https://sputnik-abkhazia.info/20211210/asny-aar-ayrua-diplomattsa-irabzhyrgoit-zhlarbzharati-azin-araa-irynyalarts-1036668082.html
Аԥсны ААР ақырҭуа дипломатцәа ирабжьыргоит жәларбжьаратәи азин ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц
Аԥсны ААР ақырҭуа дипломатцәа ирабжьыргоит жәларбжьаратәи азин ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц
Sputnik Аҧсны
Ақырҭуа ган Шьамтәыла иҟоу КЖәР ацҳаражәҳәаҩ иқәыӷәӷәоит Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи иареи реиԥылара инамаданы. 10.12.2021, Sputnik Аҧсны
2021-12-10T09:20+0300
2021-12-10T09:20+0300
2021-12-10T09:20+0300
аԥсны
ауаажәларра
аполитика
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/07/11/1030558055_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_38eb0abd32f9f2c13ef0495b84cbfee2.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақырҭуа дипломатцәа ирабжьыргоит жәларбжьаратәи азин ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, ақырҭуа ган Шьамтәыла иҟоу КЖәР ацҳаражәҳәаҩ иқәыӷәӷәоит Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи иареи реиԥылара инамаданы ҳәа ироуз адырра ашьҭахь. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.Ԥхынҷкәын 6 азы Дамаск, Китаи Жәлар Рреспублика Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу КЖәР азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Фен Биаои реиԥылара.Аиԥылараҿы аганқәа рыҩбагьы иаадырԥшит еиуеиԥшым азҵаарақәа рҿы аизыҟазаашьа маншәалақәа рыбжьаҵара аинтерес шрымоу.Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ирымоу адыррала, аиԥылара ашьҭахь Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу КЖәР азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ ақырҭуа ган иқәыӷәӷәарц рҽазыршәеит. Қырҭтәылатәи аган иргәамԥхеит имҩаԥысыз аиԥылара аинформациатә материалқәа алаҵәара ахьаиуз.Уаанӡа Аԥсны ААР Инал Арӡынба Дамасктәи аиԥылара ахҳәаа аҭо иҳәеит, Китаитәи Жәлар Рреспублика Шьамтәылатәи Арабтә Республика аекономикатә ҿиара ацхыраараҿы аҵак ду шамоу Шьамтәылатәи Арабтә Республика ацхыраара аус аҿы. Мҩакы еицықәу ҳҳәынҭқаррақәа агуманитартә, ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рыбжьаҵара нап аҳаркыр ҳалшоит ҳәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20211208/shamtyla-iou-asni-kitaii-rytsarazhatsa-reiylara-maysit-damask-1036648674.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/07/11/1030558055_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_ac321b1bccaf0791b6cd77b9d68ec18c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ауаажәларра, аполитика, ажәабжьқәа
ауаажәларра, аполитика, ажәабжьқәа
Аԥсны ААР ақырҭуа дипломатцәа ирабжьыргоит жәларбжьаратәи азин ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц
Ақырҭуа ган Шьамтәыла иҟоу КЖәР ацҳаражәҳәаҩ иқәыӷәӷәоит Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи иареи реиԥылара инамаданы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақырҭуа дипломатцәа ирабжьыргоит жәларбжьаратәи азин ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, ақырҭуа ган Шьамтәыла иҟоу КЖәР ацҳаражәҳәаҩ иқәыӷәӷәоит Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи иареи реиԥылара инамаданы ҳәа ироуз адырра ашьҭахь. Абри атәы
аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ԥхынҷкәын 6 азы Дамаск, Китаи Жәлар Рреспублика Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу КЖәР азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Фен Биаои реиԥылара.
Аиԥылараҿы аганқәа рыҩбагьы иаадырԥшит еиуеиԥшым азҵаарақәа рҿы аизыҟазаашьа маншәалақәа рыбжьаҵара аинтерес шрымоу.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ирымоу адыррала, аиԥылара ашьҭахь Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу КЖәР азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ ақырҭуа ган иқәыӷәӷәарц рҽазыршәеит. Қырҭтәылатәи аган иргәамԥхеит имҩаԥысыз аиԥылара аинформациатә материалқәа алаҵәара ахьаиуз.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу ҳәынҭқарроуп, ахатәы политика мҩаԥнагоит атәыла азакәан хада инақәыршәаны. Ҳофициалтә хаҭарнакцәа имҩаԥырго жәларбжьаратәи аиԥыларақәа рганахь ала ақырҭуа ган агәаанагара зхьаԥшра дук аҳҭом. Ақырҭуа дипломатцәа ирабжьаагоит жәларбжьаратәи аиныррақәеи жәларбжьаратәи азин ԥҟарақәеи азгәарҭаларц", - рҳәоит аминистрраҿы.
Уаанӡа Аԥсны ААР Инал Арӡынба Дамасктәи аиԥылара ахҳәаа аҭо иҳәеит, Китаитәи Жәлар Рреспублика Шьамтәылатәи Арабтә Республика аекономикатә ҿиара ацхыраараҿы аҵак ду шамоу Шьамтәылатәи Арабтә Республика ацхыраара аус аҿы. Мҩакы еицықәу ҳҳәынҭқаррақәа агуманитартә, ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рыбжьаҵара нап аҳаркыр ҳалшоит ҳәа.