Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы апты анырҵәаразы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит

CC BY 2.0 / Melissa McMasters / Brown stink bugМраморный клоп
Мраморный клоп - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2021
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 18 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи ақыҭанхамҩа аминистррақәа 2018 шықәса раахыс ареспублика аҵакыраҿы еизганы индырҵәеит 15 тонна ақыҭанхамҩа аԥхасҭа азҭоз амаҵақәа. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
"Аҟазауаа иазгәарҭоит ари хыԥхьаӡара дууп урҭ раламырҵәаразы. Урыстәылатәи ҳколлегацәа рыцхыраарала амармалташь пти егьырҭ амаҵақәеи ҳариааит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит", - иҳәеит иара.
Эдуард Барганджия - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2020
Арадио
Барганџьиа еиҭеиҳәеит анхаҩцәа рҟынтә шаҟа кьыла апты рыдыркылахьо
Џьопуа иҳәеит Урыстәыла Ақыҭанхамҩа аминистрра аҟынтәи амармалташь пты анырҵәаразы ахәшәи амыругақәеи шроуаз.

Ахықәкытә программа " 2021 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны амармалташь пты анырҵәаразы иазоужьын 7 миллион мааҭ аԥара.

Амармалташь пты аҿагыларатә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит. Хара имгакәа аҟәшәара атәгьы рылаҳәахоит. Уажәы апты аӡынраз аҽаҵәахуеит. Џьопуа ишиҳәо ала ааԥын ауадаҩра цәырымҵырц урҭ аҩны аҩнуҵҟа инырҵәатәуп.
Амармалташьтә пты Амшын еиқәа иаԥну аҭыԥқәа рыҟны ицәырҵит хәбаҟа шықәса раԥхьа. Ирласнгьы ареспублика иалаҵәеит. Аԥхасҭа анаҭоит аиаҵәара, ашәыр, ауҭраҭых.
2020 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны иазыҟанаҵаз ацхыраарала иаашьҭын 130 миллион мааҭ инеиҳаны. Арҭ аԥарақәа рыла иаахәан апестицидқәа, излархәшәтәуа аппаратқәа, атехника ҷыда, авиациа ахархәарала ахәшәқәҭәра. Ацхыраара ҟаҵан жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынтәгьы. Аминистрра абиуџьет аҟынтәгьы 15 миллион мааҭ ныхын.
2020 шықәсазы амармалташь пты анырҵәаразы 400 000 тонна апестицидқәа аахәан.
Мраморный клоп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Амармалташь пты анырҵәаразы Аԥсны быжь-миллион мааҭ азоурыжьуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0