ВОЗ ахаҭарнак акоронавирус омикрон-штамм аан ахы шымҩаԥнаго иҳәеит

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Женева
Города мира. Женева - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2021
Анапаҵаҩра
Омикрон-штамм иахьатәи аамҭазы ԥсыҭбарак ахылымҿиаацт ҳәа рҳәеит Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаараҿ.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Акоронавирус омикрон-штамм заанаҵтәи адыррақәа рыла апациентцәа еиҳа имарианы ирхыргоит. Абри атәы CBS аефир аҿы лҳәеит аиҿкаара атехникатә гәыԥ ахада Мариа Ван Керкхове.

"Аԥхьатәи адыррақәа агәра ҳдыргоит "омикрон" шьҭызкааз ауаа ачымазара еиҳа имарианы ирхыргоит ҳәа. Аха макьаназы асеиԥш еснагь иҟалоит ҳәа аҳәара заауп", - ҳәа лҳәеит Ван Керкхове.

Ачымазара аԥсыҽра ахҟьар ҟалоит аԥхьанатәтә дыррақәа, анаҩс аҽаруадаҩыр ауеит ҳәа лҳәеит лара.
Убри аан ауаа ахәышәтәырҭахь лассы-лассы иаадҵалалар ауеит ҳәагьы азгәалҭоит.
Тест-системы для диагностики нового коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2021
Алада-Африкатәи ареспубликаҟынтә иааз урыстәылаа рҟынтәи жәҩык акоронавирус рыдбалоуп
Ааигәа Ботсванеи Аладатәи Ареспубликеи рҿы акоронавирус штамм ҿыц B.1.1.529 цәырҵит. Иара 32 еиҭакра амоуп S-хӡы аҿы.
Агеном SARS-CoV-2 аҿы аҽеиҭакра ари авариант атәымцәеижьҿагылақәа ирнышәоит ҳәа ргәы иаанагоит аҵарауаа.
Аҳәаанырцәтәи АИХқәа ишырыҩуа ала атәылаҿы шәҩык рҟынӡа ари аштамм рымоуп. Иҟоуп изыдбало Гонконг, Израиль, Бельгиа, Чехиа, Германиа, Британиа Ду, Италиа, Австралиа, Нидерланды, Австриа. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара имҩаԥнагаз аилатәараҿы иазгәанаҭеит B.1.1.529 шәарҭоуп ҳәа. Уи иарҭеит абырзен алфавит 15-тәи анбан ахьӡ "омикрон". Ари аштамм рыхьыр ауеит уаанӡа изхыхгахьазгьы алаҵа ҟазҵахьазгьы. Агәаанагара ыҟоуп уи зиммунитет лаҟәу СПИД зцәа иалоу ауаҩы ицәеижь аҿы ицәырҵит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0