Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Очамчыра араион амилициа реиҳабы азинеиҿкааратә ҭагылазаашьа далацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Машина милиции очамчирского района
Машина милиции очамчирского района  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2021
Анапаҵаҩра
Абҵара 12 азы Очамчыра араион ахадараҿы имҩаԥысит араион рактиви атәыла ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара.
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Очамчыра араион амилициа реиҳабы Ахра Чагәаа аиԥылараҟны азинеиҿкааратә ҭагылазаашьа далацәажәеит.
2021 шықәсазы араион аҿы ашәҟәы иҭагалоуп 47 цәгьоура, ииасыз ашықәс азы - 41.
Чагәаа иазгәеиҭеит анаркотикатә маҭәашьарқәеи абџьари рымхра ишацлаз, ақәыларақәеи арҳәрақәеи еиҳа ишмаҷхаз.
Еиҳа еиҵоуп авариала аԥсыҭбарақәа. Иазгәаҭоуп 13 транспорттә машәыр, ҩыџьа ауаа рыԥсҭазаара иалҵит. 2020 шықәсазы 19 машәыр раан хәҩык ҭахеит.
Зынӡа иаарԥшуп 5517 мҩатә машәыр. 294 машәыр арыжәтә иахҟьеит. Илҩаауп 4 миллионки 193 нызқь мааҭ ахараԥса. 2020 шықәсазы 3807 мҩатә машәыр аҭыԥ рыман.
Чагәаа иҳәеит ашықәс иалагазар акриптовалиута арҳаразы 6177 аппарат шаҿыху. Аҵәахырҭақәа рахь иқәганы инагоуп 1000 аппарат.
Ажәабжьқәа зегьы
0