Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГНЦ вирусологии и биотехнологии "Вектор"
ГНЦ вирусологии и биотехнологии Вектор - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 34652-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 28688-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 524-ҩык.
АҞӘА, абҵара 27 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 83-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 52-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аҟәа иҟоу урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа - 1955 шықәсеи 1949 шықәсеи рзы ииз аҳәса.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 62-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-а, ибжьаратәуп - 40-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 15-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 24-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә хҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 10-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 73-ҩык апациентцәа, хәҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0