Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иҭамбаӡо алаӷырӡ: иццышәхаз фҩык ауааԥсыра рлахьынҵа

© Foto / из семейного архива семьи АбшилаваЛатская трагедия
Латская трагедия - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны наунагӡа гәалашәараны, угәы ҿызкаауа рыцхәны, ахаан иҭамбаӡо лаӷырӡышны иаанхеит ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахәыҷқәеи, аҳәсеи, абыргцәеи зҭаз аҳаирплан гәымбылџьбарала ақырҭуа фашистцәа ианҭадырхаз амш.
Агәыӷра зманы аҳаирплан инҭалаз 84-ҩык, иара убас аекипаж иалаз даҽа хҩык ауааԥсыра рлахьынҵа секундқәак инарылагӡаны иццышәхеит, иҿахҵәеит рыԥсҭазаара. Ари аҩыза агәырҩа ахаан ӷьара зқәым хәраны иахьа уажәраанӡа ҳгәаҵа иҭоуп.
Ас еиԥш алахьынҵа еиқәаҵәа рԥеиԥшзаарын Аԥшьлаа Рауль (Заур) иҭаацәарагьы. Аԥшьлаа Раули (Заур) Аҩӡԥҳа Заиреи ирааӡеит ԥшьҩык ахшара: Џьамбул, Џьамал, Џьумбер, Аида. Ахьхьаџьаҳәа иҟаз аҭаацәара минуҭқәак ирылагӡаны рыԥсҭазаара ҵакыдахеит. Аҳаираплан иҭаблит ишынеибакыз ҭаацәарак: рыԥҳа Аида, рҭаца Марина Зарандиаԥҳа, хҩык рмаҭацәа: Адгәыр, Денис, Елана, рымаҳә Валериан Кәаӷәаниа.
В осажденный Ткуарчал прибыли журналисты - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2017
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Лаҭатәи атрагедиа иазкны
Џьамбул Аԥшьлаа иааӡон ҩыџьа ахәыҷқәа Дениси Адгәыри. Денис фышықәса ихыҵуан, Адгәыр жәашықәса. Иԥшәмаԥҳәыс Зарандиаԥҳа Марина зынӡа дышқәыԥшӡаз диднагалеит, пату еиқәҵаны рыхшара рааӡара ада хьаа рымамызт. Марина лыуаҩышьа даара ибзиан, ауаҩы дизааигәан.
Аида Аԥшьлаа дҭаацәаран, Кәаӷәаниа Валериан иԥшәма ԥҳәыс лакәын. Драаӡон фымз зхыҵуаз рыԥҳа хәыҷы Елана.
Аибашьра актәи амшқәа инадыркны аишьцәа Аԥшьлаа рабџьар аашьҭыхны иаразнак рҩызцәа инарывагылеит. Џьамбул Аԥшьлаа деибашьҩы ӷәӷәан, Охәуреи раԥхьаӡа амҩақәа зкыз аибашьцәа дреиуан. Хықәкыла иара дахьеибашьуаз аҭыԥ ахь арҭҟәацгақәа карыжьуан аӷацәа, уи иҭархара иазышәарыцон. Иашьа Џьамал аибашьра алагаанӡа амҩатә машәыр иахҟьаны Москва ақалақь аҟны аԥҟара иқәшәеит, дхынҳәны данаа аибашьра иалагеит, ахьаа шимазгьы, даанымгалакәан дцоит еибашьра.
Ԥақәашь иаанхеит Џьамал Аԥшьлаа иҭаацәа. Усҟан уаҟа ахысра ӷәӷәа цон, даара ишәарҭан аангылара. Аҳаирплан Гәдоуҭаҟа иԥыруеит ҳәа ажәабжь анраҳа, зегьы агәыӷра роуит, издыруада ҳхәыҷқәа ҳзыхьчозар ҳәа. Ишьаарҵәыраны ирзыҟалаз амш атәы лгәаларшәо, Џьамал иԥшәмаԥҳәыс Асида Ԥачлиаԥҳа-Аԥшьлаа илҳәоит:
Кристина Ашәԥҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.12.2019
Арадио
Ашәԥҳа илгәалалыршәеит Лаҭа иҭахаз авертолиот иақәтәар шырҭахыз
"Санхәԥҳа Марина лыԥшәма Валериан Кәаӷәаниа, арациала сабхәында иҽимаданы иаиҳәеит рҭаацәа иманы Гәдоуҭаҟа дцарц игәы ишҭаикыз атәы. Сабхәындагьы дақәшаҳаҭхеит, агәра ргон зегьы еиқәхап ҳәа, рҭаацәа реиқәырхаразы ирылшоз зегьы ҟарҵон, аха сара ари ажәабжь ансаҳа, акы сцәа иалашәеит, сгәы нҭыԥсааит, зынӡа аԥырра мап ацәыскит," - ҳәа лҳәоит Асида.
Асида лхәыҷи лареи усҟан Баслахә иҟан. Амҩақәа макьаназы аӷацәа рнапаҵаҟа иҟамызт аҟынтә, Џьамал иӡбеит, иҭаацәа иманы иани иаби рбара Ԥақәашьҟа идәықәларц. Уи атәы лгәаларшәо, Асида илҳәоит:
"Ҳҽы кәадырны, ахәыҷы днақәыртәаны амҩа ҳнықәлеит, сгәы хыҭ-хыҭуан. Асы шьамхышәара ишьҭан. Ҳашнеиуаз амҩабжа, сацала Марина лхәыҷқәеи лареи рчамадан хәыҷы кны иааҳԥылеит. Азныказы саагәырӷьеит, издыруада даргьы Ԥақәашьҟа ицозар, ҳазегь ҳаицыҟазаап ҳәа, аха уи баша гәыӷразаарын. "Гәдоуҭаҟа шәдәықәысҵоит шәызегьы", - ҳәа ҳҿымҭра ааилаигеит сабхәында. Сара иаасымуит, ҟалашьа амаӡам, уашьа дыбжоуп, иаҳԥеиԥшу ҳаздыруам, ахәыҷқәагьы еицаҳбоит, шәымцан сшәыҳәоит шысҳәоз, иаарымуит. Ҳзықәтәаз ҳҽы ахәыҷқәа нақәыртәаны, аҳаираплан иагхар ҳәа ишәаны иаадырласит. Сацала дсыҳәеит ҳаргьы иаарласны Гәдоуҭаҟа ҳҩеирц, "џьарак ҳаицыҟалоит, Асида, сбыҳәоит", - ҳәа иахьа уажәраанӡа лыблақәа ирхыубаалоз агәыӷра сгәаҵа иҭыҵуам. Абас сацалеи сареи ҳшеибарҵәыуоз ҳнеидыҵит. Абри аҵыхәтәантәи наунагӡатәи ҳаиԥырҵра акәхеит. Издыруада, ҳмеиқәшәазҭгьы, ҳҽы рықәымшәазҭгьы, аҳаираплан иахьымӡазҭгьы ҳәа акыраамҭа ахәыцрақәа ҭаха сырҭомызт", - ҳәа лгәы дҭаҵәыуа лхәыцра хьанҭақәа ҳацеиҩылшеит Асида.
Погибшие в Латской трагедии Нателла Кобахия-Хашба с сыном и матерью - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2020
Лаҭатәи атрагедиа иалаблыз: Наҭелла Кобахьиа-Ҳашбеи шықәсык зхыҵуаз лхәыҷи
Сҭаацәа еиқәсырхоит ҳәа агәыӷра змаз аб, ихәыҷқәа аҽы инақәыртәаны, иԥшәма днаиваргыланы амҩа инықәлеит.
"Сабхәында ихәыҷы Денис аҳаирплан мчыла дҭадыртәеит. Иааимуит, ашәа "Бабаду" иҳәон, зегьы ирччазаап. Шьҭа аҳаирплан аԥырра аамҭа анааи, асаркьа ԥыҽны мчыла ирулак ахәыҷы дҭадыртәеит. Акы ицәа иалашәозшәа уамашәа иубаратәы ихы мҩаԥигон, ақәра хьымӡа ҳхәыҷы", - ҳәа лҳәоит Асида Ԥачлиа- Аԥшьлаа.
Алахьынҵа хлымӡаах иахыԥеит Асидеи, уи шықәсык зхыҵуаз лԥеи, имицыз лхәыҷи. Еиҳау мчык илыҵанаҳәазар акәхап аҳаираплан ақәтәара зынӡа мап ацәкра.
Сҭаацәа рзыҳәаны шьҭа сгәы ҭынчуп ҳәа Џьамбул иԥшәмеи ихәыҷи иманы имҩа инациҵеит.
ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2019
Зсахьаҵәҟьа нымхаз Елана: Лаҭатәи ахлымӡаах иалаӡыз асаби
"Сгәы сҭаҵәыуон, акы сеимнарххон. Аӡиас Аалӡга хышхыҵәаны ицон. Ҳзыруам, ахәыҷы дыскуп. Иҳаулак, ҳгәылацәа агырцәа ҳацырхрааны аӡы ҳарит", - ҳәа лгәалалыршәоит Асида.
Абас ишгәаҟуаз, ирулак рыҩнынӡа иҩеит. Ланхәеи лабхәеи аибашьцәа рымаҵ руан, рыфара рыжәтә иахьынӡарылшоз ирыцхраауан. Аха уаҟа аангылара даара ишәарҭан.
"Баслахә ҳанҩеи, санхәа исабжьылгеит аҩбатәи аихагыларахь сықәларц. Ахәыҷы даашьҭыхны уахь сыҩхалеит. Ацәашьы иахылҵуаз алашара рбазар акәхап, ақырҭцәа иааҟәымҵӡакәа аҩны аихсра иалагеит, аԥенџьырқәа зегьы ԥыххаа иқәырҵеит. Схәыҷы дысзеиқәкуам, аҵәыуара далагеит. Дысгәыдыҳәҳәаланы сыҽкасыжьит, санхәеи сабхәеи рахь иҿысҭит ихамларц. Анцәа иоуп акәымзар, схәыҷи сареи ҳшаанхаз атәы сыздыруам", - ҳәа лхәоит Асида.
Ианааша, Џьамал ииулак иԥшәмеи ихәыҷи Ԥақәашь иалганы, Баслахәҟа идәықәиҵеит. Аҳаирплан шҭахаз ажәабжь бааԥс амҩахь ираҳаит. Рҭагылазаашьа атәы аҳәара даара иуадаҩуп, ҭаацәарак ыҟаӡамызшәа иццышәхеит.
"Аҵыхәтәанынӡа агәра ҳгар ҳҭахымызт. Асиа ҳаԥхьон, ҳаиҭаԥхьон, аха акыр иҳахәозма, иҟалашаз ахлымӡаах ҟалахьан", - ҳәа лҳәоит Асида.
Агәырҩа имаз еиҳагьы ихон аибашьрахь ҭацәаарак зыцәҭахаз Џьамбул Аԥшьлаа. Аҵыхәтәанынӡа деибашьит, ианашьоуп Леон иорден. Иԥсы ҭанаҵы еснагь ихы иавибон урҭ рҭахара.
Марина Зарандиаԥҳаи уи лԥацәа Адгәыри Дениси - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2018
Инга Зарандиаԥҳа: Лаҭатәи ахлымӡаах - имӷьо сыхәра ауп
Мчыла еиқәсырхоит ҳәа сгәыӷны идәықәысҵеит, схы иавызбоит , саанызкылаша мчык шԥаҟамлеи усҟан, ҳәа еснагь иажәа иалан, лҳәоит Асида.
Аамҭа цон...Џьамбул имаз агәырҩа еилкааны ишидыруазгьы, иабхәа диҳәеит аҭаацәара ҿыц аԥиҵарц, мышкызны ахылҵ дҟалар, усҟан иҭахаз имаҭацәа реиԥш бзиа ишибало. Акыршықәса мап ацәикуан аҭаацәара ҿыц аԥҵара, аха аҵыхәтәаны дақәшаҳаҭхеит. Далалеит аҭаацәара, иит ҩыџьа арԥарцәа. Иҭахаз ихәыҷқәа рыхьыӡ иахыршланы Дениси Адгәыри рыхьӡиҵеит.
Ас еиԥш иҟоу арыцҳара хызҽуа мчы ҟалом, уи наунагӡатәи хьаауп, лаӷырӡышоуп, гәырҩоуп.
Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. Авертолиот анышьҭыԥраа 12 минуҭ рышьҭахь, асааҭ 17:30 рзы уи аамҭазы Қырҭтәылатәи архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз, 1900 метра аҳаракыраҿы иҭархан ақырҭуа ҳәынҭсовет аруаа ихаларҵаз аракета "Адгьыл-аҳауа" ала. Рыԥсқәа шҭаз амца иалаблит 87-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәа зтәымыз аҳәса.
Ажәабжьқәа зегьы
0