Дахьнеилак ишьҭа аниҵон: Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа игәалашәара иазкны
© Foto / Сырма АшәԥҳаОҭар Хунцариа
© Foto / Сырма Ашәԥҳа
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа ԥхынҷкәынма 1 азы 65 шықәса ихыҵуазаарын.
Аԥсны еицырдыруа, зырҿиамҭақәа ажәлар ирылаҵәахьоу акомпозитор, 140 шәа инарзынаԥшуа автор, Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа еснагь гәыцхас иман аԥсуа жәлар ринструментқәа ҿыц аԥсҭазаара рхаҵара.
"Ажәлар ыҟанаҵы, ҳаԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа ыҟазароуп", ҳәа еснагь иажәа иаланы иҳәон. Уи аиқәырхара дашьҭан, иӡыр, ииаӡӡар ҳәа дшәон", - абас лгәалашәарақәа хацлыркит Оҭар Хәынҵариа иааигәаны дыздыруаз, аус ицызуаз, Аԥсны Жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа.
Оҭар Хәынҵариа дхәыҷаахыс дрызҿлымҳан аԥсуа жәлар ажәытә музыкатә рҳәагақәа, аамҭа цацыԥхьаӡа игәыблыра есааира аҽарҭбаауан. 1975 шықәсазы абжьаратә школ даналга, дҭалоит Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа.Уи ашьҭахь Москватәи аҳәынҭқарратә акультура институт дҭалоит. 1982-1983 шықәсқәа рзы аррамаҵзура дахысуеит, Аҟәатәи арратә гарнизон иаҵанакуаз арратә оркестр дирижиорс даман.
"Оҭар Хәынҵариеи сареи ҳаибадырит Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа данҭалоз ашықәсазы. Усҟан сара арзаҳалқәа сыдыскылон. Аԥсуа жәлар рарҳәагатә хкқәа зегьы дрызҿлымҳан, зегьы рыҟны ахәмаршьа иҵарц иҭахын. Акультуратә ҵараиурҭа аҟны аҵара аниҵоз аамҭазы, акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" илаз ибаҩхатәра гәаҭаны, иԥхьеит аккордеон арҳәаҩыс уаҟа аусура далагарц. Убраҟа еиҿикаауеит аоркестр", - ҳәа лгәалалыршәоит Чамагәуаԥҳа.
Оҭар Хәынҵариа раԥхьаӡатәи иашәақәа иреиуан "Аӡӷаб хьшьыбла Ӡаиф ԥшӡахәы" захьӡыз. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзыҳәаны Оҭар Хәынҵариа Гагратәи амузыкатә школ еиҳабыс даман, напгхара азиуан ашәаҳәареи акәашареи рансамбль "Абырфын", ахәыҷтәы музыкатә театр "Мамзышьха", еиҿикааит аквартет "Нан", адует "Абырфын".
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хацәнымырха иҩызцәа дрывагыланы деибашьуан, Пицундатәи абаталион далан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсақәа раан имаҷымкәан ажәлар ргәы шьҭызхшаз афырхаҵаратә ашәақәа аԥиҵахьан.
"Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа даара ицәгьан аҵараиурҭа аусура ахацыркра аҟны. Убраҟа адгылара ӷәӷәа сиҭеит, дызмыцхраауаз, иџьабаа здым аҟазаратә коллективк ыҟамзар ҟалап, дыгәрагаҩын. Аӡәы диеԥшымкәан ишьҭа аниҵеит, аҟазара аҭоурых аҟны", - ҳәа лҳәоит Чамагәуаԥҳа.
© Foto / Сырма АшәԥҳаАԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа
Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Оҭар Хәынҵариа
© Foto / Сырма Ашәԥҳа
Оҭар Хәынҵариа аҿар жәлар рмузыкахь агьама бзиа рылаиааӡон, ган рацәала рыҩныҵҟатә дунеи аизырҳара иҽазишәон. Акомпозитор еснагь ихьааигон, аҿар ажәытә ашәаҳәаратәи акәашаратәи арҳәагақәа дзырҵо арҵаҩы дҟамлар ҳәа. Роза Чамагәуаԥҳа лажәақәа рыла, Хәынҵариа гәык-ԥсыкала ижәлар ирыхәашаз, аҿар аҟазарахь ихьазырԥшшаз амҩақәа ралхра дазгәышьуан.
"Оҭар ибзоурала иахьа аҿарпын азырҳәо аҿар ааӡаны иҳамоуп, иара иоуп раԥхьаӡа уи адырҵара нап алазкыз. Сыҷкәын Алхас хаҭала изырҵаз иара иоуп. Дназгалаз аус аҵыхәтәанынӡа инаимыгӡар иуомызт, даара ибаҩхатәра такԥхықәрала дазнеиуан, игәы ақәԥҵәараны иҟамызт. Иҟамзаара аныԥшит аԥсуа жәлар ҳкультура, ҳҟазара. Ҳҵараиурҭақәа дрыгуп, шаҟа ашәа ҿыц ҳадигалараны дыҟазеи? Иԥсҭазаара шмаҷхоз идыруазшәа, инапы иааҵыҵуаз зегьы рыхҩылаа иман, уи даара иацхрааит ҳкультуратә ҟазара", - ҳәа дазааҭгылоит Роза Чамагәуаԥҳа.
Оҭар Хәынҵариа ижәытәӡатәиу ҳаԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа: абыкь, аҿарпын, аԥхьарца, аҩымаа, ахымаа, ачамгәыр уҳәа, наҟ-наҟгьы рырҿиаразы абзиабара рылаиааӡон аҿар. Иара напхгара зиҭоз аколлективқәа Аԥсны анҭыҵ, жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы изныкымкәагьы аиааирақәа ргахьан. Оҭар Хәынҵариа 140 шәа инарзынаԥшуа авторс дрымоуп. Урҭ иреиуоп "Аҿар ргимн", "Афырхацәа рашәа". Иҭижьхьан 15 диск.
Оҭар Хәынҵариа диит ԥхынҷкәын 1 1956 шықәсазы Гагра араион Лӡаа ақыҭан. Оҭар Хәынҵариа ачымазара бааԥсы иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит жьырныҳәа 15 аҽны 2016 шықәсазы.