыз алҵшәақәа аанамышьҭит Аԥсны аенергетиказы, ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аоператив-техникатә напхгара адиректор Руслан Кәарҷиа.
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2021
Аԥсны
Авиртуалтә хатә ҳа VPN аусура аанкылара иззыԥшыз алҵшәақәа аанамышьҭит
Иара иажәақәа рыла ҩбаҟа мшы аенергетика анырра лаҟәит, нас амаинерцәа ахыкәшаратә мҩақәа рыԥшаауа иалагеит.
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи, "Амшынеиқәафымцамчи" Аҳәынҭстандарти русзуҩцәа Аӡҩыбжьа ақыҭан, арԥхагатә нхамҩаҿы иаадырԥшит аус зуаз амаининг ферма.
Иаарԥшын 77 маруга акриптовалиута арҳаразы. Ахархәагақәа закәаншьаҭада анхамҩа атрансформатор иаҿаԥшьын.

"Праид" аҿы аизҳара

Аацытәи апарк "Праид" аҿы алым ԥшқақәа хԥа иит. Ҩымчыбжь раԥхьа иит Риҵа зыхьӡырҵаз алым аԥс. Уи ан акраҿаҵара мап ацәнакит, убри азы апарк аусзуҩцәа иара ааӡара рхахьы иргеит.
Хымш раԥхьа Сара захьӡу алым аԥшқақәа ҩба ариит. Урҭ рааигәара аӡәгьы днанашьҭуам. Ахала акрырҿанаҵоит.
Уажәы апарк аҿы инхоит алым дуқәа жәеизеи алым ԥшқақәа хԥеи. Урҭ рыдагьы "Праид" иҟоуп амахҽқәа, акамбашьқәа, астраусқәа, апони, аҽқәа, ауасақәа, аҽадақәа, аџьмақәа.
Львята родились в парке Прайд в селе Аацы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2021
Аԥсны
Цезари Сареи рԥацәа: Аацытәи апарк "Праид" аҿы алым ԥшқақәа иит
Ажәабжьқәа зегьы
0