Урыстәыла ААР: Амшын еиқәаҿы америкатәи аҳаиртә мчрақәа рхымҩаԥгашьа шәарҭоуп

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание МИД России
Здание МИД России - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2021
Анапаҵаҩра
Аграждантә ҳаирплан Тель-Авив-Москва ареис ԥхынҷкәын 3, ашьыжь ашәарҭара иҭаргылан НАТО аԥшыхәыҩ-ҳаирплан иахҟьаны.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. ЕАА аҳаиртә мчрақәеи НАТО ала дара рҩызцәа-тәылақәеи ашәарҭара иҭадыргылоит аграждантә ҳаирпланқәа рныҟәара ҳәа лҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова, ԥхынҷкәын 3 азтәи ахҭыс далацәажәо.
"Иахьа Амшын еиқәа аҳауатә ҵакыраҿы арыцҳара аԥырҟәҟәаахазар, уи иаанагом ЕААи НАТОи ԥхьаҟагьы ишырҭаху рхы мҩаԥыргалар алшоит ҳәа", - лҳәеит Захарова Telegram-канал аҿы.
Лара илҳәеит Амшын еиқәа иахьаҵанакуа НАТО аҳаирпланқәа рырацәахара аграждантә авиациа аҳаирпланқәа рзы ашәарҭара рылоуп ҳәа.
"Урыстәылатәи адиспетчерцәа иалдыршоит ари аҭыԥ аҿы аԥыррақәа ршәарҭадара. Аха хыхь иарбоу арратә ҳаирпланқәа рыԥырра радиоеимадарада ианымҩаԥысуа аграждантә авиациаз ишәарҭоуп. Урыстәылатәи амчрақәа адипломатиатә каналқәа рыла ақәыӡбара аладырҵәараны иҟоуп", - лҳәеит лара.
Аграждантә ҳаирплан Тель-Авив - Москва ареис ԥхынҷкәын 3, ашьыжь ашәарҭара иҭаргылан НАТО аԥшыхәыҩ-ҳаирплан иахҟьаны. Аԥшыхәыҩ-ҳаирплан агәҽанҵарақәа рҭак ҟанаҵомызт, аграждантә авиациа амаршрут изныкымкәа еихнаҵәеит.
Росавиациа ахаҭарнак ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит ари араион ала ишымҩаԥысуа аграждантә ҳаирпланқәа А333 ("Аэрофлот", Тель-Авив – Москва), CL650 (Мальта, Шәача – Скопье) рмаршрутқәа. Адиспетчерцәа иалдыршеит аҳаирплан аешелон аиҭакра, убри алагьы иҟалар зылшоз арыцҳара аԥдырҟәҟәааит.
Президент РФ В. Путин провел совещание с руководством Минобороны РФ и представителями оборонной промышленности - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2021
Шоигу: урыстәылатәи аруаа америкатәи аӷбақәа Амшын еиқәахь рҭалара иашьклаԥшуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0