Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Дбар: акриптофермақәа ыҟазар ахьалшо аҭыԥқәа арбаны асиақәа ҳамоуп

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг-ферма на территории технополиса "Москва"
Майнинг-ферма на территории технополиса Москва - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны хәажәкырамза 2022 шықәсанӡа акриптовалиута арҳаразы аусурақәа аанкылоуп.
АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ҩымш раԥхьа ироуит Гагреи Гәдоуҭеи амаининг-фермақәа ыҟоуп ҳәа иахьыԥхьаӡоу аҭыԥқәа рсиа, абри атәы иҳәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар Аҳәынҭқарра ахада имҩаԥигаз аилатәараҟны, ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.
"Аԥсны ААР агәыԥ еиҿкаауп. Ҳусура алҵшәа аиурц азын ҳара иаҳҭахуп Аҳәынҭстандарти "Амшынеиқәафымцамчи" ргәыԥқәа", - иҳәеит Дмитри Дбар.
ВЛ Адзхыда - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Аԥсны
Аҟәа х-фазакны иҟоу ацәаҳәақәа закәаншьаҭада рыҽрыԥшьрақәа 18 аадырԥшит
Аслан Бжьаниа агәынамӡара ааирԥшит, асиақәа шроузашәа аусура иахьаламгаз азы.
Аҳәынҭқарра ахада аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лнапы ианиҵеит системала аусура мҩаԥгалазарц, есыҽны закәаншьаҭадатәи аҿакрақәа ҭырҵааларц, русура аихшьаалақәа есымчыбжьа иаздырхиаларц.

"Акриптовалиута арҳареи афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада аҿакреи рус аҟны асистематә усура еиҿкаамхеит. Аусура аамҭалатәхеит", - иҳәеит Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа абҵара 22 рзы аиҳабыра алахәылацәа, ахада Иусбарҭа усзуҩцәа, аҳәынҭусбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит. Аизараҿы излацәажәоз тема хадан, атәыла фымцалашарала аиқәыршәареи, уи азы аԥареизгара аиҿкаареи.
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2021
Аԥсны
Авиртуалтә хатә ҳа VPN аусура аанкылара иззыԥшыз алҵшәақәа аанамышьҭит
Ажәабжьқәа зегьы
0