Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Агәалашәара хьаауп": Лиудмила Тарнааԥҳа Гәдоуҭатәи арратә госпиталь аҟны лусура иазкны

© аҭаацәаратә архив аҟнытәЛиудмила Тарнааԥҳа
Лиудмила Тарнааԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан Гәдоуҭатәи арратә госпиталь ԥсеиқәырхагас ишыҟаз еиԥш агәыӷра ахьҿахҵәозгьы ҭыԥын. Арҭ аамҭа хьанҭақәа раан араҟа ҳақьымс иҟаз Лиудмила Павел-иԥҳа Тарнаа агәалашәара шылцәыуадаҩугьы хҭысқәак дырзааҭгылеит.
Лиудмила Тарнааԥҳа аԥсуаа рхатәы бызшәа анырҿырхуаз аамҭақәа дрылиааит аҟнытә дшыхәыҷыз аӷа илакҭа дҭаԥшхьан. Лаҳәшьеиҳабы Ларисеи лареи ақырҭуа школ иҭамлап ҳәа раб Павел Николаи-иԥеи, ран Надежда Шәлиман-иԥҳа Баирам-оӷлыи усҟантәи аамҭазы Гәдоуҭа араион аҵарадырра иахагылаз ақырҭқәеи дареи акырынтә еиҿыхахьан. Аҵыхәтәаны, рыԥҳацәа 9-10 шықәса анырхыҵ Бамборатәи абжьаратә школ иҭалартә еиԥш иҟалеит. Аӡӷабцәа акомҿар Еидгыла иалан. Ашколтә ԥсҭазаара активла иалахәын.
© аҭаацәаратә архив аҟнытәАиаҳәшьцәа Лиудмилеи Ларисеи Тарнааԥҳацәа
Аиаҳәшьцәа Лиудмилеи Ларисеи Тарнааԥҳацәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2021
Аиаҳәшьцәа Лиудмилеи Ларисеи Тарнааԥҳацәа
"Ҳара ҳхаан акомҿар Еидгыла алшарақәа рацәаны иаман. Исгәалашәоит зны, Мгәыӡырхәа, "Ахьтәы ҟәара" ҳәа иахьашьҭоу аԥсшьарҭа ҭыԥ аҟны атуристцәа андырҳәы, акомҿар Еидгыла араионтә комитет ахьӡала ацәгьоуцәа русӡбара сшалахәыз. Усҟантәи сықәгылара ахә зшьаз аиуристцәа исабжьаргеит ари ахырхарҭала азанааҭ алсхырц, аха сара амедицина акәын сгәы ззыҳәоз", - еиҭалҳәоит Лиудмила Тарнааԥҳа.
Абжьаратә школ ашьҭахь, Гәдоуҭатәи аԥҳәызба Қарҭ амедицинатә институт дҭаларц азы аԥышәарақәа алҭоит, аха аԥсуа ҿар зехьынџьара аԥынгылақәа рырҭон аҟнытә "ԥшьбак" лымоуп ҳәа дахҭнырҟьеит. Анаҩс Лиудмила Краснодартәи амедицинатә институт ахь ашәҟәқәа алалҵоит, аха араҟагьы уи аҩыза аҭагылазаашьа дақәшәоит. Агәаӷь зызҭаз аԥсуа ҭыԥҳа лгәы камыжькәа лгәахәтәы анагӡаразы дцоит Красноиарскҟа, иагьлықәҿиоит.
© аҭаацәаратә архив аҟнытәЛиудмила Тарнааԥҳа
Лиудмила Тарнааԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Лиудмила Тарнааԥҳа
"Красноиарсктәи амедицицнатә институт ахԥатәи акурс ашьҭахь алшара соуит Москваҟа аиасра. Уаҟа сҵара хсырқәшеит. Аҳақьымцәа ҿарацәа ҳанеихыршоз, сара Сибраҟа аусура сыршьҭырц акәын, аха уи аамҭазы саб дычмазҩхан, аҳәара ҟаҵаны Аԥсныҟа сааит", - лажәа иацылҵоит Лиудмила Павел-иԥҳа.
Аҳақьым қәыԥш раԥхьаӡакәны терапевтс аусура далагоит Гагра ақалақь, асанаториа "Колхида" аҟны. Жәашықәса рышьҭахь диасуеит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь, дрыдыркылоит аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩс.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Лиудмилеи гәыԥҩык лҩызцәеи араҟа иаанхоит. Уажәшьҭа арратә госпиталь ҳәа ишьақәгылаз амедицинатә усбарҭаҟны ҳаибашьцәа рыԥсҭазаара аиқәырхара рнапы ианылоит. Гәдоуҭатәи агоспиталь усҟан ҳақьым хадас дахагылан Оҭар Осиа. Лиудмила Павел-иԥҳа атәылахьчара аминистрраҟны иаԥҵаз амедицицнатә штаб алахәылаҩцәа дреиуан.
© аҭаацәаратә архив аҟнытәЛиудмила Тарнааԥҳаи, Оҭар Осиеи , Аполлон Гәыргәылиеи
Лиудмила Тарнааԥҳаи, Оҭар Осиеи , Аполлон Гәыргәылиеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Лиудмила Тарнааԥҳаи, Оҭар Осиеи , Аполлон Гәыргәылиеи
"Сара амедицинатә система аиқәыршәаҩс сыҟан. Рџьабаа ӷәӷәоуп исывагылаз Валери Аҩӡба, Лениа Ҭраԥшь, Жанна Нариан, Лиова Аргәын, Игорь Ҵышәба, саҭамыз зегьы рыхьӡ иаразнак иахьысгәаламшәо. Ҳнапаҿы меигӡарах амедицинатә маҭәашьарқәа абаҟагәышьаз. Ауаа ҳрылаланы ашьаршьафқәа еидаҳкылон, уажәы-уажәы иаҳзааргоз ахәцәа ирыҵаҳҵон, иԥҟаны рыхәрақәа аналаҿаҳҳәозгьы убарын. Аӷьараҳәа иҳадгылаз аҭыԥантәи анхацәа аказы мап ркуамызт, ахыхь ахәшә заҵәык ада рымамзаргьы уигьы еигӡомызт", - илгәалашәоит лара.
Агоспиталь аҿы убриаҟара аилауаҭырра ыҟан, аҳақьымцәа рхы рзышьҭымхуа ахәцәеи аԥсцәеи еилдыргон. Амедперсонал ахьазымхоз инамаданы амедеиҳәшьцәа аҳақьымцәа рроль нарыгӡар акәын, асанитаркацәа амедиеҳәшьцәа рус иадгылеит. Лиудмила Павел-иԥҳа агоспиталь изларылшо ала ацхыраара арҭап ҳәа иадылԥхьалеит усҟантәи аамҭазы 16-19 шықәса зхыҵуаз лыԥҳацәа Светеи Ирмеи.
Лиудмила Тарнааԥҳа лыԥҳацәа Светланеи Ирмеи Сыҷынааԥҳацәа
Лиудмила Тарнааԥҳа лыԥҳацәа Светланеи Ирмеи Сыҷынааԥҳацәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Лиудмила Тарнааԥҳа лыԥҳацәа Светланеи Ирмеи Сыҷынааԥҳацәа
"Агоспиталь аҟны ҽнак ахәы данаарымгоз ыҟамызт. Ашҭа 24 сааҭ уаала иҭәын. Аԥсышьҭаҵарҭа аҟынтәи ишьыз мамзаргьы ахәрақәа ирхырҟьаны зыԥсҭазаара иалҵуаз ҳаибашьцәа аныргоз, ргәакьацәа рыҵәаабжьы "адунеи арҵасуан" уҳәартә иҟан. Сыԥҳацәа излаԥшоз ахлымӡаах рыԥсихика ишаԥырхагахоз анызба ауадаҿы исыртәеит аҿаҳәагатә материалқәа рҭыԥ иқәырҵаларц, уигьы уск ҳәа иаҳҟәыркуан азы", - лажәа иацылҵоит аҳақьым.
Лиудмила Тарнааԥҳаи сареи ҳшеицәажәоз иаалырҟьаны еимаҭәаны аҵәыуара далагеит. Азнык азы иаасцәымыӷхеит, аха иаразнак лҽаалырӷәӷәан Лаҭатәи атрагедиа аӡбахә аацәырылгеит. Аԥсцәа Гәдоуҭаҟа ианаарга, Лиудмила ашьаршьаф илаҵаны аԥсышьҭаҵарҭахь иаазгоз дреиуан.

"Ахаан сгәы иҭымҵуа сахьоуп ишгәыдибакылаз еилаблыз ани асабии рыԥсыбаҩ. Ахәыҷы лхы лан лгәы иахькыдыз аҭыԥ аҟны лыхцәы шкәакәа ҽыҭк еиқәхеит. Уи нахыс егьараан аӡӷаб хыш хәыҷы слеиԥхыӡны сцәырҳаны сааԥшхьан", - илгәалашәоит аҳақьым.

Агоспиталь аҿы ахлымӡаах иалаԥшит марттәи ажәылара ашьҭахьгьы. Амедперсонал рхатәы хьаа еиԥш ирыдыркылон аибашьцәа рҭахара. "Усгьы напсыргәыҵак ҳаҟоуп, зынӡа ҳанҵәома" ҳәа рхы кны рҭаацәа ирыцҵәыуон.
"Ҳнапаҿы ҳаҷкәынцәа рыԥсы анырхыҵоз ҳабжа даргьы ирыцԥсон. Аха мчыла ҳцәаныррақәа ҳариааир акәын, избанзар егьырҭ еиқәырхатәын. Знапы ма зшьапы зцәыӡыз ҳуаҩыбжоуп анырҳәоз, иҭахаз шәҩызцәа ус иҳамандаз ҳәа раҳәаны аԥсҭазаара ргәаҳарԥхон", - лажәа иацылҵоит Лиудмила Павел-иԥҳа.
Вячеслав Аргун - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2020
Баша зыԥсҭазаара мҩамсуа: Гагра араион аҳақьым хада Виачеслав Аргәын иҭоурых
Гәдоуҭатәи арратә госпиталь аҿы ишьҭаз ҳахәцәа изларылшоз ала афатә ажәтә рзааргон анхацәа. Лиудмила лаҳәшьеиҳабы Лариса лнапы ҟазан. Лара илымаз аласа рахәыцқәа еидкыланы аҷкәынцәа амаҭәа рзылԥон. Сулҭан Сосналиевгьы арратә магә иаҵиҵоит ҳәа ҷыдала шьамхышәара инеиуа ақалԥадқәа ԥаны ҳамҭас илҭахьан.
"Агоспиталь аҿы аус зуаз амедперсонал, рҽеиҵыхны аиарҭа иагәылаиеит ҳәа сыҟам аибашьра цонаҵы. Ҭынчраамҭак иалагӡаны аҟәардәқәа еидыргыланы рхы нықәырҵон ауп", - лҳәоит Лиудмила Тарнааԥҳа.
Лиудмила Павел-иԥҳа иналаршә-ааларшәны аҩны днеины лхәыҷқәа лылаԥш нырхылгон. Ан лажәақәа рыла чак ӡык рымазар лгәы рҭынчны лус ахь дцон.
© аҭаацәаратә архив аҟнытәЛиудмила Тарнааԥҳа
Лиудмила Тарнааԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Лиудмила Тарнааԥҳа
"Кәытқәакгьы ҳашҭа иҭан, аха урҭ рахьтә акызаҵәык акәын иҵоз. Ахәыҷқәа акәытҵарахь ицашәа анырбалак игәырӷьаҵәа иԥшын икаркаруа ианҭыҵуа ҳәа. Рҩыџьегьы кәтаӷьк ӡны ирыздырхон. Иахьа ианысгәалашәо сгәы снархьуеит, аха усҟан ҳамлашьуазаргьы ҳаҷкәынцәа рыԥсы ҭандаз ҳәа ҳхәыцуан", - еиҭалҳәоит аҳақьым.
Аибашьра анцоз аамҭазы ӷәӷәала дычмазаҩхеит Лиудмила лыԥшәма Шутиа Сыҷынаа. Иара 1989 шықәсазы ақырҭқәеи аԥсуааи рыбжьара аиҿыхарақәа аныҟаз, иан Қарҭынтәи дәыӷбала дшааигоз ҳаӷацәеи иареи еиҿанагалеит. Убасҟан иоуз ааха иахылҿиааит акьыба чымазара. Шутиа аҳәаанхыҵ ахәшәтәра дахысыр акәын, аха уи аҩыза алшара абаҟагәышьаз. Гәдоуҭатәи аҳақьымцәа дԥырҟан аибашьцәа рганаҿы дышьҭан. Лиудмила лыԥшәмагьы аарла ишьапы дықәлыргылеит, аха иқәрахь днеиаанӡа ичымазара ҩаԥхьа аҽарцәгьан идунеи иԥсахит.
© аҭаацәаратә архив аҟнытәЛиудмила Тарнааԥҳаи лыԥшәма шутиа Сыҷынааи рыԥҳа Светланеи
Лиудмила Тарнааԥҳаи лыԥшәма шутиа Сыҷынааи рыԥҳа Светланеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Лиудмила Тарнааԥҳаи лыԥшәма шутиа Сыҷынааи рыԥҳа Светланеи
Лиудмила Тарнааԥҳа аибашьра аамҭазы илбаз аџьабаазы иланашьоуп "Агәымшәаразы" амедал, аха лара "ари лаӷырӡуп" ҳәа аныҟәгара лхы ахылбаауеит. Лхәыҷқәа лгәы иадҵаны лфото ҭыхны гәаларшәагас ирҵәахит акәымзар. Лиудмила лыԥҳацәа рыԥсҭазаара анцәа ишиҳәара ишьақәгылеит, Света декономистхеит, Ирма лан леиԥш иалылхит амедицина.
Лиудмила Павел-иԥҳа 1994 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭа директорс даман. "Зус бзиаӡаны иназыгӡо агәабзиарахьчара аусзуҩ" ҳәа ахьӡ ҳаракгьы лыхҵоуп.
© аҭаацәаратә архив аҟнытәЛиудмила Тарнааԥҳа
Лиудмила Тарнааԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2021
Лиудмила Тарнааԥҳа
Ажәабжьқәа зегьы
0