Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сцаны лыхәҭала амшын-ӡы аазгаанӡа Анцәа уимшьааит" – аныҳәаратә формақәа

© Sputnik Национальная одежда
Национальная одежда  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа аныҳәатә формала раԥсшәеибаҳәарақәа рҵакы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсуа жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа реиҭаҳәараан лассы-лассы иуԥылоит аныҳәаратә формала ихыркәшоу ажәабжьқәа. Ари аҩыза ажәабжьеиҭаҳәаратә форма иаанарԥшуеит иара еиҭазҳәои иазыӡырҩуеи реизыҟазаашьа. Избанзар аныҳәаратә хыркәшара ажәабжьеиҭаҳәараан иззынархоу иазыӡырҩуа иоуп. Иазыӡырҩуагьы уи аҭак ҟарҵоит.
Иазгәаҭатәуп, аԥсуаа еснагь иахьааибабалакгьы аныҳәатә формала аԥсшәеибыҳәара рыбжьоуп, ианеиԥырҵуа акәзаргьы убас: уи анхаҩы иус данаҿу инаркны ашәарыцараан аума, ачараҿы аума, аԥсраҿоума (аԥсраҿы ианеиԥырҵуа еснагь "абзиара ҟалааит" ҳәа аҩнаҭа иақәныҳәоит, "ари нахыс абзиаразы ҳаибабалааит" рҳәоит), убас егьырҭ еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы. Ари аныԥшуеит аԥсуа фольклор аҟынгьы.
зшьапы мшу ауаҩы - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Шьапымшыла: амшра зцу ауаҩы иныҳәара
Ҿырԥштәыс иааҳгап аԥсуа лакәқәа. Ажәабжьҳәаҩ алакә аныхиркәшо аныҳәаратә формала азыӡырҩцәа рахь ихы наирхоит. Иаҳҳәап абас еиԥш:
"Ари иазыӡырҩуа уарӷьарахь уанаақәгьежьуа, заҟа уҭахыу амал аауԥыхьашәалааит. Армарахь уанаақәгьежьуа, заҟа уҭахыу аԥара уманы уаагьежьлааит."
Лакәқәак рҿы аныҳәара анашанатә ҟазшьа аҭаны иаарԥшуп:
"Абри иазыӡырҩыз иузеиӷьасшьоит хааӡагас аа-еилаҳәарак умазарц, аа-еилаҳәарак аа-шәындыҟәрак ирҭаны, аа-шәындыҟәрак аа-цаԥхак рҿаны, аа-цаԥхак аа-ҳҭныҳәсак иркны, аа-ҳҭныҳәсакгьы аа-мҳараки аа-ҩцараки ирыҩнаны. Убарҭ зегьы уара умаҵ руа, уара улабҷышь хәыҷы кны, ухан уқәгыланы улеиҩеиуа! Ҳаи, абри абас дзыҟоузеи ҳәа иуҵашьыцра ауаҩы дҳашҳатәараха, аҳәасаԥшь амҵан амхы леиҵо, бгахәыҷыла ирашәо, ԥшатлакәла иҭеигало, ианҭеигалалак саарак азна иауа, илагаргьы џьамк азна ҟало, иҩны иахьнеиго акәҷарақәа ирфо, акәҷарақәа абгақәа ирфо, абгақәа алақәа ирфо, алақәа алышькьынтыр, алышькьынтыр хабақьало, уара умарымажаха, угәырӷьахәны Анцәа уаҳирбааит".
Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.11.2021
Аԥсны
"Цу ҳфеит": аԥсуа ҵасқәа зныԥшуа ажәаԥҟақәеи ацуфарақәеи
Алакәқәа рҟны ибзианы иаарԥшуп ажәабжьҳәаҩи иазыӡырҩуеи ражәеимдара ныҳәаратә формала. Араҟа азыӡырҩцәа рхаҭақәагьы ажәабжьҳәаҩ дырныҳәоит:
"Убра ачараҿы саргьы сыҟан. Аҩы сашьны сшаауаз Кьасоу ибӷаларҭа ҳәа иахьашьҭоу амардаҿы сшылбаауаз сынкаҳан, сбылгьо сышнеиуаз, ԥашәк снадҳалан, цәгьала саҟәаҟәеит, уажәыгь сваҵарақәа сыхьуеит, – иҳәеит Махаз, илакәгьы даалгеит.
Нас уаҟа итәаз аӡә ус иҳәеит:
– Сцаны лыхәҭала амшын-ӡы ааганы, мацәазла абысҭа уны иуҿасҵаанӡа, Анцәа уимшьааит!"
Горная речка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2020
"Аӡы ыҟанаҵы адунеи уагымзааит": аԥсуаа аӡы ишазыҟоу
Ари аҵыхәтәантәи аныҳәара абжьааԥнытәи аныҳәараан, аӡәы ианиқәныҳәогьы ахархәара амоуп иахьагьы, маҷк иааркьаҿны акәзаргьы ("лыхәҭала аӡы аазгаанӡа, Анцәа уимшьааит").
Иҟоуп ари аныҳәара даҽа варианткгьы:
"Дад, адунеи зегьы гәыр-шәпа ҵәҩанс иакәыршаны, гәыр-ссала ихыскаанӡа, Анцәа уимшьааит!"
Ари ҿаԥыцлатәи ажәабжьҳәара иаанарԥшуеит атрадициаҿы аиҭаҳәаҩи иазыӡырҩуеи раҳаҭыреиқәҵара, реизыҟазаашьа, иара убри алагьы аԥсуа идунеихәаԥшра, ифилософиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0