Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атуристтә дәыӷба "Сочи" ашықәсҿыцызтәи ареис Аԥсны ихнаркәшоит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовый туристический поезд "Сочи"
Новый туристический поезд Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Анапаҵаҩра
Аӡынтәи аныҳәақәа рзы атуристтә дәыӷба "Сочи" Амшын еиқәа аҿықәантәи акурорт қалақьқәа зегьы ирхыкәшоит.
АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik. Атуристтә дәыӷба "Сочи" раԥхьатәи ашықәсҿыцызтәи ареис хацнаркуеит Тҟәаԥсынтәи Гаграҟа ԥхынҷкәынмза 30 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аҩада-Кавказтәи аихамҩа апресс-маҵзура.
Адәыӷба "Сочи" ала Аԥсны аҭаара зҭахыу зегьы алшара рымоуп ажьырныҳәа 8 рҟынӡа, ажьырныҳәа 4 аҽны ада.
Адәыӷба Тҟәаԥсынтәи амҩа иқәлоит 05:30 рзы, Шәача иааҭгылоит 07:48 рзы 17 минуҭ. Гагра иҟалоит 11:35 рзы.
Гагрантәи адәыӷба игьежьны амҩа иқәлоит 18:50 рзы, Шәача иаанҿасоит 22:25 рзы 5 минуҭк. Анаҩс Тҟәаԥс иҟалоит 00:35 рзы.
Новый туристический поезд Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Атуристтә дәыӷба Шәачантәи Гаграҟа ианаауа аҽа аангыларак ҟанаҵалоит
Уи адагьы, адәыӷба ажьырныҳәа 3 рзы ахырхарҭа аркьаҿуеит Гагрантәи Шәачанӡа. Иара убас ажьырныҳәа 5 рзы амҩа иқәлоит Шәачантәи Гаграҟа.
Атуристтә дәыӷба "Сочи" амаршрут Тҟәаԥс - Шәача - Гагра 2020 шықәса нанҳәамза аахыс иныҟәоит.Уи авагонқәа асовет аамҭаан ишыҟаз еиԥшны иҟаҵоуп, убри аан иахьатәи аамҭа аҭахрақәагьы ирықәшәоит. Авагон-ақьафурҭаҿы ауаа ирыдыргалоит аурыси аԥсуеи чысқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0