Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи аҵаҩы ателедырраҭара "Умницы и умники" афиналбжахь днеит

© Sputnik / Бадрак Авидзба Министр просвещения и языковой политики Инал Габлия поздравил участников телепередачи "Умники и умницы".
Министр просвещения и языковой политики Инал Габлия поздравил участников телепередачи Умники и умницы. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2021
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа ателедырраҭара "Умницы и умники" аԥшьбатәи афиналбжаҿ Аԥсны ахьӡала иалахәын Аҟәатәи абжьаратә школ №5 аҵаҩцәа Дариа Ситникова, Анна Амҷԥҳа, Саид Берулаа.
АҞӘА, абҵара 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи абжьаратә школ №5 11 "б" акласс аҵаҩы Дариа Ситникова Актәи аканал ателедырраҭара "Умницы и умники" афиналбжахь днеит.
Аԥшьбатәи афиналбжаҿ иалахәын Дариа класск аҟны аҵара лыцызҵуа лҩызцәа Анна Амҷԥҳаи Саид Берулааи, урҭгьы иаԥсаны рхы аадырԥшит, аха анаҩстәи ахәҭахьы изымнеиӡеит.
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа аҩаша, абҵара 23 рзы адырраҭара иалахәыз аҵаҩцәа идикылеит. Аҵаҩцәа ателедырраҭара лыҵшәа бзиала ралахәхара рыдныҳәало иазгәеиҭеит, ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа Аԥсны азын акыр шаҵанакуа.
"Ҳҵаҩцәа рхы бзианы иаадырԥшит, афиналбжахь днеит Дариа Ситникова, Аԥснытәи ҳҵаҩцәа рзы ари аҩыза аԥышәа раԥхьатәиуп. Хымз раахыс дара рҽазыҟарҵон, ирацәаны иаԥхьеит, арҵаҩцәагьы рыцхраауан. Иазыҟазҵоз арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа расҳәоит, ареспублика ахы-аҵыхәа зегьы ирдыруеит ари ахҭыс бзиа. Аԥхьаҟа ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит", - иҳәеит аминистр.
Архивное фото записи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2021
Аԥсны
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа ателедырраҭара "Умницы и умники" иалахәхоит
Иара убас иазгәеиҭеит, ателедырраҭара амҩаԥгаҩ Иури Виаземски Аԥснытәи аҵаҩцәа рдыррақәеи рхымҩаԥгашьеи ахә ҳаракны ишишьаз.
Аҵаҩцәа Москваҟа имҩаԥылгон Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра аусзуҩы Нонна Кәыҵниаԥҳа. Ателедырраҭара алахәхаразы алԥшаара иалахәын ҳтәыла ашколхәыҷқәа 70-ҩык рҟынӡа.
Ателедырраҭара иалахәыз ашколхәыҷқәа ирҳәеит дара рзын ари иҿыцу аинтерес зҵоу шԥышәароу. Ателедырраҭараҿы Чарлз Диккенс иԥсҭазаареи ирҿиареи, адунеи аҭоурыхи, алитературеи уҳәа еиуеиԥшымызт иҟарҵаз азҵаарақәа рҭакқәа.
Московские старшеклассники переходят на дистанционное обучение - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.11.2021
Аԥсны
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа урыстәылатәи ахәыҷтәы онлаин-университет иҭалар рылшоит
Аиԥылара ахыркәшамҭаз Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа адырраҭара иалахәыз аҵаҩцәа аноутбукқәа аахәаразы асертификатқәеи аҳамҭақәеи риҭеит.
Ателедырраҭара "Умницы и умники" дырбахоит ԥхынҷкәынмза 25 анаҩс, афиналбжа мҩаԥгахоит 2022 шықәса жәабранмзазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0