Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсы ахалеит": Мимоза Еныкьԥҳа Лӡаатәи ашкол аҿы лусура иазкны

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЛӡаатәи абжьаратә Ашкол
Лӡаатәи абжьаратә Ашкол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Анапаҵаҩра
122 шықәса раԥхьа иаадыртыз Лӡаатәи ашкол аҭоурыхи, иахьатәи аԥсҭазаареи, арҵаҩы изанааҭ алхра лгәазырԥхази ртәы дырзааҭгылеит 36 шықәса араҟа аус зухьоу, урҭ рахьтә 15 шықәса ашкол напхгара азызуа Мимоза Еныкьԥҳа.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Мимоза Шамел-иԥҳа Ҟәланырхәатәи абжьаратә школ, аиҵбыратәи акласс аҿы аҵара анылҵоз инаркны арҵаҩы изанааҭ лгәы азыбылуан, уи зыбзоуроугьы лан Ӡабулиа Цәышԥҳа знапы данылҵаз раԥхьатәи лырҵаҩы Бабуца Дисҭер-иԥҳа Қаԥшь лоуп. Лара лаамысҭашәареи, лыҟәымшәышәреи, ахәыҷқәа рахь илымаз абзиабареи ирылҵшәахеит Мимоза Еныкьԥҳа сырҵаҩхоит ҳәа илоуз агәахәтәы. Ҷыдала аԥсуа бызшәеи алитературеи рахь агәыбылра лзыркыз ракәхеит азҟаза дуцәа Емма Қьаамын-иԥҳа Кьылбеи Цуна Ҳақы-иԥҳа Џьниеи.
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЛӡаатәи абжьаратә Ашкол
Лӡаатәи абжьаратә Ашкол - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
"Емма Кьылԥҳа рҵаҩыс данҳамаз сара ахәбатәи акласс аҿы стәан. Аԥҳәызба қәыԥш убриаҟара лурокқәа маншәалан, аҩныҟа дҵас иҳамази атема ҿыци еиԥшны игәнаҳкылон, ахәыҷы ихаҿы иааиратәы амаҭәар изнагара дақәшәон. Аамҭак ашьҭахь бзиа иаҳбаз ҳарҵаҩы лҵара иацылҵарц аспирантурахь дҵеит. Уи сара убриаҟара игәнызгеит, уахынла санышьҭалоз слызхәыцны сҵәыуон, егьараан сыхчы цәаакны ашьыжь сгылахьан. Лара лнаҩс разҟыс иҳауит Цуна Ҳақы-иԥҳа лнапаҟны анеира. Аиҳабыратәи аклассқәа рҿы аматематика сшықәманшәалахозгьы, аԥсуа бызшәеи алитературеи саԥхьаҟа занааҭны ишьҭысхыр сҭаххеит Цуна Ҳақы-иԥҳа лыбзоурала, ҷыдалагьы сазыҟалҵо далагеит. Ашкол саналга, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша сҭалеит", - арҵаҩы лзанааҭахь дышхьаԥшыз лгәалашәоит Мимоза Шамел-иԥҳа.
Аҩбатәи акурс аҿы дыштәаз Мимоза Еныкьԥҳа аҭаацәара далалоит, аԥҳәызба длынасыԥхоит Лӡаатәи арԥыс Владислав Гәочуа. Аҭаацәара аныҟәгареи, аҵареи еилазгӡоз Мимоза, ахәбатәи акурс аҿы латәарадатәи аҟәшахьы диасны рҵаҩыс аусура далагоит.
"Рҵаҩык лаҳасабала раԥхьаӡакәны аусура салагеит Лӡаатәи абжьаратә школ аҿы, усҟан араҟа директорс дыҟан Аҩӡба Сократ Ҭаҷ-иԥа. Иаразнакгьы 10 -11-тәи аклассқәа сырҭеит", - лҳәоит лара.
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2021
Аԥсны
Сыжәлар срыцхраандаз ҳәа дыҟоуп: Лиудмила Ҳаразиаԥҳа лҭоурых
Мимоза Еныкьԥҳа ашкол ахь аусура даузыжьыз ланхәа Галина Дбарԥҳаи лабхәа иаҳәшьа Минца Гәочуаԥҳаи роуп. Уи аамҭазы ҩыџьа аԥацәа змаз рҭаца, ахәыҷқәа рбараҿы илмыцхраазтгьы лассы лзанааҭ лнапахьы иаалымгар ауан.
Мимоза Шамел-иԥҳа аԥышәа бзиа лымалдеит усҟан аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс иҟаз Валентина Николаи-ԥҳа Багаҭуриа. Амаҭәар амҩаԥгара инаваргыланы, Мимоза Еныкьԥҳа аамҭа-аамҭала апионерцәа рԥызас дыҟан, анаҩс ашкол аиҿкааратәи ааӡаратәи аҟәшақәа реиҳабыс, 15 шықәса раԥхьа ашкло адиректорс дшьақәырӷәӷәан.
"Лӡаатәи абжьаратә ашкол ақыҭауаа раԥшьгарала ашьаҭа аркын 122 шықәса раԥхьа. Хымԥада уи аԥхьаҟагьы ахәыҷқәа адыррақәа роуан араҟа иаартыз адоуҳатә школ аҿы апапцәа рыбзоурала. Ашәышықәса иалагӡаны ашкол ауадаҩрақәеи аихьӡарақәеи аман, аха Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахь иаркхома уҳәаратәы агәҭынчымра ыҟан", - ҳәа азгәалҭоит Мимоза Шамел-иԥҳа.
Аибашьра аамҭазы, ашкол ахыбраҟны арратә штаб шьақәгылеит. Абрантәи акәын Лӡаа рҵеицәа аибашьра ишцоз. Ирацәаҩуп зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз, убас ихымхәаны ихынҳәыз.
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЛӡаатәи абжьаратә Ашкол
Лӡаатәи абжьаратә Ашкол - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Асовет Еидгыла ахаан Гагра ақалақь аҟынтәгьы Лӡаатәи аԥсуа школ ахь ахәыҷқәа аауазтгьы, аибашьра ашьҭахь аҵаҩцәа разымхара иахырҟьаны иаркхаз аклассқәа ҟалеит.
"Ҳашкол зынӡа ашә адмаркындаз ҳәа классқәак шыҟамызгьы, егьырахь аӡәы-ҩыџьа аҵаҩцәа ахьааиуаз ҳаигәырӷьаны, уалафахәыда аусура ҳҭыҵит. Иахьа саназхәыцуа ииашаны ишыҟаҳҵаз агәра згеит, знык ашкол аркхар, ҿыц аартразы ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи радыԥхьалара уадаҩхон", - лажәа иацылҵоит Мимоза Еныкьԥҳа.
Иахьа ашкол аԥсҭазаара ҿыц аиуит уҳәар алшоит. Ақыҭауааи аҭыԥантәи ахадареи, Гагра араион анапхгареи рымчала хәыҷы-хәыҷла ашкол ахыбра еиҭашьақәдыргылеит. Иажәыз ахәҭақәа рыԥсахит. Акыр шықәса игәыгәҭажьыз акрыфарҭеи ашьышьмеи еиҿыркааит. Амала аспорттә зал иахьагьы ирымаӡам. Мимоза Еныкьԥҳа иазгәалҭеит, аԥсуа школ еиҳагьы аԥеиԥш шаиуоз ақыҭаҟны ахәыҷбаҳча ыҟазтгьы.
Иахьа Михаил Гәочуа ихьӡ зху Лӡаатәи абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит 95-ҩык ахәыҷқәа. Аҵаҩцәа рыҟамзаара иахҟьаны 9-тәи акласс аркуп. Аҵара-ааӡаратә процесс рнапы алакыуп 22-ҩык арҵаҩцәа. Ашколхәыҷқәа алагарҭатә-арратә ҽазыҟаҵара ада амаҭәарқәа зегьы рымоуп. Иаартуп аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы акружокқәа. Мимоза Шамел-иԥҳа деигәырӷьаны иазгәалҭеит уаанӡатәи роушьҭымҭацәа ҩыџьа аусура ишааз. Альбина Резо-иԥҳа Капанаӡе аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩыс дыҟоуп, Сабина Ельдар-иԥҳа Амԥар аҭоурых мҩаԥылгоит.
Мирена Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2021
"Аҭаацәаратә ҳәоуеиқәшәара иалҵшәахеит": арҵаҩы Мирена Гәымԥҳа лырҿиаратә мҩа
"Ҳаушьҭымҭацәа рышкол ахь ихынҳәуазар, ҳааԥсара башамхеит ауп иаанаго", - ҳәа инаҵылшьит лара.
20 шықәса раахыс Лӡаатәи аԥсуа школ аҿы иаԥҵоуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Ԥарулуа напхгара зиҭо ансамбль "Аԥхьарца". Аколлектив изныкымкәа атәылеи уи анҭыҵи хьӡи-ԥшеи дырҳахьеит.
"Ансамбль ашьақәгылараҿы илагала ӷәӷәоуп Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа. Иара ҳамҭас иҳаиҭахьан жәлар рмузыкатә рҳәагақәа жәпакы", - лҳәоит ашкол адиректор.
Лӡаатәи ашкол аҵаҩцәа гәацԥыҳәарыла ирылахуп араионтәи ареспубликатәи олимпиадақәа.
"Раԥхьаӡа аусура саналагеи, иахьатәи ахәыҷқәеи еиҿырԥшуа исымҳәарц залшом аамҭала аныррала абиԥарақәа рдунеихәаԥшышьа аҽшаԥсахыз. Ахымҩаԥгашьа аганахь ала уаанӡа еиҳа аԥхашьара ыҟан, аҵара ҵара атәы уҳәозар ашәҟәыԥхьара атрадициа аларҵәара аман. Уажәы аҿар рыҩнуҵҟа ахамаԥагьара рацәахеит, ашәҟәы аасҭа аинтернет еиҳа аԥыжәара аиуит. Аха уи иаанагаӡом иахьа аҿар зынӡа аҵара ҵара рҭахым ҳәа. Ҳазхыҽхәо, еиуеиԥшым олимпиадақәеи аицлабрақәеи рҿы ҳахьӡ ҭызго, аԥеиԥш здаабало ахәыҷқәа ҳамоуп", - лҳәеит ашкол адиректор.
© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЛӡаатәи абжьаратә Ашкол
Лӡаатәи абжьаратә Ашкол - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Мимоза Еныкьԥҳа иазгәалҭеит, 10 шықәса раахыс аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан Калугатәи аобласт ақалақь Обнинск аҟынтәи рышкол ахь ишаауа алагер "Скаут". Уи ирнаҭо ахашәала рышкол аҭахрақәа раахәаразы акырӡа ицхыраагӡоуп.
Ашәышықәса иагәылсыз Лӡаатәи аԥсуа школ аҟазаареи аҟамзаареи аамҭа ианҭагылаз аколлектив иабзоураны аԥсы еиқәхеит. Мимоза Еныкьԥҳа агәыӷра лымоуп абриаҟара ауадаҩрақәа ириааизар, ииашацәҟьаны ԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа шрымоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0