Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Мебониа: ЕгрыГЕС мышқәак рыҩнуҵҟа иаангылар ҟалоит

© Sputnik Томас Тхайцук Ингур ГЭС
Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Урыстәылаҟа аҳәара ҟанаҵеит алашара аиуразы, ЕгрыГЕС Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡыҩаӡара шәарҭаны иахьыҟоу азы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. ЕгрыГЕС фымш рынахыс иаагылар ҟалоит, Џьуартәи аӡеизакырҭа ашәарҭатә цәаҳәаҟынӡа инеины иҟоуп ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз ЕгрыГЕС адиректор хада Леван Мебониа.
Иара иажәаәқа рыла, иахьазы алашара ҳхы ишаҳархәои аҳауатә ҭагылазаашьақәеи ирҿырԥшны астанциа ианеиҳаха фымшҟа роуп аус аура ахьынӡалшо.
"Ақәа леир, иҟалап аҽа ҩба-хԥа мшы иачҳар. Уи акгьы аанагом. Урыстәылантәи алашара аиура ҳазыԥшуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Уажәы иҟоу аӡы Аԥсны мацара лашарала аиқәыршәара алшоит. Мебониа идыррақәа рыла ареспублика уахыки-ҽнаки рыла бжьаратәла 9,5-10 млн. кВт.с. ахы ианархәоит. Аӡы 425 метра аҩаӡараҿ иҟоуп. 7-8 метра аанхеит астанциа аангыларц.
Ишәарҭоу аҩаӡара мшаԥымзанӡа иаанхоит. Асыӡыҭра ианалаго ауп аҭагылазаашьа анҭышәынтәало.
Ԥхынҷкәын 15 азы адепутатцәа рԥылараан Аԥсны Урыстәылаҟа аҳәара ҟанаҵеит афымцалашара аиуразы ЕгрыГЕС, Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ашәарҭаратә лаҟәыраҿ аҟазаара иахҟьаны ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
ВЛ Тамыш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2021
Аԥсны
Аԥсны Урыстәылаҟа аҳәара ҟанаҵеит алашара аиуразы
"Алашара аиуразы иахәҭаны иҟоу ашәҟәқәа зегьы хиоуп. Иациижьҭеи ашәҟәы Урыстәыла аԥыза-министр Мишустин истол иқәуп. Иахәҭоу аӡбра аиуеит ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсны аенергокризис шыҟоу иаанхоит. Ацәаҳәақәа реидара иазҳаит 2020 шықәса иаҿырԥшны. Уи зыхҟьо ҳәа иҟоу амаинингқәа роуп. Аԥсны алашара аамҭа-аамҭала арцәаразы аамҭеихшара алагалоуп абҵарамза аахыс.
Аԥсны уаанӡагьы алашара иаҳәахьан. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы атарифқәа рҽырыԥсахуан 2,70 - 3,60 мааҭ киловатт-сааҭк азы. 2020 шықәсазы Аԥсны иаиуит 69,4 млн. кВт.с. 162 миллион мааҭ ауал ареспублика Аинвестпрограммаҟынтә ашәара агәҭакуп.
2020 шықәса ԥхынҷкәын инаркны 2021 шықәса лаҵарамзанӡа Аԥсны ахы ианархәеит миллиард кВт.с. алашараиура ахәԥса Аԥсны иадыԥхьаӡалам ҳәа лҳәеит уаанӡа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Ажәабжьқәа зегьы
0