Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа аԥсыӡкра аамҭазы аӷбақәа ргәаҭара иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа аӷбақәа ргәаҭара аԥсыӡкра аамҭазы иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аинспекциеи аҳәаахчаҩцәеи агәаҭарақәа еицымҩаҧыргоит. Уи алҵшәақәа ртәы, насгьы аԥсыӡкразы аԥҟарақәа реилагареи атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
"Аилагарақәа рахьынтә еиҳарак иаҳԥыло аӷба аныҟәгаразы азин амамзаароуп. Ҳара иаразнак ашәахтә ылаҳҩаауеит, урҭгьы маҷӡам. Закәанла зышәагаа маҷу аӷбақәа рыдагьы, аӷба дуқәагьы гәаҳҭоит. Амшынтә баӷәаза иамаӡам ашәҟәынҵа, аӷбақәа зегьы ҳара ҳҟноуп иахьҭагалахо. Аԥсыӡ зкуа аӷбақәа ртәы ҳҳәозар, ҳтәыла иатәу ргәаҭаразы азин ҳамоуп, урҭ зегьы ҳрхылаԥшуеит, рхыԥхьаӡарагьы рацәам. Ҭырқәтәылатәи аӷбақәа даара ирацәахеит. Атәым ҳәынҭқарра иатәу аӷбақәа ҳара ҳҽы аҭагаларазы алшара ҳамам, аха иазыхиоуп ашәҟәы, Жәлар реизарахь аамҭала иаауа аӷбақәа ҳара ҳҿы иааны рыҽҭаргаларцаз. Хәышықәса раԥхьа агәаҭарақәа мҩаԥаагон Урыстәыла аҳәаахьчаҩцәеи ҳареи. Зны срыҳәеит ргәаҭара саладырхәырцаз. Аԥсыӡ ахьеизырго аҭыԥ аҿы ҳаннеи акамшьиа ҳәа акгьы сымбеит, егьырҭ аԥсыӡхкқәа ракәын иҟаз. Аекологцәа адырра анроу ашьҭахь аԥсыӡкра аԥҟарақәа ԥсахын. Аха ҳара иҳамаӡам азин аԥсыӡкра ахылаԥшра, ҳара аӷбақәа роуп игәаҳҭо, урҭ шәҟәыла еиқәшәоу еиқәшәаму ҭаҳҵаауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сабуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0