Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анқәаб Атуризм аминистр инапы ианиҵеит 2021 шықәсазтәи асезон азы аҳасабырба ҟаиҵарц

© Foto / Кабинет министров Республики Абхазия Министр туризма Теймураз Хишба доложил Премьер-министру Александру Анквабу об итогах рабочей поездки в Москву.
Министр туризма Теймураз Хишба доложил Премьер-министру Александру Анквабу об итогах рабочей поездки в Москву. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы Аԥсны иаҭааит миллионки бжаки инареиҳаны атуристцәа.
АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба инапы ианиҵеит 2021 шықәсазтәи асезон азы аҳасабырба ҟаиҵарц, апроблематә аспектқәа азгәаҭаны ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба аԥыза-министр изеиҭеиҳәеит Москва усурала иҟазаара аихшьаалақәа ртәы.
Подписание Меморандума между Минтуризма Абхазии и Ростуризмом - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2021
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи еиқәшаҳаҭхеит атуристцәа рхыԥхьаӡара аррацәаразы
Москва нап аҵаҩын Аԥсны атуризм аминистрреи Урыстәыла афедералтә маҵзуреи рыбжьара аилибакааразы Амеморандум. Анқәаб иажәақәа рыла, ари ҩ-ганктәи аусеицуразы, атуристтә маршрутқәа рырҭбааразы акыр хра аланы иҟоуп.
Аиҳабыра рхада иазгәеиҭеит аусбарҭа атәылахь иаауа аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара ахылаԥшра, атәыла асасцәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара гәцаранакларц.

"Ари, раԥхьа иргыланы, аԥснытәи акурортқәа ринтерес дырҿыхоит, ауаа аднаԥхьалоит", - ҳәа иҳәеит Александр Анқәаб.

Ҭеимураз Хышба иара убасгьы иҳәеит Москва ишалацәажәаз амшынтә круизтә маршрут Аҟәа-Шәача-Геленџьык-Ҟрым аиҭахацыркра азҵаара.
Набережная Сухума - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2021
Аԥсны
Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы аԥсшьараз Аԥсны иалкаахаз хырхарҭахеит
Ажәабжьқәа зегьы
0